АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Абҵара.2023

Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи «Амшынеиқәафымцамч» иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа хықәкылатәи разкызаара арҽеирақәа аларгалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа  еицҿакны «2023 шықәсазы Ареспублиатә биуџьет ахархәагақәа ахықәкытә зкызаара арҽеирақәа ралагалара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.  

Убас, 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҿы афымцамч ахархәаразы априборқәа раахәразы иазԥхьагәаҭаз 60 млн. мааҭ афымцамч Аԥсныҟа аашьҭра ахәԥса ашәара ахь идәықәҵахоит.

«Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, афымцахархәара аԥкрақәа ралагалара аҟынӡа анамгара хықәкыс иҟаҵаны,  2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет аҟәша  0400 – «Амилаҭтә економика» (аҟәшеиҵа 0403 – «Ааглыхра, аенергетика, аимадара, атранспорт») аҿы афымцамч ахархәаразы априборқәа раахәразы иазԥхьагәаҭаз аԥаратә хархәагақәа рхықәкытә зкызаара аԥсахрақәа ралагалареи, 60 миллион мааҭ Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» ахь афымцамч Аԥсныҟа аашьҭра ахәԥса ашәара азы адәықәҵареи рзы аӡбамҭа адкыларазы ажәалагала ҟалҵеит», - ҳәа иаҳәоит аусшәҟәы аҿы.


Read 145 times - Аҩаша, 14 Абҵара 2023 12:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.