Ахәҭакахьала, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аиҩызаратә Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адгылара анаҭоит», – ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны атәылахьчаратә Хылаԥшырҭа иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.
18.Хәажәкыр.2024
Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аиҩызаратә Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адгылара шанаҭо азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра хәажәкырамза 17 рзы Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Арбџьармчқәа рганахьала аҭыԥ змаз аинцидент азы агәҭынчымра аанарԥшуеит.
«Хәажәкырамза 17 рзы Аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппарат ала Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Арбџьармчқәа иатәу атранспорттә ҵәиԥрыга Ми-8МТ аганахьала ажәылара мҩаԥган.