АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алиса Гыцба иаԥшьылгаз II Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра иаиааиз аҳамҭақәа ранашьара иазку аныҳәатә церемониеи агала-концерти мҩаԥысит  аԥшьаша, жьҭаарамза  26 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы.

Аԥсны Жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аристка,  атеатр «Геликон-Опера» асолистка Алиса Гыцба аконкурс зҽалазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит, иара убас аконкурстә лыԥшаара акыр иџьбаран ҳәа иазгәалҭеит. Аконурс алахәхаразы иалагалан 88 зыҳәамҭа. Аҩбатәи атур ахь инеит 64-ҩык анагӡаҩцәа, ахԥатәи атур аҟынӡа инаӡеит – 29-ҩык ахкынагӡаҩцәеи быжь-ансамбльки.  

Ашәаҳәаҩ иазгәалҭеит аицлабра ари аԥаратә ҳамҭа мацара акәымкәа, хадаратәла аԥышәеи аҟыбаҩ злоу аҿар ацхыраара рыҭареи шакәу изызку. «Ҳара уажәраанӡа шәҿаԥхьа иаркыз ашәқәа раартра аҿы иҳалшо ала ацхыраара шәаҳҭалоит», - ҳәа аконкурс иалахәыз артистцәа рахь лхы рханы илҳәеит лара.  

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов ари апроект амузыкантцәа анаҩстәи русеицура азы хра злоу шьаҭаны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит. «Амузыка иабзоураны ауаа еиҳа еиӷьны еилибакаауеит», – ҳәа иҳәеит иара.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Москваҟа иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Москватәи аобласт ала Урысгвардиа аусбарҭа Хада иатәу Иҷыдоу азкызаара змоу амобилтә Отриад «Русич» даҭааит.  

Роберт Киут ицын аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласу анырра азы иҷыдоу Аотриад  аусура ахылаԥшра азҭо аминистр ихаҭыԥуаҩ Рашь Ҵәыџьба, Ирласу анырра азы иҷыдоу Аотриад  акомандаҟаҵаҩ Дадын Чачхалиа.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсыпресс.  Абҵарамза 1, 2023 шықәса  рзы иҟаз адыррақәа рыла, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистра, Аҟәа ақалақьи араионқеи ринспекциақәа абиуџьет ашәахтә шәатәқәа ралагалара азы ашықәстәи аплан нарыгӡеит, инацҵангьы инарыгӡеит.

Ҳазҭоу ашықәс жәамз рыла ашәахтәқәеи ихымԥадатәиу егьырҭ ашәатәқәеи рзеиԥш еицҵалыҵ – 4 млрд 349 млн 397,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убри аан 2023 шықәсазы ишьақәырӷәӷәоу аплан ала  иазԥхьагәаҭан 4 млрд 222 млн 566,3 нызықь мааҭ. 2023 шықәсазы ашықәстәи аплан анагӡара – 103% рҟынӡа инаӡеит, 10-мыз рыла анагӡара –  126%, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра ахылаԥшрала имҩаԥысуа ашәахтә шәатәқәа ралагалара  2023 шықәсазы аплантә рбагақәа 126 млн 831,4 нызықь мааҭ рыла еиҳахеит.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра ахылаԥшрала имҩаԥысуа ашәахтә лагалақәа ралагалара  ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамза иалагӡаны ашәахтә лагалақәа раҳасабала абиуџьет иалагалаз ашәатәқәа реицҵалыҵ  880,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан планла ишьақәырӷәӷәан –  593,3 млн. мааҭ.  Анагӡара 148% рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идҵа инақәыршәаны, Смыр Ахра Виктор-иԥа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа амассатә информациа ахархәгақәа рымадара азы аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩы имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп даҽа усурак ахь дахьыиасуа инамаданы.  

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Беслан Џьопуа Аԥсны Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Уи азы абҵарамза 1 азы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Нанҳәамза 13, 1996 шықәсазы ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара (Анапхгара) азы»   «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан №290-с ахәҭаҷ 5 инақәыршәаны,  Џьопуа Беслан Циба-иԥа иалеиҵаз арзаҳал ала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәзааит», - ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст.

