АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Самед Бабаев 12-13 шықәса зхыҵуа аспортменцәа рыбжьара инагӡоу аконтакт адисциплина аҿы астильзегьтәи акарате азы адунеи аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Руслан Меликиан 18+ ақәратә категориа иаҵанакуа ахацәа рыбжьара инагӡоу аконтакт адисциплина аҿы инагӡоу (абсолиуттә) капан аҿы аџьазтә аԥхьахә агара иҽаԥсеитәит.

Ачемпионат абҵарамза 6 – 11 рзы Орел ақалақь аҿы  имҩаԥысуан.

Аспортсменцәа азыҟаиҵоит карате кекусинкаи азы Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, ареспублика карате кекусинкаи Афедерациа апрезидент Витали Ҷыҭанаа.

Аҟәа. Абҵарамза 10, Аԥсныпресс. Аԥстәбара зцу амҩа-транспорттә машәыр хҭыс ҟалеит Гәдоуҭа араион аҿы.  Автомашьына «Nissan Skyline» аԥсҟы зкыз амашьына изаанымкылаӡакәа амҩа аҿықә аҿы игылаз аҵла даахеит, ҳәа  адырра ҟарҵеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟны.

Иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр хҭыс иахҟьаны аӡәы иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит, даҽаӡәы ахәышәтәырҭахь днаргеит.

Авариа ҟалеит Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭа азааигәара ареспубликатә трасса аҿы.  

Амашәыртә хҭыс шыҟалаз азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә  пункт ахь иҟалеит 22 сааҭи 40 минуҭи рзы.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Амилициа Амш азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә зхы алазырхәыз Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада амилициа аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа инамаданы иааишьҭыз адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.

«Шәара шәусура ҭакԥхықәрала азнеиреи шәыгәаӷьреи рзы ҳаҭыр ду шәықәуп», - әа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Аҳәынҭқарра Ахада аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа амилициа аҿиареи ашьақәгылареи рыҟны хәы змаӡам рлагалазы ҷыдала иҭабуп иҳәеит.

«Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит аҩныҵҟатәи аусқәа рветеранцәа амилициа аҿиареи ашьақәгылареи рыҟны хәы змаӡам рлагалазы. Шәара шәԥышәеи шәдырреи акырӡа аҵанакуеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра абиԥара ҿыц рзы», – ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ахәаша, абҵарамза 10 рзы диԥылеит астатс-маӡаныҟәгаҩ, Урыстәыла агвардиа адиректор ихаҭыԥуаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә гвардиа акомандаҟаҵаҩ, аинрал-полковник Олег Плохои.

Аганқәа аҩганктәи аусеицура амшхәаԥштә иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Иара убас  акадрқәа разыҟаҵара, алицензиа-зинаҭаратә усуреи анапхгарабжьаратәи аусеицура азинтә шьаҭақәа рышьақәыргылареи рзы уаанӡа ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭрақәа рышьақәырӷәӷәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Амилициа Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә еизареи аконцерти мҩаԥысит ахәаша, абҵарамза 10 рзы Аԥснытәи адраматә театр аҿы.

Аофициалтә хәҭа аартуа, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут амилициа аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.  

«Шәара шәзанааҭ – зегьы реиҳа зҵазкуа иреиуоуп, уи аԥсыцқьареи ахаҵареи аҭахуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Аминистр ҷыдала ахшыҩзышьҭра риҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа, дара аусзуҩцәа ҿарацәа реиҵааӡареи аԥышәа дууи иреиӷьу атрадициақәеи рымадареи аус аҿы рлагала дуӡӡоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Роберт Киут  амилициа аусзуҩцәа агәабзиара, аманшәалара, анаҩстәи русураҿы аихьӡарақәа рзеиӷьаишьеит.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анцәахәы «Ажәеиԥшьаа» аскульптуратә композициа аадыртит Очамчыра ақалақь аҿы.

Аскульптура автор асахьаҭыхыҩ Генерген Ромин-Гамгиа (ГенЕрген) иажәақәа рыла, Ажәеиԥшьаа (аԥсуа мифологиа аҿы ашәарыцара анцәахәы, абнарақәа, ашьхара, абнатә ԥстәқәа ирхылаԥшуа) аламҭалаҩ дзышьцылам ауаҩԥшра змоу ажәытә нцәахәы иоуп. Аха асахьаҭыхыҩ Генерген Ромин-Гамгиа (ГенЕрген) искульптуратә композициа аҿы ари ахаҿы даҽакала аарԥшра иҽазишәеит.

