АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Абҵара.2023

Езаабеи Каԥба Аԥсны зыла иамбо Рхеидкыла аусура азы: «Аҵыхәтәанынӡа агәыӷра ыҟоуп».

Аҟәа. Абҵараза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба, Ельвира Горзолиа/.  Есышықәса, абҵарамза 13 рзы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи зыла иамбо Рымш.  Ари арыцхә аламҭалазы 2009 шықәса раахыс Аԥсны зыла иамбо Рхеидкыла  ахантәаҩы иҟоу Езаабеи Қаԥба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ари аиҿкаара аусура атәы еиҭеиҳәеит. Аицәажәара мариамхаӡеит. Ахеидкыла имаҷымкәа апроблемақәа амоуп, урҭ ажәашықәсқәа  ирылагӡаны иӡбамкәа иаанхоит, арахь иҟоу аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аԥсахра азы авариантқәа зынӡа ирацәаӡам. Традициала ишышьақәгылахьоу ала, урҭ зегьы усгьы зынӡа иҟам афинанстәра иадҳәалахоит.  

Аха иџьоушьаша зынӡа даҽакуп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахьҵәҟьа амина дахьахаԥжәаз иахҟьаны зынӡа дышлашәхазгьы,  Ахеилак ахантәаҩы аоптимизми аенергиеи ирӡӡом, џьара акала зыла иамбо ацхыраара рыҭара иҽазишәоит. Уи злаиллиршо, насгьы аҵыхәтәантәи 14 шықәса рыла иарбан еиҿкаарақәоу ацхырааразы дзыдҵаалахьоу, уи алҵшәақәас иаиуз, уҳәа ртәы анаҩс шәаԥхьар ауеит.

Арбагақәеи афактқәеи 

– Езаабеи Калас-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәондаз, Ахеилак анаԥҵаз атәы? 

– Ари ҟалеит 1957 шықәсазы. Аҟәа ақалақь, Чачхалиа имҩаду ала аҳәынҭқарра адгьыл ахәҭа азоунажьит, ԥыҭрак ашьҭахь Қырҭтәыла зыла иамбо Рхеидкыла ахарџь ала араҟа иргылан Аԥснытәи аҵара-ҭыжьратә наплаки уи  иаҵанакуаз ахыбрақәеи.

80-тәи ашықәсқәа рхыркәшамҭаз Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аполитикатә ҭагылазаашьа ҩаԥхьа аибарххара иалагеит.  Анаҩс,  цәыббрамза 27, 1991 шықәсазы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала иарбоу адгьыл ахәҭеи араҟа иргылаз ахыбрақәеи имилаҭыртәит.  Хәажәкырамза 6, 1992 шықәсазы анапхгара аусбарҭа даҽа қәҵарак ҭнажьит, уи инақәыршәаны иарбоу аобиект Аԥсны ахатәрахьы ииасит.  

– Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьара аиҿкаара аусура ишԥаныԥши? 

– Даара ианыԥшит. Аибашьра ашьҭахь уаҟа акгьы аанымхаӡеит, зегьы еимырҵәеит, ирҟәыбеит. Жьҭаарамза, 1994 шықәсазы Аҟәа ақалақь Ахадара адҵа инақәыршәаны, ҳара даҽа хыбрак ҳарҭеит, араҟа иахьа уажәраанӡагьы аус аауеит.   Уаанӡа араҟа иҟаз акондитертә фабрика иатәу ахәыҷбаҳча «Лакомка» акәын.

– Шәеиҿкаара аҿы шаҟаҩык ашәҟәы иҭагалоузеи? 

– 2009 шықәсазы сара Ахеидкыла ахантәаҩыс сҟалеит, усҟан зегьы раԥхьаӡа сусура сызлалагаз, аблабара азы аинвалидра змоу ауаа рсиа сазҵааит. Урҭ рхыԥхьаӡара 518-ҩык рҟынӡа инаӡозаарын. Ԥыҭрак ашьҭахь ҳара ателехәаԥшралеи акьыԥхь аҿгьы аблабара азы аинвалидцәа ааны Ҳаилазаара аҿы ашәҟәы рыҽҭаргаларц азы аҳәамҭақәа ҟаҳҵеит. Дара иаҳзасуан, иарбан цхыраароуп рыҭара ҳалшо ҳәа иҳазҵаауан. Сара иҳамоу митәык идуум ҳалшарақәа ртәы анырзеиҭасҳәоз, аӡәырҩы ашәҟәы аҽҭагалара ҵакы амаӡам ҳәа ирыԥхьӡеит. Иахьатәи аамҭазы Ҳхеидыла аҿы ашәҟәы иҭагалоуп 45-ҩык, урҭ рахьынтә ԥшьҩык Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатәи еибашьра аинвалидцәа роуп.

