АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа ала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ателерадиоеилахәыра аусзуҩцәа «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьахеит.

Аусԥҟа атекст аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Шықәсырацәа инеиԥынкыланы лҵшәабзиала аусуреи аԥсуа телехәаԥшра аҿиареи ажурналистика аусхки рҿы рлагалеи рзы, «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьазааит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа:

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 5, 2023 шықәса инаркны Аԥсны аенергосистема ахь Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аашьҭра иалагоит.   

Афымцамч аашьҭра ареспублика агәҭантәи ахәҭеи мраҭашәаратәи ахәҭеи афымцамч ала аиқәыршәара иазкхоит.

Аха, Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы аҩаӡара азымхара инамаданы, Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа афымцамч ала аиқәыршәара аҿы аиԥҟьарақәа ҟалар алшоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аунитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маҵзура.  

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла Аҩбатәи есышықәсатәи ацәыргақәҵа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла рцәыргақәҵатә Зал Хада аҿы иаатит ашәахьа, абҵараза 6 рзы.   

Ацәыргақәҵатә Зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа адныҳәаларатә ажәахә аҟны  асахьаҭыхыҩцәа абџьарҟаҵаҩцәа-аҟазацәа рырҿиаратә занааҭтә Еидгылара «Х-НАПЫ» хәажәкырамза  24, 2021 шықәсазы иаԥҵан ҳәа иазгәалҭеит.

Аидгыла ахықәы хаданы иҟоуп – Аԥсны ажьиратәи абџьарҟаҵаратәи аус иреиӷьу атрадициақәа рпопулиаризациа», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Ельвира Арсалиа иарбоу ахықәкы анагӡара азы иҟоу асахьаркыратә ҟазара атрадициақәеи традициала ишьақәгылахьоу аметтал аус адулашьеи, иара убас Аԥсны ажьиратәи абџьарҟаҵаратәи аус азҟазацәа русумҭақәа акультура-сахьатә коллекциатә фонд аԥҵареи рыла ишалыршахо азы агәра ганы дыҟоуп.  

Аекспозициа аҿы ицәыргоуп шәагаала еиуеиԥшым аԥсуа ҳәызбақәа, абырзалқәа, ахаҵақәа, ахҿақәа, аигәышәқәа. Аусумҭақәа равторцәа – Дмитри Ӡиуба, Џьгәаҭ Зарандиа, Алеқсандр Белыи, Адгәыр Какоба, Станислав Какоба, Гәырам Ҷкадуа, Ҭемыр Ӡиӡариа, Пиотр Лысенко.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсуа телехәаԥшра анапхгареи аколлективи  ателехәаԥшра аԥҵара ҟалеижьҭеи 45-шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи – Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара ҟалеижьҭеи 45-шықәса аҵра!

Ари, аиашазы ҳаԥсадгьыл ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иадҳәалаз ахҭыс амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара иалҵшәахеит, уи ахықәкы хадақәа –аԥсуа етнос аиқәырхара, ажәлар шьаҭанкылатәи аинтересқәа рыхьчареи  Аԥснытәи аҳәынҭқарра ашьақәгылареи акыр иацхрааит.  

Амилаҭтә телехәаԥшра аусзуҩцәа рабиԥарақәа, идеиак ала еидгыланы занааҭдыррала, рхы иамеигӡо руалԥшьа нарыгӡон асовет аамҭа азы еиԥш иуадаҩыз аџьынџьтәылатәи аибашьра аамҭазгьы. Шәареи шәколлегацәеи аинформациатә фронти аибашьра адәы аҿгьы еиԥшны фырхаҵарыла шәеибашьуан.

Рыцҳарас иҟалаз, аибашьра еибашьроуп – уи хымԥада аԥсытәбара ацуп. Еиҵагыло аҿар ԥхьаҟатәи рԥеиԥш лаша азы зхы иамеигӡаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы имаҷым шәколлегацәагьы. Урҭ ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрограмма 10S «Ампыл ҟаԥшь» ала аԥкьаҭмпыл азы атурнир мҩаԥысит абҵарамза  5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы.

Аицлабрақәа рхы аладырхәит ақәратә категориақәа ҩба – 7 шықәса зхыҵхьои урҭ ириҵбууи 5 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҵбууи ирыҵанакуаз аспортсменцәа.

Ақәратә категориа «7 шықәса зхыҵхьои урҭ ириҵбууи» иаҵанакуа рыбжьара аиааира лгеит  Адель Папба, аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Мила Матуа, ахԥатәи аҭыԥ  –  Закан Марколиа.

Аиҵбацәа рыбжьара актәи аҭыԥ анылкылеит Мира Матуа, аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Киара Папба, ахԥатәи аҭыԥ Владимир Бениа.

«5 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҵбууи рзы атурнир ҳреспублика аҿы раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуан», -ҳәа иазгәалҭеит аицлабрақәа рыӡбаҩ хада Елизабет Акәыциа.

