
pressadmin-2
Гагра ақалақь аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ркомитетқәа реилатәара мҩаԥысит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 20 рзы Гагра ақалақь аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ркомитетқәа реилатәара мҩаԥысит.
Аиԥылара аихшьаалақәа рыла, аганқәа аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ркомитетқәа аилатәара апкаанҵа рнапы аҵарҩит. Уи инақәыршәаны, анаҩстәи анапхгарабжьаратәи аусура рконсолидациа алнаршоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
2024 шықәсазы афымцадәыӷба «Ласточка» Аҟәанӡа иныҟәалоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәсазы, уажәы Шәчеи Гагреи ирыбжьоу афымцадәыӷба «Ласточка» Аҟәанӡагьы иныҟәалоит. Абри азы жьҭаарамза 19 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Уи азы Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџьи Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥснытәи Аихамҩа» ахархәагақәеи рҟынтәи афинансқәа Гәдоуҭатәи авокзал, аплатформа «Ԥсырцха», Аҟәатәи авокзал азганк реиҭашьақәыргыларазы иазоужьхоит.
Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, 2026 шықәса аламҭалазы афымцадәыӷба «Ласточка» Очамчыранӡа аныҟәара алыршара азԥхьагәаҭоуп.
«Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Китаи имҩаԥысуаз «Жәларбжьаратәи афорум «Один пояс, один путь» аҿы дызлацәажәоз, Мурманск инаркны Иран аҟынӡа «еиԥшьырҭадоу» аихамҩатә еимадаразы «иаку атраспорттә логистикатә каркас» ҳәа изышьҭоу аинфраструктуратә проект Аԥсны залахәхома ҳәа ажурналист иҟаиҵаз изҵаара аҭак ҟаҵо, Аслан Бжьаниа, макьаназы уи азы иарбанызаалак аӡбамҭақәа ыҟаӡам, аха уи жәаҳәарада ареспублика аинтересқәа ирықәшәо иҟаларын ҳәа иазгәеиҭеит.
250 млн. мааҭ инареиҳаны иазоужьхеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи разгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ры
Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи разгәаҭара иазку еиуеиԥшым аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы 250 млн. мааҭ инареиҳаны иазоужьхеит. Абри азы жьҭаарамза 19 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
«Иҳаҩсыз ашықәс азы ҳара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭаразы акомиссиа аԥаҳҵеит. Ари акомиссиа ҩажәи быжьба еилатәара мҩаԥнагеит, уи аусура алҵшәа шәара ижәбарц шәылшеит аусмҩаԥгатәқәа шымҩаԥысыз ала. Иазгәаҭатәуп, иазԥхьагәаҭаз аусмҩаԥгатәқәа рыхәҭак ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны анагӡара алыршахоит. Иааизакны аусмҩаԥгатәқәа рбиуџьет 250 млн. мааҭ иреиҳахеит», – ҳәа иҳәеит иара.
Аиубилеитә рыцхәқәа раламҭалазы аобиектқәа жәпакы рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал, ақыҭақәа Анхәа, Приморское рҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рбаҟақәа рреконструкциа, Ҷлоу, Аӡҩыбжьа, Маркәыла, Кындыӷ ақыҭақәа рҿы аибашьцәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргылара, Ешыра ақыҭан аибашьцәа рбаҟа аргылара. Ақыҭақәа Хәаԥ, Жәандәрыԥшь иҟоу абаҟақәа реиҭашьақәыргылара макьаназы ихыркәшаӡам.
Аслан Бжьаниа: Аԥсны атуристтә бизнес ду абизнес маҷ иаԥырхаганы иҟаӡам.
Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Атуристтә бизнес ду абинес маҷ иаԥырхагоуп ҳәа иҟоу агәаанагара акала ишьаҭаркым. Хыԥхьаӡара рацәала ауаа идуум асасааирҭа ҩнқәа гәахәарыла ирҭаалоит. Иарбан тауарзаалакгьы ахатәы аахәаҩ дамоуп». Абри азы жьҭаарамза 19 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭақарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы активла зыргылареи зеиҭашьақәыргылареи мҩаԥганы аусура иаладырго атуристтә обиект дуқәа абизнес маҷ иаԥырхагаӡами ҳәа ажурналист изҵаара аҭак ҟаҵо, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:
«Шәара ижәдыруама иахьа Шәача ақалақь иаднакыло атуристцәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо атәы? Араҟа иҟоу атуристтә обиект дуӡӡақәа рнаҩсгьы ихәыҷу асасааирҭатә ҩнқәагьы ыҟоуп, ауадақәагьы қьырала ирырҭоит. Иаагозар, Шәача иҳаҩсыз ашықәс азы иаднакылаз атуристцәа рхыԥхьаӡара 7,2 милион-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ижәдыруама ҳара шаҟаҩы атуристцәа ҳадаҳкыло? Ҳазҭоу ашықәс атуристтә аамҭахәҭа аихшьаалақәа рыла, иҳадаҳкылар ҟалап 600 нызықьҩык, арахь иаҵанакӡом мышкыҳәа ҳтәыла иаҭааз. Ҳара иҳамоуп ҳхы зқәаҳкыша. Ҳотель хәыҷқәа зегьы аԥхынразы иҭәын. Ҳара иҳамаӡам зыхәԥса ҳараку аелитатә отельқәа рсегмент, убри ауп аиҳарак аус злоу», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа: Очамчыратәи амшынтә баӷәаза аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Арра-мшынтә Флот аӷбақәа рбаза ашьақәыргылара Аԥсны аинтерессқәа ирықәшәоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыратәи амшынтә баӷәаза аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Арра-мшынтә Флот аӷбақәа рбаза ашьақәыргылара Аԥсны аинтерессқәа ирықәшәоит. Абри азы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Уи Аԥсны анапхгара атәыла ахьчаралшара арӷәӷәара ахшыҩзышьҭа ду анаҭоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Уи азы аԥаратә хархәагақәа маҷымкәа иаҭахуп, ҳара уи аԥшаара ҳҽазаҳшәоит. Ҳара ҳзы адгылара ҳазҭо атәыла иааннакыло апозициа акыр аанагоит, убри аҟнытә иареи ҳареи иаку афронтла аус аауеит. Арҭ азҵаарақәа ҳҳәынҭқарбжьаратәи аимадарақәа рымшхәаԥштә зҵаарақәаны иҟоуп. Ҳара уи есымша ҳазхәыцуеит», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа: Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ԥыхьатәи ахыбра аганахьала изеиԥшразаалак аӡбамҭақәа макьаназы ирыдырымкылаӡацт.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла анапхгара Ахақәиҭра Ашҭаҿы игылоу аминистрцәа Рхеилак иблыз ԥыхьатәи ахыбра ала изеиԥшразаалак аӡбамҭа рыдыркылаанӡа Аҟәа ауааԥсыра ирызҵаауеит. Абри азы аԥшьаша, жьҭаарамза 19 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Ахақәиҭра Ашҭаҿы игылоу анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аиҭашьақәыргылара азы ҩ-миллиард мааҭ инарзынаԥшуа иаҭаххашт.
