АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза анҵәаҭа инаркны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа експорт ҳасабла идәықәҵахеит:  

– 592 920 кьыла амандарина;

– 3 кьыла апельсинқәа, 38 313 кьыла алимонқәа;

– 132 742 кьыла афеихоа;

– 13 585 кьыла ахәырма.

2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Аԥснытәи иалганы идәықәҵахеит 161 092 кьыла амандарина, 2021 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы – 404 870 кьыла, ҳәа Аԥныпресс акоррепондент иҿцәажәо адырра ҟарҵеит  Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҿы.   

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 23 инаркны 26  рҟынӡа Уфа ақалақь аҿы имҩаԥысуан III Жәларбжьаратәи аетнотуризм азы афорум мҩаԥысуан. Уи рхы аладырхәит Белоруссиа, Аԥсны,  Урыстәыла 50 регион инареиҳаны рҟынтәи атуристтә усхкы ахаҭарнакцәа.

Аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркааит Башкортостан атуризми аусдкылареи Рминистрреи  Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаара «Ареспублика Башкортосҭан атуризм аҿиара Ацентри».

Афорум апрограмма  иарбан апленартә еилатәарақәа, астол гьежьқәа, арҿиаратә мастер-классқәа, апрезентациақәа, аекскуриақәа, ацәыргақәҵатә плошьадкақәа, аетноӡыргарақәа.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 26,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза  1 инаркны жьҭаарамза 21, 2023 шықәсанӡа Г. Смыр ихьӡ зху  Афон Ҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 369 795-ҩык, афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  258 856 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.  

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк ажьырныҳәамза 1 инаркны жьҭаарамза 21 аҟынӡа иаҭааз рхыԥхьаӡара  550 718-ҩык рҟынӡа инаӡоит, убри аан афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵлыҵ 366 млн. 179 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, жьҭаарамза  26 рзы.

Апарламент аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аилак алахәылацәа ақәҵарақәа апроектқәа ԥшьба ирыхәаԥшит. Убас:

«Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Гермес Трейд» асанатор-курорттә ҟазшьа змоу ахыбра аргылара азы  есымшатәи ахархәаразы  Ешыра ақыҭан 2,4 гектарк рҟынӡа инаӡо адгьылтә хәҭа аҭаразы Аҟәа араион Ахадара ажәалагала ақәшаҳаҭра азы»;

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 25 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысыз иҷыдоу анапынҵақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ,   I акласс абжьгаҩ, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ртеориеи аҭоурыхи ркафедра арҵаҩы Адгәыр Чегиа игәалашәаратә хәылԥазы иаҭааит.

ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, иара иҿы аҵара зҵоз ԥыхьатәи астудентцәеи шықәсырацәа инеиԥынкыланы аус зциуаз иколлегацәеи Адгәыр Чегиа жәа ҟәандала дыргәаладыршәеит.  

Агәалашәаратә хәылԥазы амодератор иаҳасабала дықәгылеит афилологиатә наукақәа рдоктор, ажурналистика акафедра апрофессор Екатерина Бебиа. Лара Адгәыр Чегиа иԥсҭазаара, изанааҭтә усура, иҟазара далацәажәеит, аԥсуа дипломатиа аҿы илагалақәа азгәалҭеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 26 рзы аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы «Аинвестициатә усура азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» Азакәан апроект иахәаԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.

Иарбоу азҵаара ахәаԥшра рхы аладырхәит Апарламент Аиҳабы Лаша Ашба, адепутатцәа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Миквабиа. Инарҭбаау аилатәара мҩаԥигеит аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Бадрик Ԥлиа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Лӡаа ақыҭан, Речнаиа амҩала игылоу ҩ-еихакылак змоу аҩны амца акит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Амцакра шыҟалаз азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь иҟалеит 10 сааҭи 15 минуҭи рзы.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ахысырҭатә дәы Ҵабал имҩаԥысуаз акомандаҟаҵара-штабтә зыҟаҵарақәа ахыркәшаратә ахԥатәи аетап амҩаԥысшьа гәеиҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.   

Арратә зыҟаҵарақәа рхы аладырхәуеит 6-тә́и, 7-тәи ахысратә бригадақәеи ирласны анырразы аҟәшеиҵақәеи.

Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада анапхгаҩы, аинрал-леитенант Владимир Савченко Аҳәынҭқарра Ахада иарбоу арратә зыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоу атәы изеиҭеиҳәеит.  

Амобилизациатә ҽазыҟаҵарақәа иалахәуп арратә авиациа (арратә ҳаирпланқәеи аҵәиԥрыгақәеи), аԥырҩы дзықәтәам аппаратқәа,  акәылӡтанктә ҟәшеиҵақәа, ареактивтәи агәыцәтәи артиллериа, аминоршәгақәа.  

Арратә ҽазыҟаҵарақәа раан атактикатә ҳаиртә десант аҵәиԥрыгақәа рыла  рыртәара мҩаԥган, ажәыларатә гәыԥқәа арратә хыдҵақәа нарыгӡон.

Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥгаз арратә усмҩаԥгатәқәа ахәшьа ҳарак аиҭеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 1 инаркны абҵарамза 3, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы II Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи  аҵарадырратә цәыргақәҵа  мҩаԥысраны иҟоуп.  Уи мҩаԥгахоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны аҵара Аминистрреи.

Ацәыргақәҵа ахықәкы хаданы иҟоуп иреиҳаӡоу аҵараиура аганахьала аихьӡарақәа рдемонстрациеи урыстәылатәи аҵаратә программақәа рахь ауаажәларра ринтерес азцәырҵреи, Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иаку аинформациатә ҵарадырратә ҵакыра аԥҵара, урыстәылатәи аԥснытәи аҵараиурҭатә еиҿкаарақәа рыбжьара аусуратә контактқәа рышьақәыргылара, иара убас ашколқәеи аҵараиурҭақәеи Урыстәылатәи Афедерациа аҵаратә усхкы аҿы иҟоу ихадоу ахырхарҭақәеи аҭагылазаашьақәеи деилыркаара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа ЦСКА аҳәса ршьапылампыл аклуб ахәмарҩы, Урыстәыла Ахраҿа згаз ачемпионка, хылҵышьҭрала иаԥсыуоу Ельвира Ҭодуа дидикылеит.

Алхас Кәыҵниа Ельвира Ҭодуа аспорттә кариера аҿы аихьӡара ду лыдиныҳәалеит, аринахысгьы ақәҿиарақәеи аманшәалареи лзеиӷьаишьеит.

Жьҭаарамза 15 рзы имҩаԥысит аҳәса ршьапылампыл азы Урыстәыла Ахраҿа агаразы афиналтә матч мҩаԥысит. Аматч аҿы ЦСКА акомандеи «Зенит» акомандеи еиԥылеит. Ари ахәмарра аҿы асчиот 4:1 ҳәа аиааира агеит  ЦСКА акоманда. ЦСКА акоманда азы ари инеиԥынкыланы ҩынттәи аиааира ауп, аклуб аҭоурых аҿы уи хынттәи иааираны иҟоуп.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.