Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьатәи амш зегьы иалагӡаны Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахь инеиуеит ауаа. Урҭ уахь инаргоит ашәҭқәа, ахәмаргақәа, Москва иҟалаз атеракт аҿы иҭахаз ргәалашәара азы ацәашьқәа адыркуеит.
Ахәылбыҽха атеракт аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц азы Ацҳаражәҳәарҭа ахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба, ашколхәыҷқәа, астудентцәа.
Ацҳаражәҳәарҭа аҿы «Адышшыларақәа рышәҟәы» аадыртит. Уи анҵамҭақәа анырҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аҳҭнықалақь Ахадара аиҳабы Беслан Ешба.
Бадра Гәынба иуаҩрам, ишьаарҵәыру атеррористә акт аҿы иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи дрыдышшылеит.
«Ари игәымбылџьбароу атеррористә акт ҳара зегьы ҳгәаҵанӡа инеиз хьааны иҟалеит. Иҭахаз џьанаҭ гыларҭас ироуааит. Ахәрақәа зауз зегьы иаарласны ршьапы иқәгылартә еиԥш аҭагылазаашьақәа ҟалааит. Ҳара агәра ҳгоит аиашара аиааира шаго, ари ацәгьоура хьанҭа еиҿызкаази иназыгӡази зегьы ирыхәҭоу ақәнага ишақәыршәахо», - ҳәа иҳәеит иара.
Бадра Гәынба, Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ахаангьы ирзеиԥшу ашәарҭарақәа рҿаԥхьа аидгылареи аицхыраареи аадырԥшуан ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Иахьа ҳара ҳаиашьаратә Урыстәыла жәлар ргәырҩеи рхьааи рыцеиҩаҳшоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ.
Ҽынла Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба. Уи атеррористә акт иахҟьаны иҭахаз ргәалашәара азы ашәҭқәа шьҭеиҵеит, анаҩс «Адышшыларақәа рышәҟәы» аҿы анҵамҭа аанижьит. Лаша Ашәба Урыстәыла ажәлар иҟалаз арыцҳара азы дрыдышшылеит, рхьаа шрыцеиҩишо азгәеиҭеит.
Иҟоу адыррақәа рыла, «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористә акт иахҟьаны 133-ҩык ҭахеит.