Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Краснодартәи аҳазалхра Ганрацәалатәи амашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә аҳазалхратә Ҭыԥ «Адлер» аусзуҩцәа атранспорттә хархәагақәа аҳәаахьчаратә гәаҭара аусзуҩцәа рыцны Аԥснынтәи иаауаз автомашьына Citroen C4 ааныркылеит. Автомашьына амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала агәаҭараан автомашьына аҩныҵҟа агәҩара рызцәырызгаз аҭыԥқәа аарԥшхеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
«Амашьына «игәҩараз» аҭыԥқәа ргәаҭараан иаарԥшхеит уаҟа иҭаҵәахыз аҭаҭын аалыҵ», – ҳәа еиҭеиҳәеит Краснодартәи аҳазалхра Ганрацәалатәи амашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә аҳазалхратә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы Алеқсеи Быков.
– Амашьына иҭаҵәахын 490 пачка (9800 цыра) асигареҭ «BUSINESS ROYALS».
Иҭаҵәахыз атауар азы азҵаара аҭак ҟаҵо амашьына аԥсҟы зкыз уи азы акагьы издыруамызт, «урҭ уажәада имбаӡацт» ҳәа иҳәеит.
Уи аԥхьа мышкы шыбжьаз иаанкылан Аԥснытәи иаауаз даҽа машьынак Ford Focus. Иарбоу автомашьына амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала агәаҭараан агәҩара рызцәырызгаз аҭыԥқәа аарԥшхеит, уи рыҩныҵҟа иҭаҵәахыз асигареҭқәа рыԥшааит. Араҟа иҭаҵәахын 480 пачка (9600 цыра) асигарет «BUSINESS ROYALS».
Амашьынарныҟәцаҩ апасаџьыртә ҳазалхратә декларациа алеимгалаӡеит. Уи иажәақәа рыла, ари аҟара асигареҭ ашәҟәы аҭагаларада Урыстәылаҟа аиагара шыҟамло дырны, иара асигареҭқәа аҳазалхратә гәаҭара иахымгкәа рыиагара иҽазишәеит.
Аҭаҭын аалыҵқәеи автомашьынақәеи рымхра мҩаԥгоуп, Урыстәылатәи Афедерациа Админитративтә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 16.3, 16.1, ахәҭа 2 инарықәыршәаны аусеилыргарақәа ԥшьба хацыркхеит.
2024 шықәса алагара инаркны аҭаҭын аалыҵ Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәаа ала изакәанымкәа аиагара иадҳәалоу афактқәа рыла ихацыркхеит административтә зинеилагарақәа рзы 102 усеилыргара, ирымхын 130 нызықь цыра асигареҭ.