АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Мшаҧы.2024

Ақалақь-Фырхаҵа Ҭҟәарчал 82 шықәса ахыҵит.

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақалақь Ҭҟәарчал 82-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа Ахьӡ-Аԥша Аллеиа аҿы Аԥсадгьыл Ахьчаҩцәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иалагеит.  Анаҩс урҭ ирыцҵахеит акультура Ахан аҿы. 

Ҭҟәарчалаа дрыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа. Уи Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.  Уи атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Ҭҟәарчалаа! Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит акыр зҵазкуа ахҭыс – Ақалақь-Фырхаҵа Ҭҟәарчал 82- шықәса ахыҵра! Иҳаҩсыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рзы зышьаҭа аркыз ари ақалақь, аамҭа кьаҿ иалагӡаны убла хызхуа ашьхара иаԥну анхарҭаҭыԥ аҟынтәи идуу ааглыхратә центрны иҟалеит.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа раан  Ҭҟәарчал ҳажәлар ракзаареи реидгылареи рхачҳареи иасимволны иҟалеит.  

Ақалақь ауааԥсыра, агәеицамкреи афырхаҵареи аарԥшны аӷа иҿагылеит, араҟа ахыҵакырҭа рыԥшааит хыԥхьаӡара рацәала мрагыларатәи Аԥсны ақыҭақәа рҟынтәи ахҵәацәа. Ари афырхаҵара наунагӡа ҳҳәынҭқарра ҳаамҭазтәи аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит.

Иахьа Ҭҟәарчалаа рықалақь гәакьа аиҭашьақәыргылареи уи ԥыхьатәи ахьӡ-аԥша азыргьежьреи рзы аусура иазхиоуп. Ҳара, аҳәынҭқарра Анапхгара аҳасабала, ахәҭакахьала  иҳалшо ала зегьы ҟаҳҵалоит ари ақалақь аекономикатә потенциали араҟа инхо ауааԥсыра зегьы  реизҳазыӷьара алыршареи рзы.

Ҭҟәарчал инхоит зықалақьи зтәылеи даараӡа бзиа избо, уи ахьаа зхьаау апатриот иашақәа маҷымкәа. Ари ақалақь иалҵыз аӡәырҩы ҳтәыла аҿиара аус аҿы рлагала ду ыҟоуп.

Ҳаҭыр зқәу Ҭҟәарчалаа! Ари аныҳәатә мшы азы шәара зегьы ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп зегьы раԥхьаӡа иргыланы аҭынчра, аҭышәынтәалара, аизҳазыӷьара, ақәҿиара дуқәа. Агәра ганы сыҟоуп, даара иуадаҩыз аԥышәара иахысыз ақалақь  ԥхьатәи аԥеиԥш бзиа шаиуо. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит инашәыгӡо аусуреи иаашәырԥшыз ачҳареи афырхаҵареи  рзы».

Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Каџьаа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа. 


Read 157 times - Ахаша, 10 Мшаҧы 2024 11:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.