АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Абҵара.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Леванҭ Атрышба абжьқәа реиҳарак ала Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа аиҳабыс дахьалырхыз инамаданы дидныҳәалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Леванҭ  Атрышба абжьқәа реиҳарак ала Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа аиҳабыс дахьалырхыз инамаданы дидныҳәалеит. Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу, Левенҭ!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит алхрақәа рҟны ижәгаз аиааира. Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа аиҳабыс шәахьалырхыз, ииашоу ӡбамҭоуп ҳәа сахәаԥшуеит.

Шәара, аҭакԥхықәра ду зцу амаҵзура аныҟәгара, гәрагарала шәнапы ианырҵеит. Аԥсны инхо аԥсуааи, Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуааи реимадара уасхырс шәамоуп. Агәыӷра сымоуп, шәдырреи шәԥышәеи ирыбзоураны, ҳдиаспореи ҳареи ҳаигәныҩра арӷәӷәара шшәылшо, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи реизыҟазаашьа амҽхак арҭбааразы ишәылшо зегьы шыҟашәҵо.

Аԥснынтә асалам ду шәзынаҭиуа, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, шәнапы иану аусԥшьа аҟны аихьӡарақәа!

Шәҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны шәбара ҳаигәырӷьоит!»

 


Read 231 times - Ашәахьа, 13 Абҵара 2023 11:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.