
pressadmin-2
Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Самшитовая роща» ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ахь азашра ахәаԥшразы Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбаратә еилатәара амҩаԥгара арыцхә шьақәыргылоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абжьаҟазаратә ӡбарҭа Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Самшитовая роща» ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ахь азашра ала аус №АС-62/2023 ахәаԥшразы аӡбаратә еилатәара амҩаԥгара арыцхә шьақәнаргылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аофициалтә саит.
Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Самшитовая роща» ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ахь ашәахтә усбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа азинмчы аԥыхразы азыҳәамҭа ахәаԥшразы аӡбаратә еилатәара абҵарамза 29, 2023 шықәса, 11 сааҭи 00 минуҭи рзы имҩаԥгахоит.
Азыҳәамҭа ахәаԥшра аӡбаҩ Алиса Чамагәуа лхантәаҩрала имҩаԥгахоит.
Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аконтрабаҭтә сигареҭқәа рыиагара аԥхьырҟәҟәаара рылдыршеит.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Краснодартәи аҳазылхыҩцәа 2600 пачка инарзынаԥшуа асигареҭ изакәанымкәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа раагара аԥхьырҟәҟәаара алдыршеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура апресс-маҵзура.
Ганрацәалатәи автомашьынатә аужьҭра-гәаҭаратә Пункт Адлер аҳазылхратә ԥыԥшырҭа аусзуҩцәа изакәанымкәа аҭаҭын аалыҵ аиагаразы зҽазызшәоз ҩ-машьынак ааныркылеит.
Автомашьына HYUNDAI амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала аҳазылхратә гәаҭараан, абензинмқьаҭи аԥсахга гьежьи ахьыҟоу аҭыԥ азааигәара атәым маҭәахәқәа рыҟазаара шалшо арбан.
«Иарбоу атранспорттә хархәга агәаҭараан аҭаҭын аалыҵ зҭаз имаӡоу аҭаҵәахқәа аарԥшхеит, – ҳәа иҳәеит Краснодартәи аҳазылхырҭа Ганрацәалатәи автомашьынатә аужьҭра-гәаҭаратә Пункт Адлер аҳазылхратә ԥыԥшырҭа аиҳабы Алеқсеи Быков. – Асигареҭқәа рыхәҭак амашьына аҵа ахҟьа абжьара иҟаз, зыԥшра еиҭакыз абензинмқьаҭ иҭаҵәахын, егьи – асанҭыр змамыз аԥсахга гьежьы аҩныҵҟа иҭан». Ари амашьынала 1100 пачка асигареҭ аиагара рҽазыршәеит.
Тамбовтәи аобласть аҟынтәи иаагоу аҵәаҵлақәа раллеиа ҟалоит Гал ақалақь аҿы.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа жьҭаарамза анҵәамҭазы Тамбовтәи аобласть Петровтәи аокруг аҿы иҟан. Арегион абара аҳәаақәа ирҭагӡаны асасцәа аҭыԥантәи абаҳчааӡаратә наплакы иаҭааит. Араҟа урҭ ҳамҭас ирырҭеит 100 шьапык ԥшь-сортк рҟыӡа иҟоу аҵәаҵлақәа реиҭаҳатәқәа. Абри азы адырра ҟаҵоуп асаит https://tambov.mk.ru. аҿы.
Араион ахада Сергеи Ефанов ишеиҭеиҳәаз ала, аԥсуа қалақь Гал аҿы Аиҩызара ахьӡала аҵәаҵлақәа раллеиа аиҭаҳара азԥхьагәаҭоуп. Уи ҳамҭас ирырҭо аҵлақәа аԥсуа дгьыл шанаало, ишыӷьацо азы агәыӷра ааирԥшит.
Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷқәа рзы аԥсышәала ицәажәо ԥшь-ҭыжьымҭак аӡыргара мҩаԥысит.
Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы хы-шықәса инадыркны жәа-шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы аԥсышәала ицәажәо ԥшь-ҭыжьымҭак аӡыргара мҩаԥысит.
Уи – асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәар «Сара раԥхьатәи сышәҟәы», А. Мықәба ахәыҷқәа рзы ииҩыз алакә-апиеса «Ажьа-афырхаҵа», Г. Сақаниа авторс дызмоу, ԥшшәы еилаԥсала ашәыгақәа зцу ажәеинраалақәа реизга «Ашәҭқәа рашәа», иара убас Г. Кәыҵниа авторс дызмоу ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы сахьала еиқәыршәоу аизга «Асааҭи аамҭеи» роуп.
Ажәар «Сара раԥхьатәи сышәҟәы» – ари даара ибзианы асахьақәа рыла еиқәыршәоу ҭыжьымҭоуп. Еиуеиԥшым аԥшшәқәеи урҭ рахь аҵаҩырақәеи аилыркаагақәеи ахәыҷқәа имарианы ирласны иарбоу амаҭәарқәеи ацәырҵрақәеи рыхьӡқәа ргәынкылараҿы хра злоу цхыраагӡаны иҟалоит.
