АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа апленартә еилатәара аҿы лаҵарамза 28,  2012 рзы «Атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра» аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа аратификациа азы азакәан адкылара иақәшаҳаҭхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа рсоциалтә гарантиақәеи аматериал-техникатәи уалафахәылеи реиқәыршәара хәҭа-хәҭалатәи ацҵара азы» жьҭаарамза 23, 2020 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ахь апкаанҵа аратификациа азыруит.  

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан  Бжьаниа Иусҧҟала  Џь.Е. Нанба Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

 

Аусԥҟаҿы иҳәоуп:

 

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс  дҟаҵазааит Нанба Џьансыхә Едуард-иԥа».

 

Аусԥҟа анапы аҵаҩуп 2023шықәса, абҵарамза 1 азы.

 

Аҟәа. Абҵарамза 02,2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара Аԥыза-министр Актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба дыдирдырит.

«Иацы сара Аусԥҟақәа ҩба снапы рыҵазҩит. Актәи Аусԥҟа  Аԥыза-аминистр актәи  ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа хатәгәаԥхарала имаҵзура ааныжьра иазкуп. Исҭахуп  иҭабуп ҳәа иасҳәарц.  Ҳара ҳкомандаҟны ақыҭанхамҩа аминистрс дынхоит. Аҩбатәи Аусԥҟа Џьансыхә Нанба Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵара иазкуп. Ари ауаҩ шәара ибзианы дыжәдыруеит. Агәыӷра сымоуп, арҭ акадртә ҽыԥсахрақәа аиҳабыра русура аритм иаԥырхагахарым, рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбара иахәап ҳәа»,- иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Аҟәа. Абҵарамза 02, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Аҟәа ақалақь аҟны аусуратә ныҟәарақәа мҩаԥигеит. Аныҟәарақәа ирылахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҟәа ақалақь Администрациа Ахада Беслан Ешба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада Арӡынба имҩаду аҟны Агәмааи Титовеи амҩақәа еимадзо аҭыԥқәа рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо гәеиҭеит.

Беслан Ешба арҭ амҩадукәа рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ақалақь Администрациа ахарџь ала ишцо, ашықәс анҵәамҭазы иагьшхыркәшахо атәы иҳәеит.  «Амҩа даара аҭагылазаашьа бааԥсын. Ауаа рацәаҩны инхоит, иԥҽыз амҩа иҭамҳарц азы амҩа иахыкәшан ицалар акәын»,- ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.

Иара убас, аҳҭнықалақь ахада иҟаиҵаз адыррақәа рыла, арҿыцратә усурақәа анцоз аамҭазы аӡӡымҩангара шәырақәа ԥсахын, ари аусурахкы иартәеит 38 млн.мааҭ. «Аԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоуп - амҩа акаҭран ақәырҭәара, уи иақәхарџьтәхоит 15-18 млн.мааҭ. Аԥара ҳамоуп. Ацрыӡмҩангара иадҳәалаз аус цәгьан, аус аԥырхага азҭоз аҭыбгарақәа рацәан», - ҳәа иҳәеит иара. Беслан Ешба ԥхынгәымзазы излагаз аусурақәа  жәамш рыла ишхыркәшахо иҳәеит.

Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада ибеит Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҟны имҩаԥысуа аусурақәа. Аусурақәа рымҩаԥысшьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит Беслан Ешба. «Индоевропатәи ателеграф 12 ҭоурыхтә шьаҟа ареставрациа рзаҳуит. Иаарласны 80 цыра атәарҭақәа  ҳаргылоит», - ҳәа иҳәеит Аҟәа Администрациа Ахада.

Амуниципалтә усбарҭа «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, апарк аҟны иҟоу аӡыршә аиҭашьақәыргылара уажәшьҭа ахыркәшарахь инеиуеит.  «Аусурақәа цонаҵы аӡыршә иамаз раԥхьатәи ахаҿра аиқәырхара ҳашьҭан. Аусурақәа  абҵарамза 17-нӡа ихыркәшахоит», - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Ԥиԥиа.

Беслан Ешба, иааиуа ашықәс азы апарк аҟны аҳәыҷқәа рзы акьанџьа дуқәеи ауаргьалеи шыҟало иҳәеит.

Анаҩс Аслан Бжьаниа даҭааит Басла аӡиас иху ашьапыламҩатә цҳа. Беслан Ешба иҳәеит, ацҳа ахи аҵыхәеи рыҟны алифтқәа раҭара ргәы ишҭоу. «Апандус ахьамам иахҟьаны, зымаха-зышьаха зыхьуа ауаа ацҳа изықәсӡом, иара убас ахәыҷтәы колиаскақәеи амаланыҟәақәеи змоу ашьаҟауаа уи рзы иманшәалаӡам», - ҳәа  иҳәеит Ешба. Аслан Бжьаниа алифтқәа рышьақәыргылара дақәшаҳаҭхеит, атәылауааи асасцәеи рзы акырӡа ишаҭаху азгәаҭаны. Ацҳа ҿыц аҟны алифт шьақәыргылахоит 2024-тәи ашықәс алагамҭазы.

