
pressadmin-2
Амҵәышәмпыли анапылампыли рзы Аԥсны еизгоу акомандақәа Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа рыбжьара ашколтә спорт Х Жәларбжьаратәи афестиваль рхы аладырхәуеит. .
Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҵәышәмпыли 3х3 (арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи) анапылампыли (аҭыԥҳацәа) рзы Аԥсны еизгоу акомандақәа Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа рыбжьара ашколтә спорт Х Жәларбжьаратәи афестиваль рхы аладырхәуеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
Аԥснытәи акомандақәа азыҟарҵоит Николаи Гушьин, Дмитри Џьынџьал, Рузанна Никулина.
Афестиваль абҵарамза 7 инаркны абҵарамза 12 аҟынӡа Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.
Афестиваль – абар шьҭа традициала 10 шықәса раахыс, 2013 шықәса инаркны Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҿы имҩаԥысуа Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа рыбжьара ашколтә спорт Жәларбжьаратәи афестиваль иацу ауп.
Афестиваль рхы аладырхәуеит 12 тәыла: Урыстәыла, Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларуссиа, Казахсҭан, Кыргызсҭан, Молдова, Приднестровие, Ҭаџьыкьысҭан, Туркменисҭан, Узбекисҭан акомандақәеи, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа инхо Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа рдиаспорақәа ркомандақәеи рҟынтәи 530-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.
Ауаҩы иԥаараҿы ахара зду Георги Зыхәба ихьырхәра аҩнытә баандаҩтәра ала иԥсахуп.
Аҟәа. Абҵарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Гамисониа Г.Г. лхантәаҩралеи аӡбаҩцәа Кәарҷиа Р.В., Аџьынџьал З.С. алархәны имҩаԥысыз ашьауӷатә усқәа рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа адукат Инга Габилаиа Зыхәба Георги Лавренти-иԥа иинтересқәа рыхьчаразы Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа Зыхәба Георги иҭакра аҽҳәара ацҵаразы иаднакылаз ақәҵара азы иалалҵаз азашшратә зыҳәамҭа иахәаԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.
Едуард Быҭәба аимҳәадуҿагыларатә диспансер аусура гәеиҭеит.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ахаша, абҵарамза 8 рзы аимҳәадуҿагыларатә диспансер даҭааит. Уи иҭаара ахықәкы хаданы иҟан аусбарҭа аусшьа агәаҭареи иҟоу аусқәа рҭагылазашьа аилкаареи. Абри азы адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра асаит.
Амедицинатә усбарҭа адиректор Џьумбер Гоԥиа Едуард Быҭәба аимҳәадуҿагыларатә диспансер аҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы изеиҭеиҳәеит. Уи иажәақәа рыла, иарбоу апроблемақәа рыӡбараҿы Аминистрра аҟынтәи ацхыраара аҭаххар алшоит.
Џьумбер Гоԥиа иажәақәа рыла, адиспансер аҿы иҟоуп ацрыӡмҩангагатә система иадҳәалоу ауадаҩрақәа ыҟоуп, урҭ аҵыхәтәантәи аамҭазы еиҳа иӷәӷәахеит.
«Уаанӡа ҳара ҳамч ала ицәырҵуаз апроблемақәа рыӡбара ҳҽазаҳшәон, аха аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩымхарц азы иахәҭоу аусурақәа мҩаԥгатәуп», - ҳәа иҳәеит иара.
Анҭыҵтәи аилацәажәара ихы алаирхәит аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсныргылара» анапхгаҩы Руслан Тәанба.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амедицинатә Усбарҭа иҷыдоу автотранспорт аимадара амобилтә системала еиқәдыршәеит.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амедицинатә Усбарҭа иҷыдоу автотранспорт аимадара амобилтә системала еиқәдыршәеит. Уи аԥыԥшраҿы иҟоу аҳақьымцәа рыбригада амҩан аконсультациақәа рымҩаԥгаразы Урыстәыла ахәышәтәырҭақәа зегьы рҿы еиуеиԥшым апрофиль иаҵанакуа аспециалистцәа ареалтә аамҭа арежим ала рыҽрымадара алнаршоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
«Иаҭаххоны иҟалозар, ахәра зауз ауаа рҭагылазаашьа онлаин режим ала иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра рыҭара азы ареанимобиль аҿы ишьақәыргылоу ахарашәаратә приборқәа рҟынтәи арбагақәа ахыхра алыршахоит. Ишьақәыргылаз асистема атесттә режим ала қәҿиарала аԥышәарақәа ирхысит», – ҳәа иазгәаҭоуп аԥсеиқәырхаратә хылаԥшырҭа иҟанаҵо адырраҭара аҿы.
Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа галтәи абжьаратәи ашкол №1 абиологиа азы алаборатортә еиқәыршәагақәа ҳамҭас иарҭеит.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа абиологиа азы амобилтә лабораториатә комплекси акомпиутертә еиқәыршәагақәеи Гал ақалақь иҟоу абжьаратәи ашкол №1 ҳамҭас ианаҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «ГалМедиа».
«Ари зынӡа ҳаззыԥшымыз аҳамҭа акәхеит. Ари ашкол аҿы абиологиа арҵара азы даара хәарҭа змоу аиқәыршәагақәа роуп», – ҳәа илҳәеит абиологиа арҵаҩы Алла Хизанишвили.
Амобилтә комплекс иаҵанакцеит априборқәа, аинструментқәа, ацифратә шәагатә еиқәыршәагақәа, аинтерактивтә ҵарадырратә ресурсқәа, амултимедиатәи атесттәи аматериалқәа. Уи ахархәарала аҵаҩцәа арҵаҩы ицхыраарала еиԥш рхалагьы аекпериментқәеи аԥышәатә усурақәеи мҩаԥыргалар алшоит.
Асхад Воуба амузыкатә проект #ВСЕОНИ ихы алаирхәуеит.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи амузыкант Асхад Воуба раԥхьаӡа акәны иуникалтәу, идуӡӡоу амузыкатә проект #ВСЕОНИ ихы алаирхәуеит.
2022 шықәсазы иаԥҵаз Урыстәылазегьтәи аҿартә амилаҭтә инструментқәа роркестр #ВСЕОНИ – ари «аоркестр-академиа» ауп, уи иалаху зегьы жәлар ринструментқәа рҿы ихәмаруеит. 85 - ҩык аоркестр иалаху – амузыкатә ҵараиурҭақәа роужьҭымҭацәеи рыстудентцәеи роуп, урҭ Урыстәыла ҩажәижәаба регион рҟынтәи, иара убас Монголиа, Аԥсны, Белорусь ахаҭарнакра руеит. Аоркестр аҿы иуаҳар алшоит аԥснытәи аҿырпын, монголиатәи морин хуур, аурыс балалаикеи амырзаҟани, башкириатәи кураи кыл-кубызи, карелиатәи кантеле, белорусстәи цимбала, ауаԥстәи амырзаҟан (гармоника), уҳәа убас иҵегьы.
Аԥснытәи амузыкант апроект – Санкт-Петербургктәи аҳәынҭқарратә биуџьеттә акультура аусбарҭа «Петербург-концерт» (СПбГБУК «Петербург-концерт») ааԥхьарала Урыстәылаҟа ддәықәлеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахаҭарнак иаҳасабала. Апроект алахәхаразы Ахсад Воуба идгалара мҩаԥигеит О.Хәынцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа Роркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа.
2023 шықәса 10 мыз рыла Аԥсны идуу акурорттә обиектқәа хәба иршәаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 260 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Самшитовая роща» ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ахь ашәахтә усбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа азинмчы аԥыхразы азыҳәамҭа Абжьаҟазаратә ӡбарҭа ахь идәықәнаҵеит.
Мышқәак раԥхьа Telegram-канал https://t.me/respublicaabh аҿы «Самшитовая роща» аҵыхәтәантәи хышықәса рзы аҳәынҭқарратә биуџьет ахь 380 миллион инарзынаԥшуа, инҭкааны иуҳәозар, ашәахтә шәатәқәа раҳасабала 368,4 млн. мааҭи, ақьыратә хәыԥса аҳасабала 11,4 млн. мааҭи аланагалеит ҳәа адырра анылеит.
