АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа – Амилициа амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:  

 «Аԥсуа милициа аветеранцәа иаԥырҵаз аҵас бзиақәа рықәныҟәарала, ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәа ҳасаб рзуны, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат хада аколлективқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра ақалақьқәеи араионқәеи русбарҭақәеи рнапы алакуп иуадаҩу, аҭакԥхықәра зцу ауснагӡатәқәа рыӡбара. Иахьа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәарц ҳҭахуп азакәани азинԥҟареи рыхьчараҟны, ҳҳәынҭқарра аинтересқәа реиқәырхаразы имҩаԥыжәго аусуразы. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра амилициа аусзуҩцәа ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, рнапы злаку амаҵзураҟны аихьӡарақәа, ҩнаҭацыԥхьаӡа - анасыԥ».  

 

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз аибашьцәа рыԥсыбаҩ аиагареи ргәалашәара анаунагӡатәреи иазкыз ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, Диоскураа Рыԥшаҳәа  аҿы, Идырым асолдаҭ ибаҟа азааигәара.

Ризабеи Хьибба иԥсыбаҩ, Тарас Ҵәыџьба ихатәы маҭәақәеи иабџьари дызлалашьҭыз аҳаирплан ахәҭақәаки, иара убас аибашьцәа Михаил Леибеи Нури Џьопууеи рдокументқәеи рыԥшааит апроект «Ахьӡ архынҳәра» амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны.  

Агәыҳалалратә фонд «Урыстәыла-Аԥсны» адиректор хада, арра-мемориалтә проект «Ахьӡ архынҳәра» автори анапхгаҩи, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак алахәыла  Григори Скворцов, Ризабеи Хьибба Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭа далҵит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Иара Керчтәи адгьылбжьахабжа ахьчара активла иалахәыз дреиуоуп. Ризабеи Хьибба афронт ахь ааԥхьара иоуит, 138-тәи ахысратә дивизиа аилазаараҿы деибашьуан. Адивизиа Керчтәи адгьылбжьахабжа аплацдарм аҿы анемец мпыҵахалыҩцәа иреибашьуан, уи мшаԥымза 1942 шықәсазы акыр ишььарҵәыраз аидысларақәа активла иалахәын. Анемец афицар ирапорт аҿы дара мышк дуӡӡа рнапахьы ирзаамгоз Батальное ақыҭа заҵәык акәын, ҳәа иазгәеиҭеит. Араҟа деибашьуан Ризбеи Хьибба. Амш ахыркәшамҭаз ауп анемеццәа ари апункт аанкылара анрылшаз, иара уигьы ихьанҭоу артиллериа ахархәара ашьҭахь. Иахьа ҳара ҳапроект ахыдҵақәа нагӡо, Ризабеи Хьибба иԥсыбаҩ  иҭаацәа ираҳҭоит», - ҳәа иҳәеит Григори Скворцов.

Иара убас Ризабеи Хьибба иҭаацәа ирыҭан аибашьҩы ихатәы маҭәақәа – акружка, амҳаҵә, аԥсуа маҟа ахәҭақәак, ахыршә арҭҟәацга аҭра, уҳәа иԥшаара злалыршахаз егьырҭ амаҭәахәқәа.

Григори Скворцов  50-тәи Ар Ҟаԥшь ажәыларатә полк ахысыҩ-арадист Тарас Ҵәыџьба иҭоурых еизаз ирзеиҭеиҳәеит. «Иара Ҷлоу ақыҭа далҵит, Ленинградтәи аԥырыҩцәа рышкол дҭалеит, аҵара иҵеит, анаҩс иԥсҭазаара зегьы авиациа иадиҳәалеит.

Анемецтә мпыҵахалыҩцәа аидысларақәа руак аҿы аибашьҩы Тарас Ҵәыџьба  дызҭаз аҳаирплан ларышьҭыит», – ҳәа иҳәеит Григори Скворцов.

Аҳаирплан ахәҭақәак аибашьҩы гәымшәа ифырхаҵара анаунагӡатәра аҳасабала иҭаацәа ирырҭеит.