– Шәара напхгара зышәҭо Аилазаара аҿы ашәҟәы иҭагалоу ауаа рыблабара ацара аиҳарак мзысқәак иамоузеит? 

– Аиҳарак аибашьра иахьҟеит, аглоукома ҳәа иҟоу абла ачымазарақәа ирыхҟьазгьы рацәоуп, иҟоуп ирыцииз апатологиақәа ирыхҟьазгьы, убас  дыҟоуп, иаагозар, Аилазаара алахәылацәа зегьы реиҳа иқәыԥшу, уажәы 17 шықәса заҵәык зхыҵуа алахәыла Алеқсандр Агрба.  Иара Аилазаараҿы ашәҟәы дҭагалоуп хәы-шықәса анихыҵуаз инаркны, иҭаацәа изныкымкәа ахәышәтәразы Урыстәылаҟа дыргахьеит, аха, рыцҳарас иҟалаз, уи акала имыхәаӡеит.  Аиаша убас иҟоуп.

– Аблабара азы аинвалидра змоу ауаа Аилазаара алахәылара ирнаҭоузеи? 

– Ҳара иахьынӡаҳалшо ала аматериалтә цхыраара рыҭара ҳҽазаҳшәоит. Аԥаратә цхыраагӡатәқәа реицҵалыҵ митәык идуумзаргьы, уеизгьы хра злоу адинамика шыҟоу умбар залшаӡом. Иаагозар, 2009 шықәсазы ҳара зыбла иамбо ираҳҭаз  ацхыраара азеиԥш еицҵалыҵ жә-нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡозҭгьы, иҳаҩсыз ашықәс азы уи  332 400 мааҭ рҟынӡа иазҳаит.  

 – Шәара иарбоу аԥаратә хархәагақәа рҳашьас иашәҭозеи? 

– Ҳара хыбрақәак қьырала ираҳҭоит, Аилазаара аҿы иҟоуп амҿыуасҭаратә цех.  Уи аусура аҟынтәи иҳауо ахашәалахәы акыр имаҷуп, иаагозар, иҳаҩсыз ашықәс азы ацех аусура аҟынтәи бжьаратәла мызктәи ахашәалахәы цқьа аицҵалыҵ 7 500 мааҭ рҟынӡа инаӡон.  

–  Ари ацех аҿы зыла иамбо роума аус зуа? 

– Рыцҳарас иҟалаз, ҳара аблабара азы аинвалидцәа ишәарҭамкәа аус аларуртә еиԥш иҟоу  ауасҭагақәа ҳамаӡам. Уаҟа аус иуеит аштат аҿы иҟоу  амаӡаҩ.

– Асовет аамҭазы ирацәаны аус руан аблабара аганахьала апроблема змоу ауаа  русура иазку аҷыдалкаатә ҟазшьа змоу аҭыжьратә комбинатқәа. Иахьа Аԥсны аиԥш-зеиԥшу ҳәа акыр ыҟоума? 

– Ус еиԥш иҟоу анаплакқәа ыҟаӡам. Аилазаара ажәытә лахәылақәа ражәақәа рыла, аибашьра ҟалаанӡа Гәдоуҭа ақалақьи, иара Аҟәа ақалақьи рҿы иҟан ус еиԥш анаплақәа, араҟа иҭрыжьуан аԥараҭрақәа, ақьаадттә рзақәқәа (еилаҳәарақәа), аимаақәа рзы акартон иалху аҭрақәа, уҳәа.  Аха иахьатәи аамҭазы урҭ ыҟаӡам.

– Иарбоу анаплақәа рыҟазаара азы аҭаххра ыҟоума иахьа?

– Аус аура зҭаху маҷҩуп, избан акәзар, Ҳаилазаара алахәылацәа реиҳараҩык рықәрахь инеихьеит, урҭ лассы-лассы ичмазаҩхоит.  Иҟоуп зынӡа аиарҭагьы иамоугьы, урҭ аусура акәым, баша аибабара азы арахьынӡагьы изааӡом.

– Аилазаареи ақалақьтә окулистцәеи хазхаҭалатәи алабаратә клиникақәеи аусеицуратә еимадара рыбжьоума?