Ԥшшәы еилаԥсала ашәыгақәа зцу ажәеинраалақәа реизга «Ашәҭқәа рашәа» еиуеиԥшым ашәҭқәа ирызку ажәеинраалақәа ирызку ажәеинраалақәа рыла еиқәыршәоуп.
Ашәҟәы «Асааҭи аамҭеи» аԥхьаҩ хәыҷы ашьыжьтәи абҩарҵәыреи шьыжьхьафареи инадыркны иҵатәқәа рыҟаҵара аҟынӡа ихадоу иусқәа рзы иаамҭа ииашаны азыԥҵәара иҵарц азы ацхыраара инаҭоит. Ари ашәҟәы аҿы еизгоуп асахьақәеи игәырҿыхгоу ажәеинраалақәеи.
«Ажьа-афырхаҵа» – ари А. Мықәба ахәыҷқәа рзы ииҩыз алакә-апиеса ауп.
Ашәҟәқәа реиҳарак Аԥсны араионқәа зегьы рахь ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь идәықәҵахоит. Ашәҟәқәа ааухәар ҟалоит ашәҟәҭирҭатә дәқьанқәа рҿы.
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Еилакы аспециалистцәа рнапхгарала фымз ирылагӡаны иарбоу аҭыжьымҭақәа аус рыдырулон аԥсуа бызшәа аспециалистцәа, аметодистцәа, ааԥхьара зауз асахьаҭыхыҩцәа.
Ашәҟәқәа зегьы ааизакны ртираж – 3500 екземплиар рҟынӡа инаӡоит.
Амилаҭтә шәаратә Система “АԤРА” аҿы жәымз рыла имҩаԥгаз аоперациақәа реицҵалыҵ 26,3 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа. Абҵарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса жәымз рыла Аԥсны иахьаҵанакуа абанктә хсаалагақәа зку рыла имҩаԥгаз атранзакциақәа реицҵалыҵ 26,3 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны Абанк аофициалтә саит аҟны. 2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, имҩаԥгаз аоперациақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 16% (3,6 млрд) рыла еизҳаит.
Зынӡа ахсаалагақәа «АԤРА» ала имҩаԥгаз атранзакциақәа 38,4% рҟынӡа инаӡоит, ашәаратә система «МИР» ахсаалагақәа рыла – 33,5%, жәларбжьаратәи ашәаратә системақәа рыхсаалагақәа рыла – 28,1%.
Урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа рыла Амилаҭтә шәаратә Система «АԤРА» аҿы имҩаԥгаз аоперациақәа рымҽхак 2023 шықәса жәымз ирылагӡаны 22,6% (3,0 млрд. мааҭ) рыла иазҳаит. Уи 16,1 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан «МИР» ахсаалагақәа рыла ашықәс алагамҭа инаркны имҩаԥгаз аоперациақәа 8,8 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи 74,8% (3,8 млрд. мааҭ) рыла 2022 шықәсатәи арбагақәа раасҭа еиҳахеит.
2023 шықәса жәымз ирылагӡаны Аԥсны абанктә хсаалагақәа рыла атуарқәеи амаҵзурақәеи рыхәԥсақәа ршәара 9,9 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи 125% рыла иҳаҩсыз ашықәс азы арбага аасҭа еиҳауп. (4.4 млрд. мааҭ).
Аԥснытәи аделегациа IX Жәларбжьаратәи акультуратә форум аусура ахы аланархәуеит.
Аҟәа. Абҵарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр напхгара зылҭо аԥснытәи аделегациа абҵарамза 16-18, 2023 шықәса рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуа IX Жәларбжьаратәи акультуратә форум аусура ахы аланархәуеит.
Акультура Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аԥснытәи аделегациа аилазаара иалалеит С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр адиректор Алхас Ҷолокуа, Ф.Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр адиректор Хада Иракли Хьынҭәба, А. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа адиректор Нинель Бжьаниа, Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә камератә оркестр асахьаркыратә напхгаҩы, адерижиор Давид Терзиан, жәларбжьаратәи аусеицуреи амассатә информациа ахархәагақәа рымадареи рзы акультура Аминистрра аҟәша анапхгаҩы Сариа Маршьан.
2023 шықәсазы Афорум ҩаԥхьа азанааҭтә еилазаара — акультура аусзуҩцәа, атәылеи адунеи рҿы иҟоу акультуратә еиҿкаара дуқәа рнапхгаҩцәа, зыхьӡ нагоу аекспертцәа, иара убас абизнеис-еилазаареи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа.
Аминистр Инал Арӡынба: «Аԥсни Аидгыла ҳәынҭқарра, ИАР атәылақәа, ЕАЕЕ рхаҭарнакцәеи аимадарақәа рыбжьарҵоит».
Аҟәа. Абҵарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 6 азы. Аилатәара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатәи азинмчи нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҷыдалкаатәи азинмчи нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.
