14 цыра убас ала аҭиразы еиқәыршәаз аилаҳәарақәа амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит Сергеи Ким ихатәы маҭәақәа рыбжьара, урҭ ирыцын аелектронтә акапангагьы. Иаанкыло ахацәа аамҭала иахьынхоз аҩны ахыбра акәша-мыкәша агәаҭарақәа рымҩаԥгараан амилициа аусзуҩцәа адгьыл ицәыҵаз аххыраԥшра змоу ишкәакәоу амаҭәашьар згәылаз аилаҳәара рыԥшааит.
Иаартыз аполиетилен илаҳәаз анаркотикатә маҭәашьар Сергеи Кими Сергеи Бритулини иахьынхоз аҭыԥ иацәыхарамкәа - аплиаж, аԥслымӡ иалаҵәахны, абетонтә ҭыӡқәеи ашьаҟақәеи рыҵаҟа иҟаҵаз имаӡоу аҭыԥқәа рҿы ирыладырҵәон.
Еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы амилициа аусзуҩцәа имҩаԥыргаз аҭҵаара-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа раан амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит анаркотикатә маҭәашьар згәылаз даҽа ԥшь-еилаҳәарак. Аексперттә дырранҵа инақәыршәаны, иаанкылаз ауаа ирымхыз анаркотикатә маҭәашьар азеиԥш капан 462,208 грамм рҟынӡа инаӡоит. Уи ҷыдара ирацәоу акапан ахь иаҵанакуеит.
Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәшеиҵа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҟазшьақәа рыла ашьаусеилыргара хацнаркит. Иаанкылаз ауаа аамҭалатәи аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа ахь инагоуп.