АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу   «Москва Аҩны» аусзуҩцәеи урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа, Кавказ ахақәиҭтәразы аидыслара иалахәыз - Нонна Дорофеева, Ардавасҭ Сельвиан, Екатерина Синиавскаиа, иара убас Сталинградтәии Курсктәи аидысларақәа ирылахәыз Валентина Шульгина ирҭааны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иҟынтәи адныҳәаларатә телеграммақәеи ашәҭқәеи рнапы иадыркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «РИА Новости».

«Асовет аруаа рыла Кавказ анемец-фашисттә архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра 80-шықәса ахыҵра шәыдыснышәалоит. Ар Ҟаԥшь ала ари мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуаз аиааирагаратә арратә операциа ахыркәшара – акыр зҵазкуа, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зчаԥоз хҭысны иҟалеит. Усҟан   Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аилашымҭаз Кавказ ашьхеибаркыра Хада аԥснытәи аҵакыра аҿы анемец архәҭқәа аанкылахеит. Асовет архәҭақәа хацәнымырха инарыгӡаз аҽагылара иабзоураны, аӷа иаанкылареи, уимоу шьҭахьҟа ихьацареи аӷа игәҭакқәа рыԥхьырҟәҟәареи алыршахеит.

Шәара, Афырхацәа иашақәа! Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп усҟан иаашәырԥшыз агәымшәареи аԥсадгьыл ахь абзиабареи рзы. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи аманшәалареи ашықәснҵыра дууи», - ҳәа иазгәаҭоуп урыстәылатәи Ахада иҟаиҵаз адныҳәаларатә телеграмма атекст аҟны.

Аветеранцәа Урыстәыла Ахада Владимир Путин рганахьала есымша иааирԥшуа агәцаракреи ахшыҩзышьҭреи рзы дара рыхьӡала иҭабуп ҳәа иарҳәарц азы аҳәара ҟарҵеит.  Урҭ иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аҟәа иҟоу Москва Аҩны, урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәеи есымша аветеранцәа излауа ала ацхыраара шрырҭо, ҿыц игылаз абиԥарақәа рҟынтәи ироуа ахшыҩзышьҭра гәахәара дула ишрыдыркыло, насгьы урҭ Аџьынџьтәылатәи аибашьра Дуӡӡа аҭоурых ахьыргәалашәо дара рзы акырӡа шаанаго  азгәарҭеит.

Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса рзы жьҭаарамза 9 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан реиҳа ишьаарҵәыраз, аԥсҭбарақәа зцыз, аамҭа рацәа згаз Кавказ азы аибашьраҿ Аиааира  80-шықәса ахыҵит. Ари адунеизегьтәи аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа рыцхәны иҟоуп, избан акәзар усҟан   Кавказ ашьхеибаркыра Хада аԥснытәи аҵакыра аҿы анемец архәҭқәа аанкылахеит. Ари ахҭыс шьаҭас иазыҟалеит аанкылара зқәымыз, атәыла анемец-фашисттә мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәразы ԥхьацаратәи аоперациа.

Аԥсны ауаажәлар 55 нызқьҩык инареиҳаны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын, урҭ рыҟнытә 17 нызқьҩык зыхнымҳәит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп, хҩык Ахьӡ-Аԥша аорденқәа ах-ҩаӡарак ранашьахеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз VII Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы ицәырҵуа апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәала аимадара», иара убас агәабзиарахьчареи амедицинатә цхыраареи ирызку Аомбудсменцәа Евразиатәи ралианс аилатәареи лхы алалырхәит.  

Агәабзиарахьчареи амедицинатә цхыраареи ирызку Аомбудсменцәа Евразиатәи ралианс есымшатәи алахәылацәа – Ермантәыла, Иран, Монголиа, Казахсҭан, Кыргызсҭан, Сербиа, Узбекьысҭан, Урыстәыла, Таџьыкьысҭан рнаҩс –  анаԥшыҩцәа раҳасабала аилатәара рхы аладырхәит Аԥсны, Азербаиџьан, Бахреинтәи Акарла,  Малавиа,  Мали, Туркменисҭан, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Белоруссиа аҟынтәи ахаҭарнакцәа, иара убас  Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи амчрақәа русбарҭақәа рхаҭарнакцәа.  