Аилатәара алахәылацәа алацәажәеит аиҳабыратә делегациа Минск рыҟазаара алҵшәақәа, Мрагылара Ааигәатәи атәылақәа рнырра, аԥсны-полистинатә диалог, Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы цҳаражәҳәаҩыс Мухамад Али иҟаҵара, Аԥсны аинтеграциатә еидгылақәа ралахәара, ЕАР жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура.
Аминистр Инал Арӡынба иҳәеит Аԥсни Аидгыла ҳәынҭқарра, ИАР атәылақәа, ЕАЕЕ рхаҭарнакцәеи аимадарақәа рыбжьарҵоит ҳәа.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны арҭ аидгылақәа рылахәхара ишақәшаҳаҭу аҳәынҭқаррақәа реиҟарара апринцип инақәыршәаны. Иазгәаҭоуп арратә операциа ҷыда ахыркәшара ашьҭахь асоветаамҭашьҭахьтә ҵакырақәа рҿы аинтеграциатә процессқәа иҿыцу аформақәа шроуа.
Абри инадҳәаланы аилацәажәара алахәылацәа иазгәарҭеит Аԥсны арҭ аидгылақәа рылахәхара азҵаарақәа рылацәажәара шзаанаҵу.
Инал Арӡынба Ахеилак алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит ареспубликақәа рыҩганктә еимадара шыҟоу, Аԥсни беларуссиеи русбарҭабжьаратә еимадарақәа ақырҭуа дипломатцәа аҿгылара шарҭогьы ахырхарҭа рацәа шрымоу.
Иара убасгьы Инал Арӡынба дазааҭгылан еиҭеиҳәеит Урыстәыла иҟоу Палестина ацҳаражәҳәаҩ иацәажәарақәа мҩаԥысуеит ԥхьаҟа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ҳәа.
Аиалтәараҿы иара убасгьы иазгәаҭан ишалшо Аԥсни Ирани, Иемени, Афганистани, Ливани рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара. Инал Арӡынба иҳәеит ишаԥҵахо ҩ-ганктәи аусутә хеилак Аԥсны - Еидҵоу Арабтә Емиратқәа, арҭ аимадарақәа хра рыманы дшахәаԥшуа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Москва ақалақь аҿы Аԥсны арҿиаратә ҿар Реидгылара аԥҵоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿиаратә ҿар Реидгыла аԥҵоуп Москва ақалақь аҿы.
Аидгыла еиднакылоит адунеи зегьы аҟынтәи арҿиаатә, аԥшьгаратә ҟыбаҩ злоу астудентцәеи аидгьылуаа ҿарацәеи.
«Ҳара ҳҿар рырҿиаратә лшарақәа раарԥшра аҭахны иҟоуижьҭеи акрааҵуеит. Уамыргәырӷьар залшом, иахьа ҳҿар акыр ибеиоу акультуратә ҭынха ахьчара иахьазҿлымҳау, дара аиашазы аконструктивла арҿиаратә мчы аадырԥшуеит», – ҳәа Аидгыла аԥҵаразы аӡбамҭа далацәажәо иҳәеит «Москватәи аԥсуа Диаспора» анагӡаратә директор Даур Барганџьиа.
Аԥсуа телехәаԥшра 45-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа телехәаԥшра 45-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә хәылԥазы мҩаԥысит ашәахьа, абҵарамза 6 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза министр Алеқсандр Амқәаб.
Аусмҩаԥгатә аартуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адиректор Хада Ирина Агрба Аԥсуа телехәаԥшра аҭоурыхи иахьатәи амши ртәы еиҭалҳәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟынтәи адныҳәалара даԥхьеит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «45 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа телехәаԥшра қәҿиарала анапы иану анагӡара иаҿуп. Шәара шәыпрограммақәеи шәрепортажқәеи аԥсуа уаажәларра рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Шәара ауаажәларра ирышәҭо аинформациа инаваргыланы ишәылшоит ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхарагьы, ари, хымԥада, жәлар ртелехәаԥшраны аҟаҵара агьалнаршоит уҳәар ҟалоит.
Аԥсуа телехәаԥшра Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха ашьақәгылареи аиқәырхареи рзы алагала ахә ашьара уадаҩуп».
Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ», «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟақәа дрыԥхьеит.
Еизаз иддырбеит ҷыдала ирхиаз Аԥсуа телехәаԥшра аусура иазку асиужет. Уи агәалаҟазаара ашьҭыхра азы иалагалан ателехәаԥшра аусзуҩцәа рыԥсҭазаара аҟынтәи узырччо ахҭысқәа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа ирыдныҳәалеит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, абиуџьети акредиттә еиҿаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
Аслан Бжьания Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа атекст аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Шықәсырацәа лҵшәабзиала аусуреи аԥсуа телехәаԥшра аҿиара аҿы лрагалеи рзы, «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳыҭыртә хьӡы ранашьазааит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа: