АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Мшаҧы.2024

Бадра Гәынба аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азҵаарақәа рыла акоординациатә штаб аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ, акоординациатә штаб анапхгаҩы Бадра Гәынба, Бабышьра ақыҭан иҟоу Владислав Арӡынба ихьӡ зку аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҵакыраҟны аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилатәара иалахәыз аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи уи аусура аиҭахацыркреи  рзы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа шымҩаԥысуа иалацәажәеит. Убас, аиԥылараҟны ирзааҭгылан аусура аамҭа анагӡара иадҳәалаз азҵаатәқәа. Иахьазы аԥырратә дәаҿы нап аркуп аԥырра-тәарҭатә цәаҳәақәа рырҽеира, иара убас аҿықәқәа ррыцқьара. Ажәытә хыбрақәа рықәгаразы аусурақәа цоит. Апассаџьырцәеи аҳаирпланқәеи рмаҵзура азы аамҭалатәи аргыларақәа рҭыԥ алкааразы агеодезиатә  дыргақәа рышьақәыргылара алагеит.

Аинертә материалқәа рышьҭаҵарҭақәеи ацементбетонтә зауади рыргылара азы абаза аиқәыршәара мҩаԥысуеит. Аргыларатә маҭәахәқәа ихадоу аагаҩцәа алкаауп.  

Аҳаирбаӷәаза аҵакыраҿы аҵлақәеи ачықьқәеи ррыцқьара мҩаԥысуеит.

Ҳаԥхьаҟа ахархәара змауа ажәытә хыбрақәа рықәгаразы аусурақәа цоит.

Аҳаирбаӷәаз арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рылацәажәара иалахәын атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба,   В.Г.Арӡынба   ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза  «Аҟәа» адиректор хада Наиль Батраев.

Аргылара ахархәарахь ирыҭахоит 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ареконструкциа аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аусура аиҭахацыркреи анаҩстәи ахархәареи рзы аинвестициатә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Уи иазԥхьагәаҭоу апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара аизҳара  азы ихымԥадатәиу аушьҭратә лшара аиқәыршәара иазырхоуп, иара убас  жәларбжьаратәи атранспорт-логистикатә система аҿы атәыла алшарақәа акыр иарҭбаауеит, иара убри ала аекономика аҿиара хра злоу анырра анаҭоит.  

 

 


Read 30 times - Ахаша, 17 Мшаҧы 2024 15:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.