АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Абҵара.2023

Акциа «Ашьақар аҩаӡара ҭышәынтәалоуп» Аԥсны абҵарамза 14 – 15 рзы имҩаԥгахоит.

Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адибет чымазара аҿагылара Адунеизегьтәи Амш азы ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны адиабеттә еилазаареи» агәабзиарахьчара Аминистрреи еилахәны, Аԥсны асоциал-культуратә аԥшьгарақәа Рфонд афинанстә дгылараала Аԥсны «Ашьақар аҩаӡара ҭышәынтәалоуп» ҳәа агәыҳалалратә акциа мҩаԥгахоит.

Абҵарамза 14 - 15  рзы изҭаху зегьы хәыда-ԥсада ршьа аҿы ашьақар аҩаӡара гәарҭалоит. Абҵарамза 14 рзы акциа мҩаԥыслоит асааҭ 09:00 инаркны Ҭҟәарчал ақалақь аҿы (Араионтә Хәышәтәырҭа Хада), Гал ақалақь аҿы (Араионтә Хәышәтәырҭа Хада), Аҟәа ақалақь аҿы (Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟны иҟоу аполиклиника) Пицунда ақалақь аҿы  (акурорттә поликлиника), Гагра ақалақь аҿы (ахәаахәҭратә центр «Гагра», (Араионтә Хәышәтәырҭа Хада).

Абҵарамза 15 рзы асааҭ 09:00 инаркны  ашьа аҿы ашьақар аҩаӡара агәаҭара ҟалоит Аҟәа ақалақь аҿы (Аҳҭнықалақь Ахадара аҿаԥхьа иҟоу апарки Аҳабла Ҿыц аҟны иҟоу апарки рҿы), Гәдоуҭа ақалақь аҿы (аџьармыкьа Хада), Очамчыра ақалақь аҿы (ақалақь Ахадара аҿаԥхьа), иара убас Цандрыԥшь аҳаблаҿы (аполиклиника).

Адунеизегьтәи адиабет чымазара аҿагылара Амш есышықәса абҵарамза 14 рзы иазгәарҭоит. Уи адунеи зегьы аҿы ашьақар чымазара (адиабет) зыхьуа рхыԥхьаӡара аизҳара инамаданы 1991 шықәсазы Жәларбжьаратәи адеабеттә Федерациеи Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара аиҿкаареи рыла иалагалан.


Read 364 times - Аҩаша, 14 Абҵара 2023 16:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.