АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Мшаҧы.2024

Ажьырныҳәамза 1 инаркны Аԥсны аҳәаанырцәтәи атәылауаа ареспублика аҿы аамҭала рыҟазаара аҭыԥ ала рышәҟәҭагалара иҿыцу аԥҟара алагалахоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә ҳақәа рҿы Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауа атуристцәа 200 мааҭ рҟынӡа инаӡо абаџь ршәаларц шрыхәҭахо азы аинформациа цәырҵит.

Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аҿы Аԥсныпресс акорреспондент ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы адырра ирҭеит.

Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аофициалтә саит аҿы  «Аԥсны аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ареспублика аҿы аамҭала рыҟазаара аҭыԥ ала рышәҟәҭагалара иҿыцу Аԥҟара алагалара азы» Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵареи ажьырныҳәамза  1, 2024 шықәса рзы азинмчы зауз Аԥҟара атексти анылеит.

«Арҭ аусшәҟәқәа Ареспублика Аԥсны ахь алалара аԥҟарақәа акала ирыдҳәаланы иҟаӡам.

Уаҟа, Аԥсныҟа иаауа, 14 мши-ҵхи инареиҳаны иҟоу аҳәаанырцәтәи атәылауаа зегьы Аԥсны аамҭала иахььанкылаз аҭыԥ аҿы ашәҟәҭагалара иахысроуп ҳәа ауп ишарбоу.

Аԥсныҟа иаауа атуристцәа ракәзар, урҭ анхарҭақәа ианрыҩнало, иахьаанкыло аԥсшьарҭаҭыԥқәа рҿы ианнеилак  аамҭала иахьаанкыло аҭыԥ ала уи иазку аҭаҩратә-шәҟәаҿы рҽанырҵар рыхәҭоуп», – ҳәа илҳәеит Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура азинтә ҟәша аиҳабы Мадина Марганиа.

Лара ишазгәалҭаз ала, атуристцәа рганахьала иарбоу апроцедура амҩаԥгаразы аҭакԥхықәра рыдуп атуристцәа аамҭала иахьаанкыло аҭыԥқәа (аотельқәа, асасааирҭақәа, апансионатқәа, аԥсашьарҭақәа, асанаториақәа, акемпингқәа  – АП аредакциа азгәаҭара) радминистраторцәа.

«Иара убас, иарбоу аҭагылазаашьа аҿы иҟоуп иарбоу акатегориа иаҵанакуа аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы еиҳа ирмариоу аԥҟара.  Ажәакала иуҳәозар, урҭ аамҭала рнырхара аиқәыршәараан рышәҟәҭагалара мҩаԥгахоит. Ҳара ҳахь ари адырра аелектронтә цҳамҭа ала инаӡоит. Асасааирҭақәа, асанаториақәа, уҳәа атуристцәа аамҭала рнырхара аҭыԥқәа радминистраторцәа ахәҭакахьала атуристцәа рыла аҳәынҭқарратә биуџьет ахь зныктәи ашәатәы аҳасабала  200 мааҭ дыршәара алдыршароуп. Даҽакала иуҳәозар, ҳреспублика аҵакыра ахь аҭалара азы ахәԥса ашәара акәӡам уи иаанаго, уи  иаанаго аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рышәҟәҭагалара амҩаԥгареи, аамҭала иахьаанкыло аҭыԥқәа рышьақәыргылареи ауп», - ҳәа иазгәалҭеит Мадина Марганиа.

 Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәсанӡа Аԥсны аус ауан цәыббрамза 11, 2013 шықәсазы ирыдыркылаз аҳәаанырцәтәи атәылауаа рышәҟәҭагалара азы аԥҟара. Убас ала, усҟан ашәҟәҭагалара мҩаԥысуан ашәҟәҭагаларатә талон рыҭарала. Уи азы аҳәаанырцтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ирымххон 60 мааҭ, ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза  1 инаркны иарбоу апроцедура аҽеиҭанакит.  

«Уаанӡа аамҭалатәи ашәҟәҭагалара атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысуазҭгьы, ҳазҭалаз ашықәс ажьырныҳәамза  1 инаркны иарбоу аус азы аҭакԥхықәра Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура иадҵоуп.  Уаанӡа арегистрациатә шәҟәҭагалара ҳәа изышьҭаз апроцедура шьҭарнахыс  аамҭала анхара аҭыԥ ала ашәҟәҭагалара ҳәа иахьӡхоит, уеизгьы-уеизгьы, шьаҭанкыла акгьы аҽамԥсахӡеит», – ҳәа илҳәеит Мадина Марганиа.

Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, амиграциатә закәанԥҵара ақәныҟәара ахылаԥшра аҭара азы аҭакԥхықәра зду аусбарҭа аҳасабала, 2024 шықәса алагара инаркны иалкаау аинформациатә усура мҩаԥнагоит.   Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура асаит аҿы Ақәҵара акьыԥхьара анаҩс,  аҳәаанырцәтәи атәылауааи урҭ рыдкылара мҩаԥызго агани амиграциатә закәанԥҵара иалагалоу арҿыцрақәа ртәы рдыруазарц азы Ареспублика Аԥсны атуризм Аминистрра ахь аофициалтә шәҟәы дәықәҵахеит. 

Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура азиндырҩы даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәалҭеит  атәыла алалара азы ахәԥса ашәара ахәҭаны ишыҟамлаз, ашәҟәҭагалара азы аҳәынҭқарратә баџь ахшәаара акәзар, аҳәаанырцтәи атәылауаа атәыла аҩныҵҟа иахьынӡаҟоу аамҭа иалагӡаны уи ареспубликатә  биуџьет ахь  ашәара алыршазароуп.

Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аҿы ишырыԥхьаӡо ала, аамҭала аҟазаара аҭыԥ ала ашәҟәҭагалара иадҳәалоу иарбоу апроцедура – Аԥсны имҩаԥысуа амиграциатә процессқәа рхылаԥшра азы зегьы реиҳа ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп.

 

 

 

 

 


Read 39 times - Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 12:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.