АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә усбарҭа Хада  анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, аполициа аинрал-маиор Андреи Шьуров напхгара зиҭо аделегациа идикылеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аганқәа аусеилыргаратә усбарҭақәеи аӡбарҭақәеи  рҟынтәи зҽызӡо ахаҿқәа рыԥшааразы аусеицура азҵаарақәеи анаҩстәи аусеицуразы азԥхьагәаҭарақәеи ирылацәажәеит, иара убас ашьаусԥшаратә ҟәшеиҵақәа изаамҭанытәиу русеицура алҵшәақәа ахәшьара бзиа арҭеит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь Шьамтәыла атәылауаҩ Амер Халил иганахьала амедицинатә ҟазшьа змоу адцаларатә унагӡатәқәа рымҩаԥгара азы ашьаусеилыргара дәықәнаҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Амер Халил Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 2, апункт «д» (гәҭакыла иҷыдоу агәымбылџьбарарала инагӡаз ауаҩшьра) азы ахара идҵоуп.

Акомплектә ӡбаратә психолога-психиатриатә експертиза алкаа инақәыршәаны, Амер Халил уаанӡа еиԥш уажәгьы илаҽу апсихиатриатә чымазара ихьуеит, убри аҟнытә иара иҟаиҵои ииуеи дақәымшәо дыҟоуп. Убри инамаданы иара  иаикәыршаны иҟоу ауаа рзы акыр дшәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа (ЮРПА) XXXIX Аконференциа алахәылацәа ақьоуқьад ԥсыӡхкы аԥшқарах Волга аӡиас ахь иоурыжьҭит.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи аконференциа ахь иааз апарламенттә делегациақәа рнапхгаҩцәа  дрыцны убасҵҟьа ари аекологиатә акциа ихы алаирхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа (ЮРПА) XXXIX Аконференциа алахәылацәа ақьоуқьад ԥсыӡхкы аԥшқарах Волга аӡиас ахь иоурыжьҭит.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи аконференциа ахь иааз апарламенттә делегациақәа рнапхгаҩцәа  дрыцны убасҵҟьа ари аекологиатә акциа ихы алаирхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа 97-шықәса ихыҵра азгәеиҭоит аԥснытәи ашьапылампыл ааӡамҭа, илегендатәу аспортсмен, зыхьӡ нагоу азыҟаҵаҩ, аклуб «Спартак» аҭоурых аҿы иреиӷьу абомбардир, Асовет Еидгыла ачемпион, Урыстәылатәи ашьапылампылтә еидгыла апрезидент ихаҭыԥуаҩ Никита Симониан.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныҟа иааит Башириантәи атуристцәа ргәыԥ. Ареспублика Башкортосҭанынтәи иааз  абыргцәа рзы апроект «Башкириатәи ашықәснҵыра ду» Атуризм» агеографиа арҭбаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа аԥышәаратә тур еиҿкаахеит.

Аилыркааратә тур  46-ҩык рыла еилоу агәыԥ рзы амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.  

Аԥсны рыҟазаара хәымш ирылагӡаны Башкириантәи «араӡнытә» туристцәа  иаҭаараны иҟоуп аӡиа Риҵа, Сталин идача, Афон Ҿыц аҭыԥԥшӡарақәа рбоит, иара убас, жәаҳәарада Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы рыԥсы ршьараны иҟоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа експортла ацитрустә шәырқәа раԥхьатәи апартиақәа рдәықәҵара иалагеит 2023 шықәса, цәыббрамза анҵәамҭазы.  Усҟан мацара ииаган 3 кьылак рҟынӡа инаӡо ахкқәа.  

Жьҭаарамза 7 инаркны еиҳа идуу апартиақәа рдәықәҵара иалагеит. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы адыррақәа рыла, иахьазы Урыстәылаҟа експорт ҳасабла идәықәҵоуп  8 101 кьыла амандарин.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа 97-шықәса ихыҵра азгәеиҭоит аԥснытәи ашьапылампыл ааӡамҭа, илегендатәу аспортсмен, зыхьӡ нагоу азыҟаҵаҩ, аклуб «Спартак» аҭоурых аҿы иреиӷьу абомбардир, Асовет Еидгыла ачемпион, Урыстәылатәи ашьапылампылтә еидгыла апрезидент ихаҭыԥуаҩ Никита Симониан.

«Ҳара ҳидныҳәалоит ашьапылампыл зыԥсы ҭоу алегенда, изеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, иусураҿы аихьӡара дуқәеи ақәҿиарақәеи!» -  ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб «Аԥсны атәылауаа жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза, 2023 шықәсазы арратә уалԥшьа анагӡарахь ааԥхьара рыҭара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Аԥыза-министр иқәҵара инақәыршәаны, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҭакԥхықәра адуп: - жьҭаараза-ԥхынҷкәынмза, 2023 шықәсазы  Аԥсны атәылауаа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә уалԥшьа анагӡаразы ааԥхьара амҩаԥгара алыршара;

- арратә маҵзура ахь ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азеиԥш напхгараҭареи ахылаԥшреи рыҭара;

арратә уалԥшьа ахь ааԥхьара ахыркәшара арыцхә инаркны  15-мшы ирылагӡаны жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза,  2023 шықәа рзы арратә уалԥшьа анагӡаразы ааԥхьара амҩаԥысразы аихшьаалақәа ирыдҳәалоу аинформациа аминистрцәа Реилазаара ахь анашьҭра  алыршазароуп.  

Аҟәа ақалақьи араионқәеи рхадарақәа ԥхықәраны ирыдуп:

- Лаҵарамза 6, 2014 шықәсазы ирыдыркылаз  «Арратә ҭакԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан No3498-c-V инақәыршәаны, ааԥхьаратә комиссиақәа раԥҵара;

- ааԥхьаратә комиссиақәа иахәҭоу атерриториа, ауадақәеи амазареи атранспорти абылтәи-ахьшьтәи рыла еиқәыршәазароуп, иара убас  арра ирго ареспубликатә аизгаратә пункт рахь рнагара алыршазароуп;

- ақыҭақәеи апаселкақәеи рхадацәеи егьырҭ арра-зыҟаҵаратә усура азы аҭакԥхықәра зду ахаҿқәеи арра иргараны иҟоу араионтә ааԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақалақь ааԥхьаратә комиссиеи реилатәарақәа рахь рнеира алыршара азы аҭакԥхықәра рыдҵоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иаԥхықәроуп:

- Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә уалԥшьа анагӡаразы ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы ареспубликатә, араионтә ааԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақалақь ааԥхьаратә комиссиеи реилазаарақәа ирылагалазароуп ахылаԥшырҭа ахаҭаранакцәа;

- арратә уалԥшьа анагӡара иацәхьаҵуа ахаҿқәа рыԥшаара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара алыршазароуп.

Агәабзиарахьчара Аминистрра иаԥхықәроуп:

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра аныҟалалак ашьҭахь  ареспублика иаҭаарц зҭаху Башкортоҭантәи атуристцәа рхыԥхьаӡара акыр ишацло.  

«Сара ус ишыҟало азы агәра ганы сыҟоуп. Ҳара ҳҳаирбаӷәаза излауо ала ирласны аартра алыршазарц ҳҭахуп. Сгәыӷуеит, уи аартра ашьҭахь хара имгакәа Уфеи Аҟәеи ишиашо еимаздо авиареисқәа шыҟало», - ҳәа агентра «Башинформ» аҟынтәи азҵаара аҭак ҟаҵо иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.