АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Абҵара.2023

Аԥсны мҽхакы ҭбаала Урыстәылаҟа аҩқәа дәықәызҵо рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 13. 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны зегьы реиҳа мҽхакы ҭбаала Урыстәылаҟа аҩқәа дәықәызҵо атәылақәа жәаба рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп. 2023 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны жьҭаарамзанӡа импорт ҳасабала аҩы Урыстәылаҟа адәықәҵара амҽхак иҳаҩсыз ашықәс, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар,   6%  рыла иацлеит, ҳәа афедералтә ҳазылхратә хашәалахәқәеи атарифтә ҭышәынтәалареи рзы Афедералтә Ҳазылхратә Маҵзура Аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Максим Чмора Урыстәылатәи аҩыҟаҵаратә форум аҿы дықәгыло иҟаиҵаз аҳәамҭа ахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит аинформациатә Агентра «ТАСС».

Афорум аҿы имҩаԥгаз Афедерациатә Ҳазылхратә Маҵзура аӡыргара инақәыршәаны, ажьырныҳәамза-жьҭаарамза,  2023 шықәсазы Урыстәылаҟа импорт ҳасабла идәықәҵан 532,4 нызықь тонн  аҩы. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы уи  501,1нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.  

Зегьы иреиҳаны аҩы Италиантәи иалган иган (30%), Қырҭтәыла (17%), Испаниа (13%), Франциа (8%), иара убас Португалиантәи (6%). Зегьы реиҳа мҽхакы ҭбаала Урыстәылаҟа аҩқәа дәықәызҵо атәылақәа жәаба рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Аԥсны, Чили, Германиа, Аладатәи Африкеи Иҿыцу Зеландиеи.

Афедералтә Ҳазылхратә Маҵзура адыррақәа рыла, урыстәылатәи аҩқәа рекспорт 2023 шықәса, ажьырныҳәамза-жьҭаарамза рзы иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 2,8 нызықь тонн рыла иазҳаит.  Аиҳарак Урыстәылантәи аҩы Китаи иргон (41%), Аԥсныҟа  (40%).              


Read 213 times - Ашәахьа, 13 Абҵара 2023 15:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.