2000 - 2004 шш. адоктортә диссертациа аҩра аҽазыҟаҵаразы Ажәларқәа реиҩызара Ауниверситет жәларбжьаратәи аекономикатә еизыҟазаашьақәеи амакроекономикатә еиҿкаареи апланркреи ркафедрақәа рҿы анаукақәа рдоктор ҳәа ахьӡ аиуразы ақәыргылаҩны дыҟан.
Жәабранмза, 2009 шықәса рзы М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы «Государственное регулирование экономики в новых независимых республиках постсоветского пространства в условиях рыночной трансформации» атема ала адоктортә диссертациа ихьчеит.
Ԥхынҷкәынмза, 2009 шықәсазы Урыстәыла Иреиҳаӡоу Аттестациатә Комиссиа (ВАК) Заур Шьалашьаа ианаршьеит аекономикатә наукақәа рдоктор ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара.
2010 шықәса инаркны – ААУ апрофессор.
Заур Шьалашьаа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҩбатәи ааԥхьара (1996-2002 шш.) адепутатс дыҟан. Иара абиуџьети аекономикатә политикеи рзы апарламенттә Еилакы напхгара аиҭон. Уидравторуп хыԥхьаӡара рацәала азакәан апроектқәа, иара далахәын Аԥсны (2005 ш.) асоциал-економикатә ҿиара Аконцепциеи «Ареспублика Аԥсны 2025 шықәсанӡа асоциал-економикатә ҿиара Астратегииеи» аус рыдулара азы аусуатә гәыԥ (2014-2015 шш.).
Уи ашьҭахь Ауаажәларратә Палата далахәылан, аекономика ҿиаразы акомиссиа деиҳабын.
Заур Шьалашьаа Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы имҩаԥысуаз анаука-практикатә конфеенциақәа жәпакы рҿы анаукатә ажәахәқәа ҟаҵо дықәгылахьан, аҭҵаарадырратә усумҭақәа 120 дравторуп.
Цәыббрамза, 2011 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсабарадырра Академиа (РАЕ) Апрезидиум аӡбамҭала, атәылантәи аҵарадырра аҿиара аҿы илагалақәа рзы «Золотая кафедра России» ҳәа адиплом ианашьахеит.
Рашәарамза, 2013 шықәса рзы Европатәи анаука-ааглыхратә консорциум аҳамҭақәа рзы акомиссиа аӡбамҭа ала адунеизегьтәи аилазаарала иазхаҵоу анаукаи аҵарадырреи рырҿиара аҿы илагала азы ианашьахеит Аорден «Labore et Scientia – Аџьеи адыррақәеи рыла».
2014 шықәсазы Аԥсны анаукақәа Ракадемиа алахәылас далырхит.
Лаҵарамза, 2017 шықәсазы Аԥсны анаукақәа Ракадемиа» иатәу Аҳәынҭқарратә наукатә усбарҭа «Аекономикеи азини Ринститут» адиректорс далырхит.
Жьҭаарамза, 2017 шықәсазы Урыстәыла Аԥсабарадырра Академиа ала алахәыла-акорреспондент ҳәа аҵарадырратә ҩаӡара ианашьан.
Абҵарамза, 2019 шықәсазы Аԥсны анаукақәа Ракадемиа иҵабыргу алахәылас далырхит.
Заур Шьалашьаа — Аҟәатәи иаарту аинститут ашьаҭыркҩцәа дыруаӡәкуп.
Заур Шьалашьаа — 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп, усҟан иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы «Агәымшәаразы» амедал, иара убас «Аибашьҩы гәымшәа», «Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 20 - шықәса ахыҵра» ҳәа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра амедалқәа ианашьоуп.