Аҳәынҭқарра Ашьаусԥшааратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 223, ахәҭа 2 инақәыршәаны, Аԥсны атәылауаҩ Баиактар-оглы Турсун Џьемал-иԥа иганахьала ихацыркыз аусеилыргара мҩаԥнагоит Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусеилыргаратә гәыԥ.
14.Абҵара.2023
Зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьар идырбалеит Дранда инхо ахаҵа.
Аҟәа. Абҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьауӷаԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахьырхәра анагӡара аусбарҭа аусзуҩцәеи Гәылрыԥшь аҳаблаҿы иааныркылеит автомашьына ВАЗ-2107. Уи аԥсҟы икын 1958 шықәсазы ииз, Дранда аҳаблаҿы инхо Баиактар-оглы Турсун Џьемал-иԥа.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, амашьына агәаҭараан аԥхьатәи апассаџьыртә тәарҭа аҿы амилициа аусзуҩца ирбеит иагьцәырыргеит зыкапан 4,5 грамм рҟынӡа инаӡо, «каннабис» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар.