
pressadmin-2
Цәыббрамза анҵәамҭа инаркны Аԥснынтәи иалганы иган 2844 тонна амандарина.
Аҟәа. Абҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ацитрустә сезон алагара - цәыббрамза инаркны иахьанӡа Аԥснынтәи експорт ҳасабла иалганы иган:
амандарина – 2 844 409 кь,
афеихоа – 571 657 кь,
ахәырма – 123 399 кь,
алимон – 139 438 кь.
Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Аԥснынтәи иалганы иган:
амандарина – 1 559 792 кь,
афеихоа – 588 843 кь,
ахәырма – 53 714 кь,
алимон – 190 917 кь. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҿы.
Аԥснытәи ашахматистцәа аиҩызаратә онлаин-матч аҿы никарагуатәи аспортсменцәа ириааит.
Аҟәа. Абҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ашахматистцәа аиҩызаратә онлаин-матч аҿы никарагуатәи аспортсменцәа ириааит. Аматч мҩаԥысуан абҵарамза 13 рзы, уи асчиот 6:2 ҳәа ихыркәшахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аԥсны акоманда ахьӡала иқәгылеит Ҭемыр Зыхәба, Альберт Карапетиан, Руслан Ӡиаԥшьба, Сарида Лакәатаа.
Анна Тхагушева аҵаақәшьқьраара азы атәылаҿацәтә еицлабрақәа рҿы араӡнытә аԥхьахә лгеит.
Аҟәа. Абҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анна Тхагушева аолимпиатә чемпион Алеқсеи Урманов иаԥхьахәқәа ргаразы аҵаақәшьқьраара азы атәылаҿацәтә еицлабрақәа рҿы араӡнытә аԥхьахә лгеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан абҵарамза 8 – 11 рзы афедералтә ҵакыра «Сириус» аспорт Ахан «Большой» аҿы. Урҭ рхы аладырхәит Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи 350-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Анна Тхагушева аразриад «аҵаақәшьқьрааҩы қәыԥш» аҿы дықәгылон.
Аспортсменка лҽазыҟалҵоит Шәача ақалақь, аолимпиатә аҵаақәшьқьраара Академиа «Олимпийский лед» аҿы азыҟаҵаҩ Алина Забора лнапхгарала.
Зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьар идырбалеит Дранда инхо ахаҵа.
Аҟәа. Абҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьауӷаԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахьырхәра анагӡара аусбарҭа аусзуҩцәеи Гәылрыԥшь аҳаблаҿы иааныркылеит автомашьына ВАЗ-2107. Уи аԥсҟы икын 1958 шықәсазы ииз, Дранда аҳаблаҿы инхо Баиактар-оглы Турсун Џьемал-иԥа.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, амашьына агәаҭараан аԥхьатәи апассаџьыртә тәарҭа аҿы амилициа аусзуҩца ирбеит иагьцәырыргеит зыкапан 4,5 грамм рҟынӡа инаӡо, «каннабис» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар.
Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи «Амшынеиқәафымцамч» иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа хықәкылатәи разкызаара арҽеирақәа аларгалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа еицҿакны «2023 шықәсазы Ареспублиатә биуџьет ахархәагақәа ахықәкытә зкызаара арҽеирақәа ралагалара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.
Убас, 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҿы афымцамч ахархәаразы априборқәа раахәразы иазԥхьагәаҭаз 60 млн. мааҭ афымцамч Аԥсныҟа аашьҭра ахәԥса ашәара ахь идәықәҵахоит.
Акциа «Ашьақар аҩаӡара ҭышәынтәалоуп» Аԥсны абҵарамза 14 – 15 рзы имҩаԥгахоит.
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адибет чымазара аҿагылара Адунеизегьтәи Амш азы ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны адиабеттә еилазаареи» агәабзиарахьчара Аминистрреи еилахәны, Аԥсны асоциал-культуратә аԥшьгарақәа Рфонд афинанстә дгылараала Аԥсны «Ашьақар аҩаӡара ҭышәынтәалоуп» ҳәа агәыҳалалратә акциа мҩаԥгахоит.
