Агәра ганы сыҟоуп ари ацәгьоура бааԥсы аԥшьызгази иназыгӡази зегьы хара имгакәа хымԥада ақәнага ишақәыршәахо.
Ҳара шәгәырҩеи шәхьааи шәыцеиҩаҳшоит!», - ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә шәҟәы аҿы.
Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва ақалақь, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз атеррористтә акт инамаданы хәажәкыра 24 Аԥсны алахьеиқәратә мшны ирылеиҳәеит. Ари аҽны атәыла ахи-аҵыхәеи аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭхоит.
Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористә акт инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
«Ҳара хыԥхьаӡара рацәала ауаа рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористтә акт ӷәӷәала ҳақәыӡбоит.
Атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара, Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала зыуацәеи зҭынхацәеи зцәыӡыз зегьы срыдышшылоит.
Агәра ганы сыҟоуп ари ацәгьоура бааԥсы аԥшьызгази иназыгӡази зегьы хара имгакәа хымԥада ақәнага ишақәыршәахо.
Ҳара шәгәырҩеи шәхьааи шәыцеиҩаҳшоит!», - ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә шәҟәы аҿы.