Аинформациатә Агентра Аԥсныпресс Аԥсны идуу акурорттә обиектқәа хәба аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҟарҵаз ашәахтә лагалақәа рзы адырра аиура азы иҟанаҵаз аҳәара аҭак аҳасабала абарҭ арбагақәа ҳауит.
2021 шықәса инаркны жьҭаарамза 31, 2023 шықәанӡа Аԥсны акурорттә обиект дуқәа хәба ашәахтә шәатәқәа раҳасабала иҟарҵаз алагалақәа реицҵалыҵ 571 млн. мааҭ иреиҳауп.
Апрофильтә парламенттә Еилакы аҩбатәи аԥхьараҿы атәыла абиуџьет ахь аиҭакрақәа рыдкыларазы ажәалагала ҟанаҵоит.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аҿы абҵарамза 8 рзы «2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭарақәа ралагаларазы» азакәан апроект иахәаԥшит. Аилак инарҭбаау аилатәара мҩаԥигон уи ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
Абҵарамза 2 рзы актәи аԥхьараҿы ирыдыркылаз азакәан апроект, Аԥсны Аҳәынҭқарра 2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет ихадоу апараметрқәа аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәанаҭоит.
Ҟрым иҭахаз Аԥсны иалҵыз аибашьҩы иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иаарышьҭит.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟрым имҩаԥысит Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа афырхаҵа, Аԥсны иалҵыз аибашьҩы Ризбеи Хьибба иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь адәықәҵара аламҭалазтәи алахьеиқәҵаратә церемониа мҩаԥысит. Аволонтиорцәа афырхаҵа иԥсыбаҩ данҭахоз ицыз ихатәы маҭәақәа ацны иԥсадгьыл ахь аашьҭра алдыршеит. Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә мҩаԥгахеит асолдаҭ-афырхаҵа иԥсыбаҩ ахьырыԥшааз Ленин ихьӡ зху араион аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Вести Крым» асаит.
Апроект «Аинвалидра змоу ахәыҷқәа рреабилитациа азы ҳаамҭазтәи аеффективра злоу аметодқәа» Аԥсны анагӡара алыршахоит.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 12 – 16, 2023 шықәсазы аинвалидра змоу ахәыҷқәа рыцхырааразы агәыҳалалратә фонд «Движение вверх» (ақ. Москва, Урыстәыла) амедицинатә реабилитациа ацентр «Экзарта» (ақ. Нижни Новгород, Урыстәыла), иара убас амедицнатә реабилитациа азы Жәларбжьаратәи академиа рыцхыраарала Аԥсны имҩаԥгахоит асоциалтә ҵакы змоу аҵаратә проект «Аинвалидра змоу ахәыҷқәа рреабилитациа азы ҳаамҭазтәи аеффективра злоу аметодқәа» анагӡара мҩаԥгахоит.
«Апроект ҷыдала Аԥсны амедицинатә еилазаара ахаҭарнакцәа рзы еиқәыршәоуп, уи аинвалидра змоу ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи амедицинатә цхыраара рыҭареи аԥышәеи адыррақәеи рыла аимадареи иазырхоуп», – ҳәа иазгәаҭоуп апроект апресс-релиз аҿы.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны алекциақәа, амастер-классқәа, иара убас аҳақьымцәа рзы еиԥш аинвалидра змоу ахәыҷқәа рҭаацәеи рзы хазхаҭалатәи аконсультациақәа рымҩаԥгара азԥхьаҵәаҭоуп.
Урҭ мҩаԥыргалоит амедицинатә реабилитациа иазку Урыстәыла иреиӷьу ацентрқәа иреиуоу ацентр аспециалистцәеи аекспертцәеи.
Апроект аусмҩаԥгатәқәа Ҵандрыԥшь аҳаблеи Аҟәа ақалақьи рҿы имҩаԥыслоит.