Амшынтә десант афырхаҵа Нури Џьопуа илахьынҵахаз атәы дазааҭгыло, Григори Скворцов, аибашьҩы иҭынхацәа Геленџьык ақалақь аҿы иҟоу уи инышәынҭра иаҭаахьеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩбатәи «Мельцеровскии бокс» ҳәа изышьҭоу аинфекциа-диагностикатә кабинет аргылара ахыркәшамҭахь инеит.  Ари ауада акыр ишәарҭоу аҿыкчымазарақәа змоу апациентцәа ирызкуп. Аԥшьаша, абҵарамза 9 рзы Аҟәатәи аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа абазаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Раԥхьатәи «Мельцеровскии бокс» ҳәа изышьҭоу аинфекциа-диагностикатә кабинет  2023 шықәсазы аусура иалагеит. Ари абокс агәабзиарахьчара Аминистрра аԥшьгаралеи атәыла анапхгара иҟанаҵаз афинанстә цхырааралеи иаартын. Абокс аамҭак ала акы-ҩба чымазара зыхьуа, мамзаргьы зчымазара шьақәыргылам, аха акыр ишәарҭоу аинфекциа злаҽыз ачымазаҩ иҿцаауаз апациентцәа раҟәыҭхара алнаршоит. Уи азы аҭаххара есааира иазҳауеит, иара убас аҳақьымцәа ишьақәдыргыло аинфекциақәа рыспекторгьы иазҳауеит. 

Еиуеиԥшым аҿыкчымазарақәа рҿагылареи урҭ реилалара алмыршареи хықәкыс иҟаҵаны, атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра  Аҟәатәи аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа абазаҿы даҽа бокс аргылара азы аԥшьгара ҟанаҵеит. Иахьазы аргылаҩцәа аҩычаратә усурақәа рынагӡарахьы ииасит. Афымцамҩангаратә усурақәеи асантехника ашьақәыргылареи хыркәшоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи  Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви реиԥылара Аслан Бжьаниа усуратә ныҟәарыла Москваҟа ицара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит, ҳәа адыра ҟанаҵоит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура атәылахьчара Аминистрреи Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзуреи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рыцырхырааны абҵарамза 8 – 9 рзы Гәылрыԥшь араион Азанҭа ақыҭа аиланхарҭа ҭыԥ азааигәара  бџьарла еибыҭоу агәыԥ ыҟазар ҟалоит ҳәа аоперативтә информациа аиҭагәаҭара иазкны аумҩаԥгатәқәа ркомплекс нарыгӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.  

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анапа ақалақь аҿы, Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы Центр «Смена» аҿы «имҩаԥысуеит XVIII Жәларбжьаратәи Амҩаҿы аныҟәара аинспектор ҿарацәа реиԥылара, уи раԥхьаӡа акәны ахы аланархәуеит Аԥснытәи аделегациа.

Ҳара ҳкоманда ахьӡала аделегациа аилазаара иалоуп Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашол N1 аҵаҩцәа. Ашколхәыҷқәа ирыцуп Аԥсны аҵара Аминистрра азеиԥши азанааҭдырратә ҵарадырра Аҟәша аспециалист  Гәында Кәыҵниа, иара убас Аԥсны амилициа акаԥдан, Амҩа-ԥыԥшырҭатә Маҵзура аинспектор Аслан Цамбов.

Аинспектор ҿарацәа Жәларбжьаратәи реиԥылара  – ари амҩақәа рҿы аныҟәара ашәарҭадара апропагандеи аныҟәара аинспектор ҿарацәа Ротриад апопулиаризациеи рзы есышықәса Урыстәыла  имҩаԥгахо аусмҩаԥгатә ауп.

Сынтәа Аинспектор ҿарацәа Жәларбжьаратәи реиԥылара мҩаԥысуеит абҵарамза 4 – 17 рзы Краснодартәи атәылаҿацә ақалақь-курорт Анапа аҿы.  Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр «Смена» ахатәы плошьадка аҿы еиднакылеит Урыстәыла 34 региони ааигәатәи аҳәаанырцә атәылақәеи – Белорусиеи Аԥсни рҟынтәи 160-ҩык инарзынаԥшуа Амҩаҿы аныҟәара аинспектор Ҿарацәа реиҿкаара ахаҭарнацәа.  

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны азинхьчаратә структурақәа  Гәылрыԥшь араион ашьха иаԥну аҵакыра аҿы зхаҭара шьақәыргылам бџьарла еибыҭоу ауаа рыԥшаара иазку еидгыланы аусура мҩаԥыргоит. Абри азы аинформациатә Агентра «ТАСС» адырра аиҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ  Сергеи Шамба.

«Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аԥшаара ирыцырҵоит, агәыԥқәа аҭыԥ ахь идәықәҵоуп, аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭоуп. Атәыла ашәарҭадара азҵаарақәа рыӡбара иазку амчрақәа рыбжьара еиқәшаҳаҭны еиҿкаау аусура мҩаԥысуеит. Аԥсны Арбџьармчқәа абжьааԥнытәи арежим ала рмаҵзура нарыгӡоит, убри аан иарбоу ахҭыс аан иахәҭоу ауснагӡатәқәа нарыгӡоит», – ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура Аминистрра гәалсра дула адырра ҟанаҵоит иԥсҭазаара дшалҵыз адирижиор, аԥсуа жәлар рҟазара адырыҩы ду, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара акавалер, аҵарауаҩ-афольклорист, амузыкант, ахормеистр, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ  Иван Сафар-иԥа Шамба (17.01.1950 - 09.11.2023 шш.).

«Иван Сафар-иԥа акыр шықәса инеиԥынкыланы Аԥсны жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи Аҳәынҭқарратә ансамбль адирижиорс дыҟан,  ансамбль «Риҵа» асахьаркыратә напхгаҩын, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ансамбль «Уарада» еиҿикааит. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Гәымсҭатәи афронт аҿы акультуреи аҟазареи русзуҩцәа рывзвод акомандаҟаҵаҩыс дыҟан.

Иван Сафар-иԥа Аԥсны амузыка-фольклортәи аетнографиатәи аматериалқәа рыҭҵаара, реиқәырхара, рыҿиара  аус илагала ду алоуп. Уи абарҭ традициала ишьақәгылахьоу ажанрқәа рыла ашәақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭон: аҭоурых-фырхаҵаратә, аџьатә, ачаратә, ашәарыцаратә. Еизгаз аматериалқәа рыла аԥсуа жәлар рашәақәа реизга ҭижьит», - ҳәа иазгәаҭоуп анекролог аҿы.

Акультура Аминистрра гәалсра дула ирыдышшылоит Иван Шамба иуацәеи иҭынхацәеи иҩызцәеи иколлегацәеи. Иван Шамба иԥсҭазаара алҵра атәыла амузыкатә еилазаара зегьы азы даара цәыӡ дуны иҟалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Азанҭа ақыҭа иахьаҵанакуа  адиверсиатә гәыԥ ыҟазар алшоит ҳәа иаларҵәаз адыррақәа рышьҭахь, атәыла амчратә струтурақәа рхаҭарнакцәа ари аинформациа ахьынӡаҵабыргу аилкааразы иарбоу ақыҭа ахь идәықәлеит, ҳәа аинформациатә агентра «Аԥсны-иахьа»  адырра аиҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.  

Иаха ашамҭанӡа амчратә структурақәа русзуҩцәа аҭыԥ зегьы еимырдеит. Ахархәара аиуит ашьаҟауаа ротриадқәеи авиациеи.

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба инапхгарала имҩаԥгаз аԥшаарақәа рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба.

Аԥшаарақәа ахьымҩаԥсуаз аҭыԥ ахь инеит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут иҟаиҵаз адыррақәа рыла, имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа рыла адиверсиатә гәыԥ аҟазаара зырҵабыргуа ҳәа макьаназы акгьы шьақәыргылаӡам. Аԥшаарақәа ирыцҵахоит.

Аҟәа. Абҵарамза  Сухум. 9 ноября 2023. Апсныпресс. 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Аҵаарамза 7 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москваҟа дцеит.

Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭеи аиҳабыреи рыҟны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигараны дыҟоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.