АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аиҭакрақәа ралагалара рыдыркылеит.

Аконсолидациа зызу 2023 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьет азеиԥш шәага-зага  ахашәалахәқәа рыла  13 млрд 615 млн 933,9 нызықь мааҭ рҟынӡа иазԥхьагәаҭоуп, аныхтәқәа рыла – 15 млрд 932 млн 206,8 нызықь мааҭ. рҟынӡа. Аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит  2 млрд. 316 млн. 272,9 нызықь мааҭ рыла ириашаны ишьақәырӷәӷәоуп.   

2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет  апараметрқәа 10 млрд. 425 млн. 326,9 нызықь мааҭ рыла ириашаны ишьақәырӷәӷәоуп.  

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса 9 мыз ирылагӡаны ахархәара зауз афымцамч ахәԥса ашәара 35,3% рҟынӡа инаӡеит, урҭ рахьынтә аиуристтә хаҿқәа рҟынтәи – 69%, хазхаҭалатәи ахаҿқәа рҟынтәи 20% иреиҵаны. 9 мыз рыла иалагалаз ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ  632 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2022 – 2023 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы аҳәынҭқарратә программа анагӡара иазкны имҩаԥгаз аилатәара аҿы абри азы адырра ҟалҵеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аеконоика аминистр Кристина Озган.   

Ҳазҭоу ашықәс  10 мыз рыла  ахархәара зауз Егрытәи Аӡфымцатә станциа иаунажьуа афымцамч 1,6 млрд кВт/с. рҟынӡа инаӡоит, уи 2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 200 млн кВт/с. рыла еиҵоуп.

2023-2025 шш. рзы Аинвестициатә программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны Астанцеиҵа-11 кВ «Аҟәа-1», Астанцеиҵа - 110 кВ «Алаҳаӡы» рҿы имҩаԥысуаз ареконструкциатә усурақәа ахыркәшарахь инеит. Иара убас ахырәшарахь инеихьеит Астанцеиҵа-220 кВ «Бзыԥ» аҿы аусурақәагьы.  

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Апрокуратура амилициа аусзуҩцәа рганахьала амч зхы иазырхәаз атәылауаа рзы аусеилыргара хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Жьҭаара 23 рзы, ахәылбыҽха, 18 сааҭ  инарзынаԥшуа, амилициа аусзуҩцәа административтә хьырхәра иаҵаркыз Асҭамыр Сабекиа изыԥҵәаз аҿҳәара ахьынҵәаз азы иаанкылара рҽазыршәеит. Асҭамыр Сабекиеи Павел Теребови еицын, анаҩс урҭ ирыцлеит гәыԥҩык ауаа. Дара зегьы еидгыланы азинхьчаҩцәа иреисит. Анаҩс Асҭамыр Сабекиеи Павел Теребови аҭыԥ аҟынтәи рыҽӡаны ицеит.

Иара убри аҽны ахәылбыҽха, 19 сааҭи 40 минуҭи инарзынаԥшуа, Аҟәа ақалақь, Чалмаз имҩаҿы игылоу аҩнеихагыла ашҭаҿы азинеилагаҩцәа раанкылара рҽазыршәеит. Амилициа аузуҩцәа аҿагылара рырҭеит 50-ҩык рҟынӡа ауаа.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, "Москва Аҩны" аҿы ll Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа аадыртит. Уи мҩаԥыргоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны аҵара Аминистрреи.  

Ацәыргақәҵа хақәкыс иамоуп иреиҳау аҵарадырра аусхк аҿы аихьӡарақәа раарԥшреи урыстәылатәи арҵаратә программақәа ауаажәларра радԥхьалара, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иаку аинформациатә ҵарадырратә ҵакыра ашьақәыргылара, урыстәылатәи аԥснытәи  аҵарадырратә еиҿкаарақәа рыбжьара аусуратә еимадара абжьаҵара, иара убас ашколқәеи Иреиҳау аҵараиурҭақәеи роушьҭымҭацәа Урыстәыла иҟоу аҵаразы аҭагылазаашьақәеи ихадоу ахырхарҭақәеи деилыркаара.  