«Уи еиԥш аԥара аҳәынҭқарраҿы иҟаӡам. Насгьы аҳәынҭаппарат ас еиԥш идуу ахыбраҿы артәарагьы хымԥадатәны иҟам», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Уи иара убас иажәа иацҵо, ХХ ашәышықәса алагамҭа, 80-тә ашықәсқәа рзы ари ахыбра андыргылоз аамҭазы уи еиҳа идуу ауааԥсыреи анапхгаратә аҳәынҭаппарати ирызкын ҳәа иазгәеиҭеит.
Аслан Бжьаниа, Аԥсны аминистрцәа Рхеилак ԥыхьатәи ахыбра аҭыԥан афункциарацәа змоу акомплекс аргылара иазинтересу аинвесторцәа ыҟоуп ҳәа иҳәеит. Уи зыхәҭак асасааирҭатә номерқәа ирзоужьхо аофистә хыбраны иҟалар ауеит.
Аслан Бжьаниа ҩ-сааҭк инареиҳаны ажурналистцәа дрыҿцәажәон.
Аҟәа.. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҩ-сааҭк инареиҳаны имҩаԥысуан аԥшьаша, жьҭаарамза 19 рзы еиҿкааз Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа.
Аҳәынҭқарра Ахада, аобиективтә ҭагылазаашьақәа ирыдҳәаланы, акыр игәылҭәаау аусуратә график иахҟьаны, уажәаԥхьа ажурналистцәа рԥылара залмыршахеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Уи амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа ажәа риҭеит аринахыс иареи дареи реиԥыларақәа еиҳа лассы-лассы ишымҩаԥгахало.
Аԥсны иаатит зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы XI Жәларбжьаратәи атурнир.
Аҟәа. Жьҭарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы, жьҭаарамза 19 рзы зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы XI Жәларбжьаратәи атурнир аартра ацеремониа мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәраны иҟоуп зынӡа хә-командак: Аԥсны, Чечентәыла, Барнаул, Кемерово, Владикавказ рҟынтәи командак-командак. Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы. Актәи ахәмарра уаҵәы, жьҭаарамза 20 рзы имҩаԥгахоит.
Атурнир аартра ашьапылампыласыҩцәа ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аолимпиатә комитет ахантәаҩы Валери Аршба.
«Сара бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит зегьы амра тәыла Аԥсны. Ҳара абар шьҭа жәеизантәиуп ас еиԥш идуу, даара хра злоу ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥаҳгоижьҭеи. Идуӡӡаны иҭабуп уи шәхы ахьалашәырхәуа. Зегьы агәабзиареи анасыԥи шәзеиӷьасшьоит», ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсни Никарагууеи рхаҭарнакцәа онлаин режим ала аҩ-ҳәынҭқаррак рыспорт аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Никарагууеи рхаҭарнакцәа онлаин режим ала реиԥылара мҩаԥысит жьҭаарамза 18 рзы Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы. Аԥсны аганахьала аиԥылара рхы аладырхәит ашахматқәеи анапылампыли рфедерациақәа рыпрезидентцәа Контантин Ҭыжәбеи Аслан Ҭырқьбеи; Никарагуа аганахьала – Никарагуатәи аспорт Аинститут ахаҭарнакцәа Фредди Араика, Алексис Аргуелио ихьӡ зху Аспорттә Еиҿкаара ахаҭарнакцәа Даниель Секеиреи Паола Гутиерресии, аспорт ахкқәа рзы афедерациақәа рхаҭарнакцәа.
Даӷьсҭантәи аилазаара арԥхарҭақәа актәи апартиа Аԥсныҟа аагара еиҿнакааит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Даӷьсҭантәи Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Нива гринхаузис» Аԥсныҟа иаанагеит арԥхарҭақәа актәи апартиа, ҳәа аилазаара анапхгаҩы хада Умар Мусаев иажәақәа рахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Агентра «РБК Кавказ».
Уи иажәақәа рыла, актәи аԥышәатә партиа аконтрактә ахәԥса 1 млн. мааҭ иреиҳауп.