Аконференциа «Ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы ицәырҵуа апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәала аимадара» Ауаҩы изинқәа рзы Азеиԥш деклорациа 75-шықәса ахыҵра иадҳәаланы имҩаԥысит.  Афорум рхы аладырхәит Азиа, Африка, Европа, Лаҭынтәи Америка, уҳәа 47 тәыла рҟынтәи аомбудсменцәа, иара убас  жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи амчрақәа русбарҭақәа рхаҭарнакцәа, адипломатцәеи атәыла-алахәылацәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа рҟынтәи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыратәи амшынтә баӷәаза аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Арра-мшынтә Флот аӷбақәа рбаза ашьақәыргылара Аԥсны аинтерессқәа ирықәшәоит. Абри азы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Уи Аԥсны анапхгара атәыла ахьчаралшара арӷәӷәара ахшыҩзышьҭа ду анаҭоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Уи азы аԥаратә хархәагақәа маҷымкәа иаҭахуп, ҳара уи аԥшаара ҳҽазаҳшәоит. Ҳара ҳзы адгылара ҳазҭо атәыла иааннакыло апозициа акыр аанагоит, убри аҟнытә иареи ҳареи иаку афронтла аус аауеит.  Арҭ азҵаарақәа ҳҳәынҭқарбжьаратәи аимадарақәа рымшхәаԥштә зҵаарақәаны иҟоуп. Ҳара уи есымша ҳазхәыцуеит», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза 2024 шықәса анҵәамҭазы аусура иалагоит, атехниатә ԥыррақәа  рашәарамзазы ихацыркхоит. Абри азы аԥшьаша, ажьырныҳәамза 19 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциа аҿы адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада еизаз агәра диргеит  ҳазҭоу амыз иалагӡаны ауаажәларра ишеилдыркаахо иарбан урыстәылатәи аилазаароу Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ареконтрукциа амҩаԥгара азы аинвестициатә контракт анапаҵыҩра иалахәыз.   

Аусура алагара аҽҳәара  акәзар, уи, афорс-мажәортә ҭагылазаашьақәа рыҟалара аԥырхагамхар, ишазԥхьагәаҭоу ала иаанхоит.  

«Атехникатә ԥыррақәа рымҩаԥгара ҳара ҳҿы рашәарамза иахымгакәа ихацыркхоит, аҳаирбаӷәаза аусура алагара  - ԥхынҷкәынмза 31, 2024 шықәса рзы. Уи иаԥырхагахар зылшо афорс-мажортә факторны иҟоу акызаҵәык – уи, Анцәа иумҳәан, еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҿы аибашьратә хҭысқәа даҽа масштаб аиур», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба  Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада  Ҭемыр Џьынџьали уи актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭенгьыз Гырџьынбеи алархәны имҩаԥигаз аиԥылара аҿы афымцаенергетикатә усхкы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.

Ари азҵаара алацәажәара иара убас рхы аладырхәит Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩцәа Фазлыбеи Аҩӡба, Асҭамыр Ашәбеи Ашот Миносиани.

Апарламент Аиҳабы аенергетикцәа аԥсшәа раҳәо Ҭемыр Џьынџьал иахь ихы рханы иазгәеиҭеит: 

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аӡфымцатә Станциа иахьаҵанакуа автомҩа аҟаҵараан  ирыԥшааит  Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аахыс иаанханы иҟаз аршьаҟатә минақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

«Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ақәыӷәӷәаратә аршьаҟага мина (ПМН2) – 7-цырак, асоветаамҭатәи аԥҽыхацырҟьатә имҩақәҵоу аршьаҟатә мина (МОН)-100 – 2- цырак, аԥҽыхацырҟьатә  аԥынгыламцатә  аршьаҟатә мина — иахыкәыршаны ақәыршәаратә лшара змоу иҭыԥо аршьаҟатә мина (ОЗМ-72) - 2 цырак, иара убас урҭ  ркомпектациатә хәҭақәеи», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 24 – 25 рзы Аҟәа ақалақь, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит  Алиса Гыцба лыхьӡ зху II Жәларбжьаратәи аконкурс афинал.

Аиааира агаразы еицлаблоит 29-ҩык асолистцәеи аинструменталтә ансамбльқәа быжьбеи. Аконкурс ҩ-номинациак рыла имҩаԥысуеит: «Академиатә авокалтә нагӡара», «Ансамбль аҟазара».  Аконкурсантцәа рфиналтә зыӡырҩрақәа рахь анеира хәыда-ԥсадоуп.

