Ахәҭакахьала, аусдкылаҩцәа иҳаҩсыз ацитрустә сезон аан Аԥсни Урыстәылеи аҳәаа иаԥну аҳазалхратә маҵзурақәа русеицура аҩаӡара ахәшьара ҳарак арҭеит, ари аҩыза атенденциа иааиуа акурорттә сезон азы ишаанхо азы агәыӷра шрымоу аадырԥшит. .
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акурорттә сезон алагара аламҭалазы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы аусдкылаҩцәа рԥылара мҩаԥысит.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аструктуратә ҟәшеиҵақәак рнапхгаҩцәеи атәыла адәныҟаекономикатә усура алахәылацәеи акурорттә аамҭахәҭа аламҭалазы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа атауарқәа рахгара иадҳәаланы ицәырҵуа ауадаҩрақәа ирылацәажәеит.
Аиԥылара аҿы зыԥшра ҟамҵакәа жәларбжьаратәи аҳазалхратә усеицуа аганахьала азхьаԥшреи зыӡбареи алыршатәу еиҳа ихадоу азҵаарақәа алкаахеит.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы азинтә ҟәша аиҳабы Анана Гогохиа, аҳазалхратә Еилаки адәныҟаекономикатә усура алахәылацәеи русеицура иааизакны атәыла инанагӡо аҳазалхратә политика хра злоу анырра анаҭоит ҳәа иазгәалҭеит.