«Ҳара ацәгьоурақәа рзы иҳауа адыррақәа зегьы зыԥшра ҟамҵакәа азхьаԥшра аҳҭоит, ауааԥсыра ҳрыҳәоит ацәгьара аныҟала азы иаразнак адырра ҳарҭаларц, аоператив-ԥшааратәи апрофилактикатәи аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан ацхыраара ҳарҭаларц азы. Избан акәзар ауааԥсыра рҟынтәи агәрагареи аусеицуреи азинеиҿкаара аусбарҭақәа русура акыр хра злоу анырра анаҭоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Мураҭ Гәылариа.
19.Хәажәкыр.2024
Мураҭ Гәылариа: Аҟәа ақалақь аҿы акриминогентә ҭагылазаашьа аиӷьхара иаҿуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аоперативтә ҟәшеиҵақәа русзуҩцәа аҳҭнықалақь аҿы ацәгоурақәа рыԥхьырҟәҟәаареи азинеиҿкаара ашьақәыргылареи рзы ирӷәӷәоу ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
Аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, акриминагентә милициа анапхгаҩы Мураҭ Гәылариа иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь аҿы акриминагентә ҭагылазаашьа аиӷьхара иаҿуп, уи, жәаҳәарада, аоператив-профилактикатә усура иалҵшәаны иҟалеит.