Атурнир Аҟәа ақалақь аԥкьаҭмпыл Афедерациа ала еиҿкаахеит. 

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахада Иусԥҟала Шьынқәба М.Шь. «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ақыҭанхамҩа аусзуҩы» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.

 

Аусԥҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

 

«Ақыҭанхамҩа аусхк аҿы аҭҵаарадырра-практикатә усураҟны лылшамҭақәа рзы, шықәсырацәалатәи лыҵшәабзиала аусуразы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ақыҭанхамҩа аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵазааит Шьынқәба Маиа Шәарах-иԥҳа, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агрономиа акафедра адоцент, аҵиаақәа ркарантин азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә инспекциа алабораториа аиҳабы».

 

Аусԥҟа иаҵаҩуп 2023 шықәса абҵарамза 2 рзы.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала Бжьаниа В.О. «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аргылаҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.

 

Аусԥҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Аргылара аусхк аҟны шықәсырацәалатәи аусуразы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аргылаҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит Бжьаниа Валери Оҭари –иԥа».

 

Аусԥҟа иаҵаҩуп 2023 шықәса абҵарамза 2 рзы.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

«Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иԥҳа, ҳатыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аколлектив!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны аҭоурых аҟны акрызҵазкуа арыцхә – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш.

1978 шықәса абҵарамза 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьаӡакәны аефир ахь ицәырҵит. Ари амилаҭтә ҵысра ашьҭыҵреи аҿиареи рус акырӡа иацхрааит, уи иалҵшәаны ишьақәгылеит иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарра. Ари амш иугәаланаршәоит ҳажәлар знысыз ахақәиҭреи ахатәҳәаақәҵареи рышҟа инагаз амҩа хьанҭа.

1992 -1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥснытәи ателехәаԥшра аусзуҩцәа апрофессионализми агәымшәареи аарԥшуа русура мҩаԥыргон. Урҭ рфырхаҵареи иаадырԥшуаз аибашьратә хҭысқәа реишьҭагылашьеи ирыбзоураны еизгоуп хәы змаӡам аибашьра архиви адокументациеи, адунеитә уаажәларра ақырҭуа агрессор ихаҿра шыҟаҵәҟьаз аилкааразы алшарагьы рнаҭеит. Хашҭра рықәым Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа.

45 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа телехәаԥшра қәҿиарала анапы иану анагӡара иаҿуп. Шәара шәыпрограммақәеи шәрепортажқәеи аԥсуа уаажәларра рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Шәара ауаажәларра ирышәҭо аинформациа инаваргыланы ишәылшоит ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхарагьы, ари, хымԥада, жәлар ртелехәаԥшраны аҟаҵара агьалнаршоит уҳәар ҟалоит.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телееилахәыра аколлектив Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара Амш инамаданы ирыдныҳәалоит.

«1978 шықәса, абҵарамза 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьатәи адырраҭара аефир ахь иҭыҵит. Ари амш Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа рзы еиԥш зықьҩыла ҳтәыла ателехәаԥшцәа рзы акыр иззыԥшыз мшны иҟалеит.

Ателехәаԥшра аԥҵара аԥсуа жәлар рзинқәа рзы рықәԥара иалҵшәахеит, амилаҭтә ҵысра ашьҭыҵреи аҿиареи рус акырӡа иацхрааит.

Ҷыдала иазгәаҭатәуп 1992 -1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥснытәи ателехәаԥшра аусзуҩцәа русура. Урҭ апрофессионализми агәымшәареи аарԥшуа иӷәӷәоу ақырҭуа пропаганда иаҿагылеит.  Аԥсуа журналистцәа риаша ақырҭуа пропагандистцәа имцырку рхыҭҳәаақәа ириааит.

Хашҭра рықәым Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ҳколлегацәа, аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа. Урҭ рыхьӡқәа ззанааҭ гәык-ԥсыкала азнеиреи афырхаҵареи ахамеигӡареи  рҿырԥшы аҳасабала аԥсуа журналистика аҭоурых ианылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсыпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Жәлар ракзаара амш аламҭалазы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша адныҳәаларақәа ишьҭит УА Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ацҳаражәҳәаҩи рыхьӡала.

УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко ихы лықәкны Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, ҷыдала, иҳәеит:

«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа! Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала Шәаргьы шәколлегацәа - УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак алахәцәагьы ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа ду -   Жәлар ракзаара амш!

Урыстәыла ажәларқәа ракзаара урыстәылатәи аҳәынҭқарра ашьақәгылара аҭоурых иадҳәалоуп. Урыстәыла ажәларқәа рлахьынҵа иара иалахьынҵаны иҟалеит. Иахьа урыстәылатәи ажәлар рҿаԥхьа иқәгылоуп ҳаамҭазтәи ашәарҭара дуқәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.