Аҳәынҭқарра Ахада илаԥш иҵашәеит Басла аӡиас инаваршәны анышьтә станциа акыр иажәхьоу ахыбрақәа. «Урҭ хымԥада еиҭашьықәыргылатәуп. Ус иҟамлароуп. Анышьтә станциа рымазар рҭыхума? Ус акәзар уи аҭеиҭыԥш арҽеирагьы рылдыршааит! Ас еиԥш аҭагылазаашьа змоу астанциақәа ҳара иахьа иаҳҭахӡам», –  ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Афонд  2023 шықәсазы абиуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Афонд анапхгаҩы Енвер Чамагәуа.

Аиҭакрақәа ирыҵанакуеит  «Егьырҭ азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа» ҳәа изышьҭоу аҟәшеиҵеи «Азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа» ҳәа изышьҭоу аҟәшеиҵеи рыла Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Афонд абиуџьет аныхтә хәҭа аизырҳара. Уи аицҵалыҵ  101 млн  781,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымш 30-шықәса ахыҵреи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш 15-шықәса ахыҵреи разгәаҭара азы 100 млн. мааҭи  Аҩада Ешыра ақыҭан Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи абираҟшьаҟеи рышьақәыргылареи рзы –   5  млн. мааҭ рҟынӡа зеицҵалыҵ наӡо  аныхтәқәа рыхәҭа аиҳарак ирыдыркылахьаз абиуџьеттә  ԥаратә зоужьрақәа ршәага-зага иахысыз ахарџьқәа рфинанстә харҭәаара ахь идәықәҵахоит.  

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәанчаҩратә фонд  2023 шықәсазы абиуџьет азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Аиҭакрақәа иаҵанакуеит «Егьырҭ азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа» ҳәа изышьҭоу аҟәша.  25 млн. мааҭ  зыԥсҭазаара иалҵхьоу атәанчаҩцәа рыуацәа рыла изакәанымкәа иамхыз аԥарақәа рхарҭәаара азы Урыстәыла Атәанчаҩратә фонд ахь идәықәҵахоит.   Ишдыру еиԥш, Аԥсны ауаҩы иԥсҭазаара дшалҵыз ала адырра ианаамҭоу ашәҟәҭагалара аҟамҵара иадҳәалоу ахҭысқәа маҷым.  

Аҟәша «Атәанчаҩратә еиқәыршәара» 28 млн. 660 нызықь мааҭ рыла еиҳахоит. Ари аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ Аԥсны жәлар Рџьнџьтәылатәи еибашьраҟны Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра инамаданы  (1 433  – ҩык 20-20 нызықь мааҭ), зныктәи аԥаратә цхыраагӡақәа рызшәара иазырхахоит.   Ашәатәқәа рызшәахоит ԥшь-категориак  ирыҵанакуа атәанчахәы зауа атәылауаа: 

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи ахыркәшаратә аԥхьараҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазылхратә Закәанеидкыла азакәанмчы аҭара азы» Аԥсны Аҳазылхратә Закәанеидкыла апроект рыдыркылеит.

Апроект аҳазылхратә ҳәаа ала атауарқәеи атраспорттә хархәагақәеи рыиагареи, урҭ рышәҟәҭагалара амҩаԥгареи, иара убас хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атауарқәа рганахьала аҳазылхратә операциақәа рымҩаԥгара, уҳәа ҳәаақәнаҵоит.

Аҳазылхратә Закәанеидкыла аҳазылхратә усбарҭақәа рыструктура, аҳазылхратә шәатәқәа рымҩаԥгара аԥҟарақәа, иҷыдоу абаџьтә шәатәқәа рыҟаҵара, атауарқәа рҭыжьра ашьҭахь  аҳазылхратә гәаҭара амҩаԥгара шьақәнаргылоит.

Аҳазылхратә Закәеиндкыла иалагалоуп 65 хи  488 хәҭаҷи.

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ареконструкциа азы аинвестициақәа ршәага-зага  11 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза 2024 шықәса анҵәамҭазы аусура иалагоит, атехниатә ԥыррақәа  рашәарамзазы ихацыркхоит. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы аҳәынҭқарратә программа анагӡара иазкны имҩаԥгаз аилатәара аҿы абри азы адырра ҟалҵеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аеконоика аминистр Кристина Озган.  

Жьҭаарамза 27, 2023 шықәса  рзы Аҟәа ақалақь аҿы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза акомплексттә еиҭашьақәыргылара азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа мҩаԥысит.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Зҭаԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаареи «Инфраструктурное Развитие» аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи апартниорра азы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.      

Рашәарамза 14, 2023 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны урытәылатәи аиуриттә хаҿы ила В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» амазаратә комплекс ареконструкциа амҩаԥгара азы аинвестициатә проект анагӡаразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.  

Аинвестор зоура 3 100 метра, зыҭбаара 45 метра рҟынӡа инаӡо ашҭыԥраарҭа-тәаратә цәаҳәа ареконструкциа мҩаԥигоит, уи иабзоураны ҳаамҭазтәи урыстәыла иҭрыжьыз реиԥш аҳәаанырцә иҭрыжьызгьы аҳаирпланқәа рыдкыларазы алшара ҟалоит. 

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа.

Уи иарбоу азакәан апроект «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа азы» иҟоу азакәан хазы игоу анормақәа еиҳа инҭкааны аилыркаареи ашьақәыргылареи, иара убас иҟоу абжьахақәа рырҽеиреи азԥхьагәанаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.