Аусмҩаԥгатә аофициалтә хәҭа аартуа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны абитуриентцәа арҵаратә программақәеи урҭ рхырхарҭақәеи рдырра шрылшо азгәеиҭеит: «Ари агәахәара ду ҳазҭо аҩбатәи цәыргақәҵоуп. Аиашазын, арҭ ацәыргақәҵақәа ус баша имҩаԥысуам. Уаанӡатәи ацәыргақәҵа алҵшәақәа рыла, атехнопарк "Кванториум" алахәыла ареспубликаҿтәи акультуратә ргыларақәак иԥхьаӡациркит. Аха зегь реиҳа ихадарахаз, иара убри атехнопарк Аԥсныҟа иааны ақалақьқәа рҿы амастер-классқәа мҩаԥнагеит. 1600-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа иарбоу амастер-классқәа рҿы анаука аусхкы аҿы иҟоу еиуеиԥшым аихьӡарақәа ртәы аилкаара азы алшарақәа рзаԥҵан. Сара сгәы иаанагоит, иахьатәи ацәыргақәҵа ахәыҷқәа рзы акыр хра злоу, аинтерес зҵоу усмҩаԥгатәны иҟалоит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Федотов.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин аҵараиурҭабжьаратә аҵаратә цәыргақәҵа амҩаԥгара традициа бзианы иҟалоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит:

«Иахьа араҟа хыԥхьаӡара рацәала абитуриентцәа ахьалаху, урҭ ацәыргақәҵа ахь азҿлымҳара  шрымоу аанарԥшуеит. Аԥшьгамҭа ахаҭагьы адгылара зҭаху усуп. Агәахәара унаҭоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь рхы ахьдырхо аԥснытәи аушьҭымҭацәа. Ҳаргьы иалшо ҟаҳҵалоит аҵараиурҭақәа рҿы аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара азырҳаразы. Агәыӷра сымоуп иахьатәи ҳусмҩаԥгатә қәҿиарала ишымҩаԥысуа азы», - ҳәа иҳәеит Михаил Шургалин.

Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ  Сергеи Шамба абитуриентцәа, арҵаҩцәеи аҭаацәеи ацәыргақәҵа аартра рыдиныҳәалеит.

«Шықәсырацәа инеиԥынкыланы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра ҳхәыҷқәа Урыстәыла аҵара рҵартә еиԥш алшара рынаҭоит. Уи урыстәылатәи абиуџьет ахарџь ала имҩаԥысуеит. Уи азы даара иҭабуп ҳәа ҳҳәоит. Сара ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит. Зегьы ирыцку, зегьы хымԥада аҵараиурҭақәа шәҭалара акәӡам, шәтәыла аизҳазыӷьара иазкны аусура зылшо уааны шәыҟалара ауп зегьы ирыцку. Мҩамш, ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәыцзааит шәнапы злашәкуа аусқәа зегьы рҿы», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 31 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра 2022-2025 шш. асоциал-економикатә ҿиара» Аҳәынҭқарратә Программа анагӡара амҩаԥысшьа иазкыз аилацәажәара.Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилацәажәара иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Аиҳабыра алахәцәа, амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, араионқәеи ақалақьқәеи р-Администрациақәа рхаҭарнакцәа.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аҳәынҭқарра Ахадеи аилацәажәара иалахәызи асоциал-економикатә ҿиара Аҳәынҭқарратә программа анагӡара амҩаԥысшьазы адырра рылҭеит.  Ари Апрограмма анагӡашьазы инарҭбааны аинформациа ҟанаҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ишьақәырӷәӷәоу «Аԥсны Аҳәынҭқарра 2022-2025 шш. асоциал-економикатә ҿиара» Аҳәынҭқарратә Программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2022 шықәса нанҳәамзазы иаҵаҩын Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабырабжьаратә Еиқәшаҳаҭра  Апрограмма анагӡараҟны ацхыраара аҟаҵаразы. Аиқәшаҳаҭра 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы ишьақәырӷәӷәан.

Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра шьаҭас иаҭаны аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма мҩаԥысуеит афинансеицзаужьра, абиуџьет иаҵанакуа аусуҩцәа ркатегориа руалафахәы ашьҭыхреи Аинвестициатә программеи убрахь иналаҵаны.

2023 шықәсазы аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма афинансеицзаужьра ашәага-загақәа шьақәырӷәӷәоуп «2023 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы» Азакәан ала.

2024 шықәсазы аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма афинансеицзаужьра ашәага-загақәа шьақәырӷәӷәахоит Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа ирыдыркылаз азыӡба ала ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа, уи 2024 шықәсазтәи абиуџьет апроектгьы ианырԥшхоит.

 

Апрограмма аҟәшақәа рыла:

Абиуџьеттә процесс аиҭеиҿкаара хықәкыс иҟаҵаны, Апрограммала иазԥхьагәаҭоуп абиуџьеттә усхк аҟны азакәанԥҵара аиӷьтәра, абиуџьетбжьаратә еизыҟазаашьақәа рылҵшәақәа рышьҭыхра, абиуџьеттә харџьқәа рылҵшәа ашьҭыхра, абиуџьетә система аиҵатәреи абиуџьеттә харџьқәа реизакреи, абиуџьеттә ԥхьаӡара автоматыркреи ирзынархоу ауснагӡатәқәа.

 Аусмҩаԥгатәқәа рыпрограммала иазԥхьагәаҭоу анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны  Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала 2022ш.20.07. Ақәҵара №87 аҟнытә ишьақәырӷәӷәоуп  абжьараҿҳәаратә хықәкылатәи апрограмма «2022-2024 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьеттә ԥхьаӡареи аҳасабырбеи рырҿыцра». Аԥсны афинансқәа рминистрра уи анагӡаразы аусура мҩаԥнагоит.

Абиуџьеттә система алҵшәақәа рышьҭыхразы иазырхиоуп иагьышьақәырӷәӷәоуп анормативтә актқәа:

«Абиуџьеттә кредитқәа рыҭашьа аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы»  Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара 23.09.2021 ш. Ақәҵара №93 аҟнытә,  «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рбиуџьетқәа рынагӡаразы аҳасабырба аҟаҵаразы аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы»,  «Афинансқәа рминистрра 28.09.2020ш. №90 аҟнытә Адҵа «Ҳазҭоу ашықәс азы ареспубликатә биуџьет акассатә план ашьақәыргылареи анагӡареи рзы аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәаразы».

Программала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны абанктә сектор аҟны Аԥсны Абанк ихнаркәшеит аинформациатә системақәа астандартқәа рықәыршәареи ацәгьоуратә операциақәа амониторинг рзуреи аҿагылареи рзы асистема алагалареи ирызку аусмҩаԥгатәқәа.

Иара убас Аԥсны абанктә система аусура ахаҭабзиара аиӷьтәразы иазырхиоуп иагьрыдыркылеит абарҭ азакәанқәа:

  «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә закәанеидкыла актәии аҩбатәии ахәҭақәа рыҟны аԥсахрақәа ралагаларазы», «Абанктә ҳәаақәҵара аусхк аҟны азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагларазы», «2011 шықәса №3024-с-V ҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» «Ахәԥсашәаразы аелектронтә хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы», «Аелектронтә напынҵамҭазы»

Имҩаԥгаӡам аиҭафинансыркра апроценттә зыԥҵәа аиҵатәра иазку аусмҩаԥгатәқәа. АА Амилаҭтә банк агәаанагарала, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, иҟоу абанктә система алшарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны  аиҭафинансыркра апроценттә зыԥҵәа аиҵатәра залшаӡом, азҵаара ахәаԥшра ҟалоит акапитализациа ианацҵаха.

