АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2024

Аԥсны аԥыза-министр Москватәи аҳәынҭқарратә Университет аректор ииубилеи идиныҳәалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә Университет аректор, афизика-математикатә наукақәа рдоктор, Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа академик Виктор Садовничи ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: 

«Ҳаҭыр зқәу Виктор Антон-иԥа. Ареспублика Аԥсны Анапхгара ахьӡалеи, хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит 85-шықәса шәхыҵра Амш.

Гәык-ԥсыкала анаука азааԥсара, иреиҳаӡоу ашкол, иааизакны аҵарадырра аҿиара аҿы шәлагалеи шәеихьӡара дуқәеи шәыуаҩышьеи шәаамсҭашәареи рзы Шәара Урыстәыла адагьы уи хара анҭыҵгьы аҳаҭыри апатуи шәырҳаит.    

Акыр ахә ҳаракны иаҳшьоит хаҭала Шәара Ареспублика Аԥсны азы ззанааҭдырра ҳараку аспециалистцәа  разыҟаҵара аганахьала ишәылшәыршаз аус. Адунеи аҿы иԥхьагылоу иреиҳаӡоу аҵарадырра ацентрқәа иреиуоу Москватәи аҳәынҭқарратә Университет иреиӷьу аушьҭымҭацәа рабиԥарақәа ироуз хәызмаӡам адыррақәа рхы иархәаны аԥснытәи аекономикеи асоциалтә усхкқәеи аҵарадырра асистемеи аҳәынҭқарратә маҵзурақәеи рҿы қәҿиарала аус руеит.  Иахьагьы, Шәара иҟашәҵо адгыларала, Москватәи ауниверситет аҿы аҵара рҵоит аҟыбаҩ злоу  ҳара ҳџьынџьуаа – ҳаԥхьаҟа аҿиарамҩа иану Аԥсны  азы акырӡа зҵазкраны иҟоу амилаҭтә кадрқәа.  

Агәра ганы ҳаҟоуп, традициала ишьақәгылахьоу  аимабзиаратә аҩганктәи аизыҟазаашьақәа аринахысгьы М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә Университет ганрацәалатәи аус ацура аҿиара  ашьаҭа арӷәӷәара ишацхраауа.  

Ишәзеиӷьасшьар сҭахуп зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, аизҳазыӷьара, ашықәснҵыра ду, шәнапы злаку аҵарадырра аҿиара аус аҿы аманшәалареи ақәҿиара дуқәеи!»


Read 34 times - Ахаша, 10 Мшаҧы 2024 10:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.