АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Хәажәкыр.2024

Аԥсны Аҳәынҭкарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә ныҟәара хиркәшеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭкарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә ныҟәара хиркәшеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Москва иусуратә ныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит. Аԥсны Ахада дызлахәыз аиԥыларақәа мҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа  Ахада Иусбарҭаҟны, ҷыдала, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Антон Ваинои уи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки дырԥылеит. Асоциал-економикатә аҿиара иадҳәалаз ҩ-ганктәи азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Иара убас имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи Рашид Нургалиеви реиԥылара. Ахадеи Урыстәылатәи  Афедерациа Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Актәи ихаҭыԥуаҩи азааҭгылеит ашәарҭадара аусхк аҟны  азеиԥш проектқәа реицынагӡаразы аԥсны-урыстәылатәи аганқәа аԥхьаҟатәи русеицзура аҳәаақәа рырҭбаара.

Аслан Бжьаниа иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны даҭааит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра, ара агәаларшәагатә шәҟәаҿы «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт иахҟьаны иҭахаз ргәалашәара ахьӡала анҵамҭа аанижьит. Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟны имҩаԥысыз аиԥылара анаҩс, ажурналистцәа рыпресс знеираҟны Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит «атерроризм цәгьашақә иузыҟоу аҳәынҭқаррақәа   мыругаҵас рхы иадырхәоит» ҳәа ишиԥхьаӡо. «Атеракт хатә трагедиак аҳасабала иҳадаҳкылеит. Сара атерроризм закәу здыруеит, Аԥсны иҷыдоу амаҵзура сахагылан ианаамҭаз, иаартны иуҳәозар, ас еиԥш иҟоу ацәырҵрақәа еиҭа ҟалашьа амаӡам ҳәа ҳгәы иаанагон, аха иҟалаз ҟалеит.  Сара агәра згоит иҷыдоу урыстәылатәи амаҵзурақәа ари аус аҟны хьаҵрак ҟарҵараны ишыҟам.

 

Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсны жәлар зегьы иҭахаз рҭаацәеи ртынхацәеи рхьаа шрыцеиҩыршо. Иҳәеит иара убас ахәыҷқәа Аԥсныҟа рааԥхьара дшазхиоу «ас еиԥш агыгшәыгратә акт ахҟьа-ԥҟьақәа излауала рырмаҷразы, изалауала ацхыраара рыҭаразы». Ихәеит Урыстәыла ари аҩыза уаҳа иҟаларым ҳәа дышгәыӷуа. 

Хәажәкырамза 27 рзы Аԥсны Ахада Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәара хыркәшан.


Read 59 times - Амҽыша, 31 Хәажәкыр 2024 10:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.