 – Мап, ҳара ҳганахьала уи азы аҽазышәарақәа шыҟазгьы. Уимоу, сара С.Н.Фиодоров ихьӡ зху аклиникагьы ахь садҵаалахьеит. Урҭ ирымоуп аблачымазарақәа рышьақәыргылареи рыхәышәтәреи рзы ҷыдала еиқәыршәоу аԥхараныҟәаӷба, уи ҳамшынбаӷаза ахь иааны ареспублика анҭыҵ ацара злымшо ауаа офтольмологиатә медицинатә цхыраара рыҭара еиҿнакаар ауан.  Аха, акгьы залмыршахеит. Иҟалар ҟалап, аҭыԥантәи ҳнапхгара аусбарҭақәа акала уи иацхраазҭгьы, џьара акы алҵызҭгьы. Сара ари азҵаарала асоциалтә еиқәыршәара Аминистрреи агәабзиарахьчара Аминистрреи рахь садҵаалахьан, аха уи зегьы лҵшәадахеит.

– Шәара шәеиҿкаареи  Урыстәыла аиԥш-зеиԥшу Аилазаарақәеи аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоума? 

– Мап. Сара изныкымкәа урҭ рымадара сҽазысшәахьеит, аха лабҿаба акәым, ҭеллагьы уи сзалмыршеит.

 – Насыԥны, Аԥсны иҟоуп иҭышәынтәаланы аус зуо, ибзиоу ахашәалахәы змоу анаплакқәа. Урҭ рҟынтәи ишәыцхраауа ыҟоума?

 –2009 шықәсазы сара ацхырааразы ашәҟәқәа  сышьҭит аилазаарақәа «А-Мобаил», «Аҟәафон», «Аԥснытәи амшынӷбаныҟәара», Аҟәатәи ауарашршырҭа азауад, «Аҟәаприбор», атакси амаҵзурақәа, «Аԥсныбылтәы», Аҟәеи Гагреи Рхадарақәа, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата, иара убас Аҟәатәи аџьармыкьа Хада ахь. Убас ала, Аҟәатәи ауараршырҭа азауад иҳанаҭеит х-нызықь мааҭ, Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата – быжь нызықь мааҭ, Аҟәа ақалақь ахада – 20 нызықь мааҭ, Гагра ақалақь Ахадара –  50 нызықь мааҭ, «Аҟәаприбор» – жәа-нызықь мааҭ. Иааизакны иҟалеит 90 нызықь мааҭ. Убри ала ацхыраара аанкылеит, абар шьҭа  14  шықәса раахыс ацхраара аҭара акәым, ҳашәҟәқәаҵәҟьа аӡәгьы иақәҿиҭуам.

–  Шәара уи мзыс иамоу ҳәа акыр шәызҳәома? 

–  Сара исзеилкаауам, абизнес ду ҳара ҳзы абри еиԥш иҟоу азнеишьа ахьрымоу. Аиаша уҳәар ами, аӡәгьы ҳацхраара уалс идым. Ҳара иҳадшо ала ҳхала анхареи аӡәи-аӡәи аицхыраареи, уимоу, иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы аҿиарагьы ҳҽазаҳшәоит. 2009 шықәсазы аилазаара ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡара аҿы зынӡа имаҷыз ҟәрышьқәак ракәын иҟаз, маҷ-маҷ аҭагылазаашьа аҽарҽеиуа иалагеит, аха ҳара ҳхаҭа иҳамоу алшарақәа акыр имаҷуп.

 – Ҳара есымша Аилазаара хазхаҭалатәи ашьаҿақәеи агәыҳалалреи ҳрылацәажәоит. Аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхырааразы иҟои? 

– Ҳара аҳәынҭқарра аганахьала зынӡа капеик иадамзаргьы ацхыраара ҳмоуӡацт.  Акызаҵәык, иҟаҵаз, – 2009 шықәсазы Алеқсандр Анқәаб ицхыраарала ҳобиектқәа рхыбрақәа  еиҭашьақәыргылан. Аиашазы, аҵыхәтәанынӡа агәыӷра ыҟоуп ҳәа уҳәар алшоит.

– Шәара ауаҩы дахьшәыхәаԥшуа, згәы каҳаз ауаҩы исахьа шәымаӡам. Иҳашәҳәондаз, иҟоу аҭагылазаашьа алҵшьаз ижәбозеи? 

