АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Хәажәкыр.2024

Аслан БжьаниаАҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгара алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аиԥылараҟны ирылацәажәеит аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика, асоциал-економикатә ҿиара, ашәарҭадара алыршареи, атәыла аԥсҭазаараҟны егьырҭ ахырхарҭақәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

Ирылацәажәеит араионқәа рекономикатәи рсоциалтәи ҿиара, иара убас 2024 шықәса аҩбатәи аквартал аан аусураҿы ихадароу ахырхарҭақәа. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ахырхарҭақәа зегьы рыла аусеицура алыршара иамоу аҵакы.

Аслан Бжьаниа аилацәажәара аихшьалақәа рыла актуалра змоу асоциалтә зҵаарақәа рыӡбаразы ҷыдала анапынҵақәа ҟаиҵеит. 

 

 


Read 57 times - Амҽыша, 31 Хәажәкыр 2024 10:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.