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Шәача ақалақь аҿы Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Краснодартәи  атәылаҿацә ала Аусбарҭа Хадеи рнапхгараҭара,  аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхреи, агәҽанызаара рыҭареи азҵаарақәа рыла аҳәаа иаԥну аусеицуразы реилацәажәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аминистр Лев Кәыҵниа, Очамчыра араион ахьчаразы Абылрцәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиеи Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахатәы шәарҭадара Амаҵзура аиҳабы   Леон Гусеинов зеилазаараҿы иҟоу Аԥсны аделегациа дырԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Краснодартәи атәылаҿацә ала Аусбарҭа Хада  анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Виктор Бабенко.

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2022 – 2023 шықәсқәа рзы автомашьынамҩақәа реиҭашьақәыргылара азы иазоужьхеит 1,4 млрд. мааҭ, уахь иаҵанакуеит ареспубликатә мҩаду лашарала аиқәыршәара иадҳәалоу аусқәа, ҳәа 2022 – 2023 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы аҳәынҭқарратә программа анагӡара иазкны имҩаԥгаз аилатәара аҿы адырра ҟалҵеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.  

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә биуџьети араионқәа рбиуџьети зҵазкуа аҳәынҭқарратә биуџьет азеиԥш шәага-зага хы-шықәса рыла (2020 – 2022 шш.) 57% рыла иацлеит.  Уи алагалақәа рыла 13,6 миллиард мааҭ иартәоит, аныхтәқәа - 15,9 миллиард мааҭ ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп. Абри азы 2022 – 2023 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы аҳәынҭқарратә программа анагӡара иазкны имҩаԥгаз аилатәара аҿы адырра ҟалҵеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.  

Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәытә хәҭа 35% рыла иазҳаит, уи 13,7 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  Убри аан ахатәы хашәалахәқәа 3 шықәса 56% рыла иазҳаит, урҭ   8 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аԥшьаша, абҵарамза 2 рзы имҩаԥысыз асессиа амшхәаԥштә иалагалаз адгьыл азоужьра иадҳәалоу азҵаарақәа хәба ирыхәаԥшит.

Аусшәҟәқәа рыдгалара мҩаԥигеит аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Беииа.   

Адепутатцәа Аминистрцәа Реилазаара азин арҭеит:

  1. «Зҭаԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Гәылрыԥшь 2023» асанатор-курорттә ҟазшьа змоу ахыбра аргылара азы 4,5 гектарк рҟынӡа инаӡо адгьылтә хәҭа есымшатәи ахархәаразы аҭареи,  Бабышьра ақыҭан, 2-тәи Бабышьратәи амҩала иҟоу, 4,0 гектар рҟынӡа инаӡо адгьылтә хәҭа «Ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьылқәа» ркатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә ҭыԥқәа ирызку адгьылқәа» ркатегориа ахь аиагара азы аминистрцәа Реилазаара азин аҭара азы;
  2. Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Жемчужина 23» асанатор-курорттә ҟазшьа змоу ахыбра аргылара азы  Очамчыра араион Кындӷ ақыҭан иҟоу 8,0 га рҟынӡа инаӡо  адгьылтә ҵакыра  25 шықәса ҳәа аҽҳәара аманы аамҭала ахархәаразы  аҭара;
  3. «Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «ИНВЕСТ-СИМ» асанатор-курорттә ҟазшьа змоу ахыбра аргылара азы Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу, 1,72 гектар рҟынӡа инаӡо адгьылтә хәҭа есымшатәи ахархәаразы аҭара ақәшаҳаҭра азы;
  4. «Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Гермес Трейд» асанатор-курорттә ҟазшьа змоу ахыбра аргылара азы есымшатәи ахархәаразы  Ешыра ақыҭан 2,4 гектарк рҟынӡа инаӡо адгьылтә хәҭа аҭаразы Аҟәа араион Ахадара ажәалагала ақәшаҳаҭра азы;
  5. «Дранда ақыҭан иҟоу гектарк рҟынӡа инаӡо адгьылтә хәҭа «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи «арекреациатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа ахь аиагаразы Гәылрыԥшь араион Ахадара ажәалагала ақәшаҳаҭра азы.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа Москва ақалақь, Урыстәыла Афедералтә Ҳазылхратә Маҵзура ахыбраҿы Урыстәыла АҲМ анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Владимир Ивин диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Ҳазылхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.