АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны атәылхьчара аминистр Владимир Ануа Жәлар Реизара-Апарламент VII ааԥхаьара адепутатцәа –  1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аветеранцәа «1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра» азы амедал ранеишьеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵара аишьашәалара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркыло анорма-зинтә шәҟәынҵақәеи имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа зегьи аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аекономикатә, агуманитартә, аинфраструктуратә усеицура аҿиара иацхраауеит. Абасала аҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара ашьаҭала Урыстәылеи Аԥсни ирзеиԥшу асоциал-економикатә ҵакыра ашьақәыргылара апрограмма анагӡара иазкны аҩаша, жьҭаарамза 17 рзы, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аҿы  имҩаԥысыз аусуратә гәыԥ аилатәараҿы  игәаанагара иҳәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач

Аусуратә гәыԥ ацхантәаҩцәаны иҟоуп Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи афорум «Гамзатови Аԥсни: амилаҭи азеиԥшуаҩытәсареи рыбжьара» Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иаатит.

Афорум Расул Гамзатов диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкуп.  

Афорум алахәаразы Аԥсныҟа иааит амилаҭтә политикеи адинхаҵара азҵаарақәеи рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Арсен Махмудов напхгара зиҭо Даӷьсҭантәи аделегациа.

«Расул Гамзатов изныкымкәа Аԥсны даҭаахьан, ҳара ҳашәҟәыҩҩцәа Даӷьсҭан. Аиашьаратә республикақәеи ҳареи еснагьгьы аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьан, урҭ иахьагьы аҿиара иаҿуп.  Ҳара ҳуниверситети Кавказ аиашьаратә республикақәа руниверситетқәеи хра злоу аимадарақәа рыбжьоуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳара ҳарҵаҩ ҿарацәеи ҳастудентцәеи аинтерес зҵоу адыррақәа маҷымкәа шраҳауа, ари ауаҩ ду изку атемақәа жәпакы ишазҿлымҳахо», - ҳәа иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. VIII Жәларбжьаратәи арт-рленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәқәа» мҩаԥысуеит Аԥсны, жьҭаарамза  21 инаркны 26 аҟынӡа, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.

Раԥхьаӡа акәны апроект шьақәырӷәӷәан 2013 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет абазала. Уи аԥшьгара ҟарҵеит ААУ, Аԥсны акультура Аминистрра, Амилаҭтә сахьатә галереиа. Убри аан уи адгылара аиҭеит Аԥсны Аҳәынҭақарра Ахада.  

Сынтәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет арт-пленер Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны адгыларала еиҿнакаауеит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныҟа иааит амилаҭтә политикеи адинхаҵара азҵаарақәеи рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Арсен Махмудов напхгара зиҭо Даӷьсҭантәи аделегациа.   

Аделегациа иаԥылеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа.

Ԥхынҷкәынмза 17 рзы даӷьсҭантәи аделегациа иалахәу Аҟәа ақалақь аҿы игылоу ашәҟәыҩҩцәа Баграҭ Шьынқәбеи  Дырмит Гәлиеи рбаҟақәа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас Д.Гәлиа иҩны-амузеи иаҭааит. Дара рзы еиҿкаахеит Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы аныҟәара.  

Ахаша, жьҭаарамза 18 рзы, Даӷьҭан ахаҭарнакцәа Аԥсны аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи афорум «Гамзатови Аԥсни: амилаҭи   азеиԥшуаҩытәсареи рыбжьара» рхы аладырхәуеит.   

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла ахьчареи ашәарҭадареи ирызку актуалра злоу азҵаарақәа ирызкхеит ахаша, жьҭаарамза 18 рзы имҩаԥысыз апрофильтә парламенттә Еилакы инарҭбаау аусуратә еилатәара.

Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа имҩаԥигоз аилатәара рхы аладырхәит Жәлар Реизара- Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Рауль Лолуа.

Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара аҿы Кавкази, иааизакны адунеи аҿы ишьақәгыло аҭагылазаашьа инамаданы, аҳәынҭқарра ашәарҭадареи атәылахьчареи рганахьала изаамҭанытәиу аусура анализ мҩаԥган..

Аилатәара иалахәыз аринахысгьы аҳәынҭқарра атәылахьчаралшара аиқәыршәара азҵаарақәа рыла аусеицура ишазхиоу азгәарҭеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадаразы Аусбарҭа «Ахәыҷқәа амҩақәа рҿы ашәарҭадара иадгылоит» ҳәа акциа мҩаԥнагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Ашколхәыҷқәа Аҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа ирыцны амҩатә машәыртә хҭысқәа рыԥхьырҟәҟәаара иазкны имҩаԥысуаз апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәит. Ахәыҷқәа амашьынарныҟәцаҩца рнапы иадыркуан амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара, апассаџьырцәеи ашьаҟауааи ршәарҭадара аиҷаҳара рзы ааԥхьарақәа зну абӷьыцқәа.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 18 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иалагеит Зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ  азы XI Жәларбжьаратәи атурнир.

Атурнир рхы аладырхәуеит Барнаул, Кемерово, Владикавказ, Чечентәи Ареспублика, Аԥсны аҟынтәи хә-командак.  

Жьҭаарамза 18 рзы Барнаули Кемерови ркомандақәа рыбжьара ахәмарра мҩаԥысит.  Аматч асчион 5:2 ҳәа Барнаул акоманда аиааирала ихыркәшахеит.  

Жьҭаарамза 19, асааҭ 13:00 рзы имҩаԥысраны иҟоуп атурнир аофициалла аартра иазку ацеремониа. Аматчқәа мҩаԥысуеит Аинрал Дбар имҩала иҟоу ашьапылампыл-маҷ адәы аҿы (аӡҭарчы азааигәара). 

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 19 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжаьара ашьапылампыл-маҷ азы атурнир алагоит.

Атурнир рхы аладырхәуеит 18 команда, урҭ «илашәу» аҵәҭаԥсара аихшьаалақәа  рыла хԥа-хԥа команда рыла ишьақәгыло агәыԥқәа фба рыла еихшан, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Агәыԥ А иалалеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч», аџьынџьуаа рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Агәыԥ В аҿы ихәмаруеит Апрокуратура Хада, аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы, Аҳәынҭқарратә  хьчара Амаҵзура.  

Агәыԥ C аҿы ихәмаруеит агәабзиарахьчара Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа».  

Агәыԥ D аҿы еиԥылоит Аҟәа ақалақь Ахадара, аекономика Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра.

Агәыԥ Е аҿы иақәшәеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, атәылахьчара Аминистрреи ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрреи.  

Агәыԥ F аҿы ихәмарраны иҟоуп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Гәылрыԥшьтәи араион Ахадареи аҵара Аминистрреи.  

Аматчқәа зегьы мҩаԥыслоит Аинрал Дбар ихьӡ зху ашьапылампыл-маҷ адәы аҿы (аӡҭарчы азааигәара).

Атурнир аартра мҩаԥысуеит –  жьҭаарамза 19, асааҭ 18:00 рзы. Анаҩс атурнир аматчқәа фба мҩаԥгахоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба  абазатәи ауаажәларратә усзуҩ Умар Кончеви Черкесстәи арезина иалху аалыҵқәа рзауад адиректор Хада, Черкесск Адума адепутат Карабек Тлиабичеви идикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Асасцәа Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ ироуз адкыларазы иҭабуп ҳәа иарҳәеит. Урҭ Аԥсны аус ацура, ирылшо ала аиашьаратә аԥсуа жәлар ацхыраара аҭара есымша ишазхиоу азгәарҭеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.