Аскульптура асиужетны иҟалеит «Ашәарацараҿы» ҳәа хыс измоу  ашәарыцара асцена, араҟа анцәахәы Ажәеиԥшьаа исахьа аҵла иқәланы егьи аԥсаатә – иауу аԥыц змоу аҵыс ду  иаҩаӡо  игыгшәыгу аԥстәы (алыџ)  асахьа ала аҽеиҭакны иаарԥшуп.

Акомпозициа аҵла ашьапы иакәшоит, уи ааигәа ишьақәыргылоуп ахьӡи QR-коди зну  аҭыӡҩыра хәыҷы, уи иарбоу азхьарԥш ала ахәаԥшцәа аекспозициа злашьаҭаркыз аматериал атәы еилыркаар рылшоит.   

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Мызқәак раԥхьа Баслахә ақыҭауаа атәыла анапхгареи Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вианори Бебиеи рышҟа иарбоу аспорттә обиект аргыларазы аҳәара ҟарҵеит.

Аҳәынҭқарра анапхгара аҟынтәи ари азҵаара адгылара аиуит, убас хымз рыла ашкол азааигәара иԥсабаратәым ашьац ала ихҟьоу, арлашагақәеи аихатә кәыршеи змоу ашьапылампыл-маҷ азы астадион ргылахеит.

Ақыҭа ахада Даур Пагава иазгәеиҭеит:

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аусура, ачымазцәа иахьыҟоу аҭыԥ аҭагылазаашьақәеи иарбоу амедусбарҭа аҭагылазаашьеи ргәаҭара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ирина Ануа аминистр апациентцәа хәшәылеи фатәи-жәтәи рыла иахәҭоу аиқәыршәара рымоуп ҳәа адырра илҭеит. Аха ахәышәтәырҭа  акыр аамҭа ҵуеит асанитартә еибаркыра аганахьала ауадаҩрақәа амоуижьҭеит. Урҭ шьаҭанкыла реиҭашьақәыргыларазы иазоужьҭуп  3 млн. 743 нызықь мааҭ.

Ирина Ануа лажәақәа рыла, ашәырақәа иахьрыцәцо иахҟьаны, уадақәак акыр ааха аиуит.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Астатс-маӡаныҟәгаҩ – Урыстәыла агвардиа адиректор ихаҭыԥуаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩ, аинрал-половник Олег Плохои аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа Рымш азгәаҭара инамаданы Аԥсныҟа дааит.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Олег Плохои Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ихаҭыԥуаҩцәа Руслан Ажьиба, Беслан Ҷкадуа, Рашь Ҵәыџьба ицны Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад даҭааит.

Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аомандаҟаҵаҩ, амилициа аподполковник Дадын Чачхалиа асас ари аҟәшеиҵа аусура атәы изеиҭеиҳәеит. Иара аҟәшеиҵа аҿы арратә зыҟаҵара шымҩаԥысуа, иара убас Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад хаҭалатәи аилазаара азы акультура-аԥсшьараамҭа ахгаразы Ацентр аусура шеиҿкаауи ртәы еиҭеиҳәеит.

Иарбоу аҟәшеиҵа аусура ахылаԥшра азы аҭакԥхықәра зду аминистр ихаҭыԥуаҩ Рашь Ҵәыџьба Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад ауаажәларратә шәарҭадара аиқәыршәареи ацәгьоурақәа активла рҿагылареи адагьы, ареспублика иахьаҵанакуа азинеиҿкаара ашьақәыргылара иадҳәалоу акыр зҵазкуа ахыдҵақәагьы нанагӡоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 10 аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит.

Шьыжьы инаркны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра адәы аҿы, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз амилициа аусзуҩцәа рбаҟа амҵан аныҳәатә цәаҳәақәгылара мҩаԥысит.                                                        Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара, аусзуҩцәа, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аминистрра ахада Роберт Киут аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит, акриминал аҿагылара, азинеилагарақәа рыпрофилактикеи ауаажәларратә шәарҭадара ашьақәыргылареи ирыҵоу аҵак ду атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.