– Сара сааҟәымҵӡакәа уи сазхәыцуеит, схаҿы еиуеиԥшым авариантқәа еилысхуеит. Иаагозар, ҳара атауарқәа рҭыжьра ҳалагоит, аха урҭ анаҩс џьара аҭира аҭахуп, арахь аџьармыкьа аҿы аҭиразы аҭыԥқәа зегьы аанкылоуп. Иҳамоу ахыбрақәа зегьы еиҭашьақәыргыланы қьырала рыҭара ҳалагар, уи хра злоу аффект аиур ҟалон. Ақьыраԥса ала ҳара ҳлахәылацәа аныҳәақәеи аԥсрақәеи раан ада абжьааԥынгьы адгылара раҳҭалар алшон. Аха ари авариантгьы апроблема ацуп. Ҳхатәы харџь ала ҳара арҭ ахыбрақәа реиҭашьақәыргылара шықәсыла, жәашықәсала ҳаҿызаауеит. Иҟалоит жәаҳәарада аиҭашьақәыргыларазы апотенциалтә ақьырагаҩцәа аадыԥхьалазаргьы, аха араҟагьы апроблема цәырҵуеит – иарбоу ахыбрақәа ҳара ҳмазараҿы иҟаӡам. Аӡәгьы иҭаххаӡом изтәу еилкаам, збаланс аҿы иҟоу рзымдыруа аобиектқәа реиҭашьақәыргыларазы рхатә ԥаратә хархәагақәа рныхра. Сара хыхь амҿыуасҭаратә цех салацәажәахьан.  Ари авариант хра аланы иҟалар алшоит, аха уаҟа иахьа ишьақәыргылоу амаругақәа 60 шықәса иреиҳаны ирхыҵуеит, аҿыц акәзар рыхәԥса шә-нызықьқәа иреиҳауп.  Иааизакны, ҳаамҭазтәи аҿар «полный кринж» ҳәа изышьҭоу, анахьгьы иҟам арахьгьы иҟам аҭагылазаашьа шьақәгылоит, аха ҳара уеизгьы ҳгәы каҳажьуам. Зыла иамбо ржьара ҟалаӡом.

– Шәара 2009 шықәса раахыс иааиԥмырҟьаӡакәа Аилазаара анапхгара ашәҭоит, есыҽны апроблемақәа, аиҳарак ӡбашьа змам азҵаарақәа шәаԥхьа иаагылоит, ауаа џьара акала ацхыраара рыҭара азы иҟашәҵо рацәоуп. Излашәылшои ас шәлахҿыхӡа аанхара, шәгәы камыжькәа аоптимизм аарԥшра? 

– Сара зынӡа исҭахӡамкәа Аилазаара ахантәаҩыс салырхит, сара усҟан ари Аилазаара алахәыласгьы сыҟамызт. Аха ҳара ҳуааԥсыра џьоукы ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа рҿы аҽадцалара аарԥшра рылшоит, иҟасҵарыз, аиҳараҩык  ргәазыҳәара сақәшаҳаҭхар акәхеит. Сара иуадаҩыз анхамҩа соуит. Аха иаразнак еилыскааит, зегьы ирыцку ауаа шраку.  Зегьы сырзыӡырҩит, иҭысҵаауан, урҭ заку, рхы-иҭоу ргәы иҭоу, ражәеи руси еимадоу еимадаму, уҳәа. Агәаҭарақәак мҩаԥган, афинанстәқәагьы уахь иналаҵаны. Иаарԥшхеит аилагарақәа рацәаны, амцхәынҵақәа рбеит, иҟам-ианым ауаа аулафахәы рзоужьра, аргыларатә маҭәахәқәа рыла амахинациақәа рымҩаԥгара, уҳәа убас иҵегьы. Усзуҩцәақәак амхтәхеит. Убас маҷ-маҷ аусурагьы еиҳа иҭышәынтәалахеит, еиҳа иаартхеит, еилкаау асистема ашьақәыргылара алыршахеит, уи иабзоураны  реалла ауаа еиҳа ацхыраара рыҭара алыршахеит. Ииашоуп, ацхыраагӡатәқәа реицҵалыҵқәа маҷуп, аӡәы изы ҩба-хәба нызықь иреиҳаӡам, аха уи зегьы ииашаны, ламсцқьала имҩаԥысуеит. Саргьы уахынла ҭынч сыцәоит. Даҽа ихадоу азҵаарагьы сазааҭгылар сҭахуп. Сара аинвалидлра азы урыстәылатәи атәанчхәы соуеит, аха аԥсуа тәанчахәы ада уаҳа акагьы змауа ауаа маҷымкәа иҟоуп. Сара урҭ рыцҳасшьоит, ахәыҷы ԥшқақәа реиԥш ацхыраара рҭахуп. Сара макьаназы сзыԥсахуа, ииашаны аусура зылшо ауаҩы дызбом. Изулакгьы, исылшо ала ламысцқьала Аилазаара анапхгара аҭареи аҽырӷәӷәареи сҽазысшәоит. 

 

 

 


Read 195 times - Ашәахьа, 13 Абҵара 2023 14:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.