Аконкурс жьҭаарамза 26 рзы, аҳамҭақәа ранашьара ацеремониеи агала-концерти рыла ихыркәшахоит. Уи рхы аладырхәраны иҟоуп алауреатцәеи ажиури алахәылацәеи, иара убас Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика жәлар рартист Заурбек Гәыгкаев инапхгарала Владикавказ иҟоу Мариинтәи атеатр аоркестр аҿгеи Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестри.

Аконкурс ажиури аилазаараҿы иҟоуп еицырдыруа амузыкантцәеи ашәаҳәаҩцәеи: Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алеқсандр Гиндин, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Иана Иванилова, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат Басиниа Шульман, Аԥсны жәлар рартистка Нинель Бжьаниа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Виктор Абрамиан-Ешба, Урыстәыла зҽаԥазтәыз артистка, Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцба.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыжьразы ақыҭанхамҩатә тауарқәеи аҩнытә ԥстәқәеи  раахәаразы аилаӡарақәа рылахәхаразы иаарту аконкурс алахәхара азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

Ахәҭакахьала излацәажәо аҭыжьра аиҿкаареи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулареи рзы иҷыдоу аиқәыршәагақәеи аматериал-техникатә хархәагақәеи роуп:

– ақыҭанхамҩатә обиектқәа рзы иҵәылаҵоу аҭел, аихыршьқәа, аргыларатә маҭәахәқәа;

– арԥхагатә каркасқәа, арԥхагатә каркасқәа рышьақәыргыларазы рхы иадырхәо аматериалқәа;

– арахә, аҩнытә ԥсаатә, аԥсыӡ, аҟашәа;

– аандақәа рыкразы аҵәҩанқәа;

– ацәықәбартә ӡықәҭәара асистемақәеи урҭ рыԥсахга хәҭақәеи;  

– аминералтәи аоргантәи арҵәыгақәа;

– ақыҭанхаҩа аалыҵ аарыхра, аҭыжьра аиҿкааразы рхы иадырхәо аинвентари атауарқәеи;

– аргылара-еиқәыршәаратә усурақәеи аветеринартәи агротехникатәи амаҵзурақәеи рымҩаԥгара.

Аконкурс алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыдыркылалоит жьҭаарамза 27, 2023 шықәсанӡа.  

Аҟәа. Жьҭаарамаза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2014 шықәса инаркны 150 тонн инареиҳаны агуманитартә еидара  Аԥснынтәи ДЖәР, ЛЖәР рахь анагара алыршан.  Абри азы ашәахьа, жьҭаарамза 23 рзы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы  адырра ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа арегион ҿыцқәа аус рыцуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭарнак ҷыдас Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахада Лев Кәыҵниа.  

Апресс-конференциа зхы алазырхәыз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа иҿыцу арегионқәа –  Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи Запорожтәии Херсонтәи аобластқәеи аус рыцура азҵаара аҵак ҷыда арҭоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.   

«Ҳреспубликақәа рыбжьара аусеицуреи аимадареи акыр аамҭа раахыс аиҩызаратә ҟазшьа рыманы иҟоуп. Лев Кәыҵниа напхгара зиҭо Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Ҳминистрра акәзар,  абар ашықәсқәа инеиԥынкыланы иарбоу арегионқәа излауо ала ацхыраара рыҭара еиҿнакаауеит», – ҳәа иҳәеит Константин Ҭыжәба.

Иҿыцу амаҵураҭыԥ азы акәзар, Константин Ҭыжәба иҳәеит:

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсни Венесуелеи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинҷыда змоу, аԥшьаша, жьҭаарамза 19 рзы Москва ақалақь аҿы аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аилибакааразы Амеморандум  рнапы аҵарҩит. Анапаҵыҩра, VII Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы иуԥыло апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәала аимадара» аихшьаалақәа рыла имҩаԥысит.

Анас Кьышьмариеи Хосе Руис Ангулои рнапы зҵарҩыз аусшәҟәы аҿы аҩ-ҳәынҭқаррак рыжәларқәа рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратәи аусеицуратәи аизыҟазаашьақәа рыцҵареи рырӷәӷәареи хымԥадатәиуп ҳәа иазгәаҭоуп.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.