Абҵарамза 14 - 15 рзы изҭаху зегьы хәыда-ԥсада ршьа аҿы ашьақар аҩаӡара гәарҭалоит. Абҵарамза 14 рзы акциа мҩаԥыслоит асааҭ 09:00 инаркны Ҭҟәарчал ақалақь аҿы (Араионтә Хәышәтәырҭа Хада), Гал ақалақь аҿы (Араионтә Хәышәтәырҭа Хада), Аҟәа ақалақь аҿы (Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟны иҟоу аполиклиника) Пицунда ақалақь аҿы (акурорттә поликлиника), Гагра ақалақь аҿы (ахәаахәҭратә центр «Гагра», (Араионтә Хәышәтәырҭа Хада).
Абҵарамза 13 – Жәларбжьаратәи ақьиара амш ауп .
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 13 рзы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи ақьиара Амш.
Адунеизегьтәи ақьиара Амш милаҭла, динхаҵала, арасала еиуеиԥшым ауаа реидкылара иазкуп. Уи даҽазнык иугәаланаршәоит ақьиареи агәцаракреи абзиабареи арыцҳаибашьареи аҵак ду шаҵоу, уи арыцҳарақәа зегьы риааира ишацхраауа.
Раԥхьаӡа акәны Ақьиара Амш азгәарҭо иалагеит иапонтәи «Ақьиара азы Адунеизегьтәи аиҿкаара» активистцәа абҵарамза 13, 1997 шықәсазы. Аиҿкаара ахықәкы хаданы иҟоуп – ақьиареи арыцҳаибашьареи аҳра ахьауа адунеи аԥҵара. 1998 шықәсазы Токио ақалақь аҿы имҩаԥысит Адунеизегьтәи ақьиара Амш актәи аконференциа, уи рхы аладырхәит Австралиа, Канада, Иапониа, Таиланд, Сингапур, Великобританиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа. 2009 шықәсазы ари аныҳәа раԥхьаӡа акәны азгәаҭара иалагеит Урыстәылагьы.
Аԥсны есышықәса Ақьиара Амш азгәарҭоит, агәыҳалалратә еиҿкаарақәа еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәеи акциақәеи мҩаԥыргоит.
Аҵарауаа ргәаанагарала, абжьааԥнытәи аԥсҭазаара аҿы ауаа рганахьала ақьиареи арыцҳаибашьареи агәцаракреи аазырԥшуа адунеи аоптимизм ду ала ахәаԥшра адагьы, ргәалаҟазаареи маха-шьахала рҭагылазаашьагьы еиҳа еиӷьны иҟоуп. Ауаҩы егьырҭ данрыцхраауа иара ихшыҩаб зеиӷьаҟам аԥсабаратә хьаарҽыгақәаны ирдыруа хыԥхьаӡара рацәала аендорфинқәа ахылҵуеит. Иара убас, ендорфины ҳәа изышьҭоу ауаҩы инервқәа дырҭынчуеит, дҭышәныртәалоит, еиҳа деиқәнартәоит, адипрессиа аҟынтәи дахьчоит.
«Агәыҳалалратә усуразы» Азакәан Аԥсны ирыдыркылеит аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы – ԥхынҷәынмза 4, 1992 шықәса рзы.
Азакәан агәҳалалратә усура аҳәынҭқарратә дгылара анаҭоит, уи азинтәи ашьаҭа аԥнаҵоит, аҭыԥантәи еиԥш аҳәаанырцәтәи аусура аларҵәара азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа шьақәнаргылоит.
Аҳәынҭқарра ахықәкытә шәахтә политика амҩаԥгара, азинҷыдақәеи апривилегиақәеи рышьақәыргылареи, урҭ атәылауааи аиуристтә хаҿқәеи урҭ реидгыларақәеи азакәан инақәыршәаны адгалара рыҭарала ари аҩыза аусуразы афинанстәи аматериалтәи ашьаҭа аԥҵара иацхраауеит.
