Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа раан игаз аиааира идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Милаҭрацәала еилоу аԥсуа жәлари хаҭала сара сыхьӡалеи урыстәылатәи ауаажәларратә хдырра аҩаӡара ҳаракы, адемократиатә принципқәа риааира адунеи ҩаԥхьа иазырбаз Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҿы Шәара аԥыжәара ду шәыманы ижәгаз аиааира шәыдысныҳәаларц сҭахуп.
Шәара ижәгаз аиааира – ари Урыстәыла мацара аиааира акәӡам, ари иҿыцу, ииашоу адунеиеиҿкаара ашьақәыргылараҿы Шәара шәылшамҭақәа жәларбжьаратәи азхаҵара зырҵабырго адунеитә еилазаара аиҳарак аиааира ауп. Агәра згоит, Шәара шәнапхгарала Урыстәыла иқәыргылоу ахықәкқәа рынагӡара шацҵахо, иҷыдоу арратә операциа аҿы аиааира агарагьы уахь иналаҵаны.
Аԥсны жәлар еицҿакны Шәара шәкандидатура адгылара арҭеит, уи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара иаҳзеиԥшу аҭоурыхтә, адоуҳатә, акультуратә хәдуқәа рыла ишьаҭарку имбго аиҩызаратәи аусеицуратәи аизыҟазаашьақәа шьақәнарӷәӷәоит.
Владимир Владимир-иԥа. Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Урыстәыла ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит ахирра, анасыԥ, аизҳазыӷьара, аҭынчреи аманшәалареи».