Аизгареи астатистикатә информациа аус адулареи ирызкны имҩаԥысуа аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркылеит 27.07.2022 N 5431-с-VII аҟн. «Астатистикатә усуреи аҳасабеилыргаратә ԥхьаӡареи русхк аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан.

Иазырхиоуп аелектронтә информациатә система «Аелектронтә ҳасабырба»,  аинформациатә системаҟны аелектронтә еикәшара амҩаԥгаразы аԥҟара. Уи иҳәаақәнаҵоит аелектронтә документеикәшара алахәцәа рахь аҭахрақәеи аԥҟареи, аҳасабеилыргаратәи астатистикатә ҳасабырбеи рхырхарҭа аԥҟара.

2024 шықәса инаркны иазԥхьагәаҭоуп иналак-алакны аусурҭамазаареи аусурҭадареи аҭҵаара апрограмма азырхиаразы аусура аиҿкаара.

Ақыҭанхамҩаҟны аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны ирыдыркылеит   «Ақыҭанхамҩазы» АА Азакәан, азырхиара мҩаԥысуеит «Ақыҭанхамҩатә кооперативқәа рзы», «Хазхаҭалатәи ацхыраагӡатә нхамҩақәа рзы» азакәанапроектқәа.

Аҳәынҭқарратә дгыларазы ауснагӡатәқәа ақыҭанхамҩа аусхк аҟны имҩаԥысуеит АА Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз Ахылаԥшратә хықәкытә программа «2022 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» ашьақәырӷәӷәаразы», Ахылаԥшратә хықәкытә программа «2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» ашьақәырӷәӷәаразы» Ақәҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны. Есышықәсатәи афинансзоужьра амҽхак иартәоит 100 млн.мааҭк.

Анаплакра маҷ аусхк аҟны аҳәынҭқарратә дгылара мҩаԥысуеит иашьашәалоу ахылаԥшратә программақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликатә биуџьет иазоунажьуа аҟнытә.

Зыҿҳәара дуу аинфрастуктуратә  кредит адԥхьаларазы 2022-2023 шш. рзы Урыстәылеи  Аԥсни еицаҳзеиԥшу аусурақәа мҩаԥган агәаҭаратә приборқәа  раахәареи рышьақәыргылареи рзы. Акредиттә хархәагақәа радԥхьаларазы азыӡба макьана ирыдкылаӡам. Убри аангьы   300 млн. мааҭ рыхә афымцамч ахархәразы априборқәа аԥсуа ган аҭаразы азҵаара ақәыршаҳаҭраҟынӡа анагара мҩаԥысуеит. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра агазыркра асхьема азырхиара. 2021 ш. ԥхынҷкәынмзазы Аиқәшаҳаҭра иаҵаҩын аиҿкарра  АУ "Газпром Промгаз" алархәны.  Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа инарықәыршәаны, анагӡаҩцәа аус здырулаз аҳасабырбатә материалқәа, Аԥсуа гани Урыстәыла Афымцамч аминистрреи рыҟнытә иазҿлымҳаз аусбарҭақәа ақәыршаҳаҭын. 

Апроект анагӡара хықәкыс иҟаҵаны, Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара рахь ааԥхьара шьҭын Аԥсны Ахада иҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра агазыркразы аинвестициатә проект анагӡаразы Аиҳабырабжьаратә Еиқәшаҳаҭра  азырхиаразы.

Аҳәынҭпрограммала иазԥхьагәаҭоуп ашәахтәқәа ршәара ахаҭабзиара аиӷьтәра иазку иавтоматырку асистема алагаларала. Абарҭ ахықәкқәа рзы ирыдыркылеит "Аконтроль-кассатә техника ахархәаразы" Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан 2023 ш.  ажьырныҳәамза 1 инаркны амч зауыз.

Аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы иазырхиоуп ахылаԥшразы иавтоматырку асистема алагаларазы аусбарҭабжьаратә Еиқәшаҳаҭра апроект.

