АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Абҵара.2023

Анна Тхагушева аҵаақәшьқьраара азы атәылаҿацәтә еицлабрақәа рҿы араӡнытә аԥхьахә лгеит.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анна Тхагушева аолимпиатә чемпион Алеқсеи Урманов иаԥхьахәқәа ргаразы аҵаақәшьқьраара азы атәылаҿацәтә еицлабрақәа рҿы араӡнытә аԥхьахә лгеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан абҵарамза  8 – 11 рзы афедералтә ҵакыра «Сириус» аспорт Ахан «Большой» аҿы. Урҭ рхы аладырхәит Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи 350-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Анна Тхагушева аразриад «аҵаақәшьқьрааҩы қәыԥш» аҿы дықәгылон.

Аспортсменка лҽазыҟалҵоит Шәача ақалақь, аолимпиатә аҵаақәшьқьраара Академиа «Олимпийский лед» аҿы азыҟаҵаҩ Алина Забора лнапхгарала. 

 


Read 290 times - Аҩаша, 14 Абҵара 2023 12:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.