Аҟәа. Мшаԥымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы 1992 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына BMW 5201 ааныркылеит.
Амашьынарныҟәцаҩ иазҵараан ихымԥадатәиу ашәҟәҭагалара зыхәҭоу, Евразиатәи Аекономикатә Еидгыла аҳәаа зыхгара ҟамло, мамзаргьы уи азы аԥкрақәа иаҵанакуа атауарқәа шимам азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Игәҩарахаз амашьына Амобилтә инспекциа-гәаҭаратә Комплекс ахгаразы идәықәырҵеит. Имҩаԥгаз агәаҭарала автомашьына BMW 5201 аҩнуҵҟа азауадтә былтәыҭгагақәа ирызку аҭыԥ аҿы аконтрабанда аарԥшын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура. «Аҳазалхратә гәаҭараан автомашьына аҩныҵҟа иаарԥшын аҳазалхратә хылаԥшра аҟынтәи иҵәахыз аҭаҭын аалыҵ», - ҳәа иазгәеиҭеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаатә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы Алеқсеи Быков. – Автомашьына BMW 5201 аҩнуҵҟа азауадтә былтәыҭгагақәа ирызку аҭыԥ аҿы аконтрабанда аарԥшын. Аҳазалхыҩцәа «Morion Crystal Gold Slims» амарка иеиуоу 11 800 акцизтә дыргада иҟаз асигарет ҭыргеит. Аԥсны атәылауаҩ 600 ҭоԥ инарзынаԥшуа асигарет Урыстәылаҟа аиагара иҽазишәеит.
32-шықәса зхыҵуа амашьынарныҟәцаҩ асигаретқәа Аԥсны иаахәаны Урыстәылаҟа идыруа аӡәы ишизигоз, уи анаҩс иара уи азы аԥара изишәараны дшыҟаз иҳәеит.
Краснодартәи аҳазалхырҭа иазгәанаҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы азакәанеилагаҩцәа аконтрабандаз еиҳа агәҩара ркрым ҳәа иажәу амашьынақәа рыдагьы, зыхә дуу автомашьынақәа рхы иадырхәо ишалагаз.
Аҳазалхратә гәаҭара азы ицәыргамыз атауар аарԥшраан аӡбарҭа азыӡба ала иара атауар амхра адагьы, уи злаиаргоз атранспорттә хархәагагьы азинеилагара азы ахархәага аҳасабала аконфискациа азы ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит.
Убас, аҭыҭын аалыҵи уи изакәанымкәа аҳәаа ахгаразы ахархәара зауз автомашьынеи зтәу имхуп. Урыстәыла Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 16.3, ахәҭаҷ 16.1, ахәҭа 2 инарықәыршәаны административтә зинеилагаразы аус хацыркуп.