Ареспублика аҿы бжьаратәла уахәаԥшуазар ашәҟәы иҭагалахоит агәыҳалалратә хықәкы анагӡара мацаразы зусура мҩаԥызго 30 инарзынаԥшуа аиҿкаарақәа.
Аԥсныпресс акорреспондент Аԥсны аиустициа Аминистрра аҿы ирҭаз адыррақәа рыла, ҳазҭоу аамҭазы Асертификациатә комиссиа аӡбамҭа инақәыршәаны агәыҳалалратә усура анагӡаразы аҳәынҭқарратә сертификатқәа рыҭоуп 25 еиҿкаара.
Агәыҳалалра асертификат змоу аиҿкаарақәа:
Аԥсны мҽхакы ҭбаала Урыстәылаҟа аҩқәа дәықәызҵо рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 13. 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны зегьы реиҳа мҽхакы ҭбаала Урыстәылаҟа аҩқәа дәықәызҵо атәылақәа жәаба рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп. 2023 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны жьҭаарамзанӡа импорт ҳасабала аҩы Урыстәылаҟа адәықәҵара амҽхак иҳаҩсыз ашықәс, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 6% рыла иацлеит, ҳәа афедералтә ҳазылхратә хашәалахәқәеи атарифтә ҭышәынтәалареи рзы Афедералтә Ҳазылхратә Маҵзура Аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Максим Чмора Урыстәылатәи аҩыҟаҵаратә форум аҿы дықәгыло иҟаиҵаз аҳәамҭа ахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит аинформациатә Агентра «ТАСС».
Афорум аҿы имҩаԥгаз Афедерациатә Ҳазылхратә Маҵзура аӡыргара инақәыршәаны, ажьырныҳәамза-жьҭаарамза, 2023 шықәсазы Урыстәылаҟа импорт ҳасабла идәықәҵан 532,4 нызықь тонн аҩы. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы уи 501,1нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.
Аԥснытәи абоксиорцәа Ростов-на-Дону имҩаԥысуаз атурнир «Аиҩызара Ахраҿа» аҿы еиуеиԥшым аҩаӡарақәа змоу ф-медалк ргеит.
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа Ростов-на-Дону имҩаԥысуаз атурнир «Аиҩызара Ахраҿа» аҿы ахьтәы медалки ҩ-раӡны медалки х-џьазтә медалки ргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Леварса Аџьынџьал актәи аҭыԥ ааникылеит, Даниель Багариани Қьиамал Возбеи аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит. Атурнир аџьазтә медалқәа ргеит Рафаель Кесиан, Едгар Депелиан, Гарик Шебелиан.
Абокс азы V Жәларбжьаратәи атурнир «Аиҩызара Ахраҿа» мҩаԥысуан абҵарамза 7- 11 рзы.
Аицлабрақәа ирылахәын Краснодартәи атәылаҿацә, Донецки Макеевкеи, Ермантәылеи Аԥсни, иара убас Викториа Сеишельтәи адгьылбжьахақәа рҟынтәи 13 – 16 шықәса зхыҵуа 200-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.
Аԥснытәи аспортсменцәа азыҟарҵоит Аслан Ахба, Едуард Депелиан, Иракли Цурцумиа, Аршавел Калаиџьиани Едуард Одабашиан.
Езаабеи Каԥба Аԥсны зыла иамбо Рхеидкыла аусура азы: «Аҵыхәтәанынӡа агәыӷра ыҟоуп».
Аҟәа. Абҵараза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба, Ельвира Горзолиа/. Есышықәса, абҵарамза 13 рзы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи зыла иамбо Рымш. Ари арыцхә аламҭалазы 2009 шықәса раахыс Аԥсны зыла иамбо Рхеидкыла ахантәаҩы иҟоу Езаабеи Қаԥба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ари аиҿкаара аусура атәы еиҭеиҳәеит. Аицәажәара мариамхаӡеит. Ахеидкыла имаҷымкәа апроблемақәа амоуп, урҭ ажәашықәсқәа ирылагӡаны иӡбамкәа иаанхоит, арахь иҟоу аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аԥсахра азы авариантқәа зынӡа ирацәаӡам. Традициала ишышьақәгылахьоу ала, урҭ зегьы усгьы зынӡа иҟам афинанстәра иадҳәалахоит.