Апроект иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра хәыда-ԥсада ацхыраара аҭара атехникалеи программалеи аиқәыршәаразы.  Анагӡара аҿҳәара - 2024-2026 шш.

Абри Аиқәшаҳаҭра апроект азы аилабжьарақәа мҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент аҟны.

Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа,  Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра ақәиҭтәразы Аԥсны Аҳәынҭқарра  Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара адкылара  ҳазыԥшуп.

Аинформациатә системақәа рышьақәыргыларазы иаку аҳәынҭқарратә центр аԥҵаразы Аҳәынҭпрограмма аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны, 2022ш. абҵарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра  Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала ишьақәырӷәӷәан аусбарҭатә абжьараҿҳәаратә хықәкытә программа "Аԥсны  Аҳәынҭқарраҟны аинформациа-коммуникациатә технологиақәа рмилаҭтә усхк аҿиара". 2023-3025 шш. рзы иазԥхьагәаҭоу апрограммала азеиԥш лимит аиартәоит 140 млн мааҭ. Апрограмма аус ахыркәшарахь инеиуеит.

Атранспорттә усхк аҟны аҳәынҭпрограмма ауснагӡатәқәа

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 1 рзы имҩаԥысит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьали русуратә еиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара апресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареидтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Аҳәынҭқарратә автоинспекциа апост «Бомбора» аҿы Очамчыра араион  ала аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа  аҳәынҭинспекциа аҟәша аусзуҩцәеи Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьауӷаԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи хаҭала игәаҭараан Шамба Вадим Алик-иԥа идырбалеит иагьимырхит «марихуана» ҳәа изышьҭоу анаркотиатә маҭәашьар, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 31 рзы имҩаԥысит XVII ареспубликатә арра-спорттә хәмарра «Аиааира» аартра  иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.

Ишьақәгылаз атрадициала уи атәылахьчара Аминистрра артиллериатә база аҿы имҩаԥысуеит.

Сынтәа арра-спорттә хәмарра 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҟны Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи  15-шықәса аҵреи ирызкны мҩаԥысуеит.  

Атәылахьчара Аминистрра ахьӡала арра-спорттә хәмарра алахәылацәа рахь адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аполковник Давид Бжьаниа.

«Ахәмарра аҿы шәара ауникалра злоу аинтерес зҵоу аԥышәа шәоуеит. Уи жәаҳәарада аԥсҭазаараҿы ишәыхәоит. Уи даара акыр аҵанакуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Давид  Бжьаниа.

Ахәмарра алахәылацәа дрыдныҳәало аҵара аминистр Инал Габлиа иҳәеит:

«Ишәыдысныҳәалоит XVII Ареспубликатә арра-спорттә хәмарра «Аиааира» аартра. Агәра ганы сыҟоуп шәара зеиӷьаҟам ала шәдыррақәеи шәылшарақәеи раарԥшра шшәылшо. Аманшәалареи ақәҿиарақәеи шәзеиӷьасшьоит!»

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа аԥҵара 23 шықәса ахыҵра иазкхеит аҩаша, жьҭаарамза 31 рзы атәылахьчара Аминистрра аҿы имҩаԥысыз аныҳәатә еиԥылара.  

Уи рхы аладырхәит атәылахьчара Аминистрра  анапхгара, аҵараиурҭа арҵаҩцәеи ацжьҭымҭацәеи.

Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа аҵараиурҭа акурсантцәеи арҵаҩцәеи дрыдныҳәалеит. Аминистр идҵа ала зҽалызкааз аусзуҩцәа амедалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьахеит.

«Арра-ҵаратә усбарҭа аԥҵареи аҿиареи рҭоурых атәыла Арбџьар мчқәа рҭоурых иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҟәа ақалақь аҿы игылоу аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит.

Абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа иара убас рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш Аԥсны 2006 шықәса инаркны иазгәарҭоит. Убасҟангьы иаԥҵан Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аполитикатә репрессиақәа иақәыршәаз рреабилитациа азы Акомиссиеи еихьӡылоу  Ассоциациеи.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.