Аха иџьоушьаша зынӡа даҽакуп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахьҵәҟьа амина дахьахаԥжәаз иахҟьаны зынӡа дышлашәхазгьы, Ахеилак ахантәаҩы аоптимизми аенергиеи ирӡӡом, џьара акала зыла иамбо ацхыраара рыҭара иҽазишәоит. Уи злаиллиршо, насгьы аҵыхәтәантәи 14 шықәса рыла иарбан еиҿкаарақәоу ацхырааразы дзыдҵаалахьоу, уи алҵшәақәас иаиуз, уҳәа ртәы анаҩс шәаԥхьар ауеит.
Арбагақәеи афактқәеи
– Езаабеи Калас-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәондаз, Ахеилак анаԥҵаз атәы?
– Ари ҟалеит 1957 шықәсазы. Аҟәа ақалақь, Чачхалиа имҩаду ала аҳәынҭқарра адгьыл ахәҭа азоунажьит, ԥыҭрак ашьҭахь Қырҭтәыла зыла иамбо Рхеидкыла ахарџь ала араҟа иргылан Аԥснытәи аҵара-ҭыжьратә наплаки уи иаҵанакуаз ахыбрақәеи.
80-тәи ашықәсқәа рхыркәшамҭаз Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аполитикатә ҭагылазаашьа ҩаԥхьа аибарххара иалагеит. Анаҩс, цәыббрамза 27, 1991 шықәсазы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала иарбоу адгьыл ахәҭеи араҟа иргылаз ахыбрақәеи имилаҭыртәит. Хәажәкырамза 6, 1992 шықәсазы анапхгара аусбарҭа даҽа қәҵарак ҭнажьит, уи инақәыршәаны иарбоу аобиект Аԥсны ахатәрахьы ииасит.
– Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьара аиҿкаара аусура ишԥаныԥши?
– Даара ианыԥшит. Аибашьра ашьҭахь уаҟа акгьы аанымхаӡеит, зегьы еимырҵәеит, ирҟәыбеит. Жьҭаарамза, 1994 шықәсазы Аҟәа ақалақь Ахадара адҵа инақәыршәаны, ҳара даҽа хыбрак ҳарҭеит, араҟа иахьа уажәраанӡагьы аус аауеит. Уаанӡа араҟа иҟаз акондитертә фабрика иатәу ахәыҷбаҳча «Лакомка» акәын.
– Шәеиҿкаара аҿы шаҟаҩык ашәҟәы иҭагалоузеи?
– 2009 шықәсазы сара Ахеидкыла ахантәаҩыс сҟалеит, усҟан зегьы раԥхьаӡа сусура сызлалагаз, аблабара азы аинвалидра змоу ауаа рсиа сазҵааит. Урҭ рхыԥхьаӡара 518-ҩык рҟынӡа инаӡозаарын. Ԥыҭрак ашьҭахь ҳара ателехәаԥшралеи акьыԥхь аҿгьы аблабара азы аинвалидцәа ааны Ҳаилазаара аҿы ашәҟәы рыҽҭаргаларц азы аҳәамҭақәа ҟаҳҵеит. Дара иаҳзасуан, иарбан цхыраароуп рыҭара ҳалшо ҳәа иҳазҵаауан. Сара иҳамоу митәык идуум ҳалшарақәа ртәы анырзеиҭасҳәоз, аӡәырҩы ашәҟәы аҽҭагалара ҵакы амаӡам ҳәа ирыԥхьӡеит. Иахьатәи аамҭазы Ҳхеидыла аҿы ашәҟәы иҭагалоуп 45-ҩык, урҭ рахьынтә ԥшьҩык Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатәи еибашьра аинвалидцәа роуп.