АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аекономикатә наукақәа ркандидат Лазба Фрида Аркади-иԥҳа имаӡоу абжьыҭирала Ауаажәларратә Палата алахәылас далырхит.

Ауаажәларратә Палата ахь инацҵаны алхрақәа рымҩаԥгара азы аӡбамҭа Ауаажәларратә Палата алахәыла Абесалом Кәарҷиа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс иҟаҵара иадҳәаланы  ирыдыркылеит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Москва ақалақь аҿы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, аинрал-маиор Роберт Киути Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә гвардиа  архәҭақәа Рфедералтә маҵзура адиректор ихаҭыԥуаҩ, астат-маӡаныҟәгаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә гвардиа акомандаҟаҵаҩ Хада, аинрал-полковник Олег Плохими реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза  25 рзы аминистр иабжьгаҩ хада Инал Маршьан напхгара зиҭо  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа аделегациа Риазантәи аобласть ала Росгвардиа алицензиа-зинҭаратә усура Ацентр  иаҭааит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылеи Аԥсни арккаратә, ауаажәларратә, агәыҳалалратә еиҿкаарақәа Раԥхьатәи жәларбжьаратәи аиашахаҵаратә форум  «Вера. Надежда. Любовь» Аҟәа иҟоу Москва Аҩны аҿы имҩаԥысит.

Афорум Амҿкааҩ – Аԥсны иқәынхо урыстәылатәи аидгьылуаа Ркоординациатә Хеилак агәыҳалалратә фонд «Междуречье».

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Санкт-Петербург, Казань, Тамбов, Елабуга, Улиановск, Сызрань, Жигулиовск, Чебоксары, Можга, Болгар, Москва, Троицк, Софрино ақалақьқәа рҟынтәи аиашахаҵаратә уаажәларратә еидгыларақәа, аиҿкаарақәа, иара убас афондқәа рнапхгаҩцәа.

Атема хада  - аиашахаҵаратә ҩ-ҳәынҭқаррак реидгылара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Афедерациа Ахеилак апленартә еилатәара аҿы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аҳазылхратә баџь ахшәаарада Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә ҵакыра ахь ииагахо атауарқәа рсиа апропан ҳәа изышьҭоу агаз алагалара азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа аратификациа азы азакәан адкылара иақәшаҳаҭхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит  Аинформациатә Агентра «ТАСС».

«Лаҵарамза 28,  2012 рзы «Атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра» аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа анапаҵыҩра мҩаԥысит лаҵарамза  16, 2023 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы. Уи Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аҳазылхратә баџь ахшәаарада Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә ҵакыра ахь иалагалахо атауарқәа рсиа  апропан ҳәа изышьҭоу агаз ацҵара  азԥхьагәанаҭоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аидгьылуаа рымадареи рзы апарламенттә Еилакы аилатәараҿы «Лаҵарамза 28,  2012 рзы «Атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра» аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа» аратификациа азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект  иахәаԥшит.

Ари азакәан апроект аҿы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аҳазылхратә баџь ахшәаарада Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә ҵакыра ахь иалагалахо атауарқәа рсиа ацҵара азы аԥшьгара ҟаҵоуп. Араҟа, ахәҭакахьала излацәажәо агаз пропан ауп. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Апрокурор Хада Адгәыр Агрба аӡбаҩцәа Рыквалификациатә коллегиа ахь Ҭҟәарчалтәи аӡбарҭа аӡбаҩ – Ҭҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо аӡбаҩ Ажьиба Викториа Рудольф-иԥҳа лганахьала ашшԥхьыӡ дәықәиҵеит.

Апрокуратура Хада аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, ашшԥхьыӡ дәықәҵоуп Ажьиба В.Р. лхантәаҩрала ақәҵарақәеи азыӡбақәеи рыдкылараан ашьустә закәанеидкылеи ашьаусҩаԥгаратә закәанеидкылеи реилагара аарԥшра инамаданы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза  23 рзы Очамчыра ақалақь аҿы апроект «Агәабзиара иазеиӷьу аԥсҭазаашьа» аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақь ашколқәа хԥа аиҳабыратәи аклассқәа рзы атренинг актәи амодуль хыркәшахеит.  Агәабзиара иазеиӷьу аԥсҭазаашьа азы атренингқәа ашколқәа рҿы имҩаԥыргоит уи азы адырра змоу ашкол арҵаҩцәа. Убри аан урҭ рхы аладырхәуеит аҿартә еиҿкаара «IQan» аусзуҩцәагьы. Апроект ихадоу ахықәкы – аҿар рыҩныҵҟа ашьцылара бааԥсқәа мап рыцәкра алыршара ауп, ҳәа адырра ҟаҵоуп Феисбук аҿы  «IQan» адаҟьа аҿы.  

Атренинг аҿы ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит агәабзиара заку, аԥсҭазаашьа, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара, ашьҭрамҭа, агәабзиарахьчара, уҳәа агәабзиара ахьчараҿы инанагӡо ароль атәы, иара убас ирацәаны аинтерес зҵоу аинформациа рыларҵәан.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура акоманда – Аԥсны аминистрррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы аспорт абзиабаратә турнир аҿы ҩынттәны аиааира агеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Жьҭаарамза 24 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит аминистрррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы аспорт абзиабаратә турнир.  Атурнир рхы аладырхәит 18 командак, урҭ «илашәу» аҵәҭаԥсарала агәыԥқәа рыла еихшахеит.

Мчыбжьык иалагӡаны ашьапылампыласыҩцәа есыҽны аицлаблара иаҿын, акәаталақәа еизыргон, еиҳа-еиҳа афинал иазааигәахон.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба далархәны 2023-2025 шш. Аинвестпрограмма ала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара аетапқәа, аминистрцәа Реилазаара аҿы 2023 шықәсазы ишьақәырӷәӷәоу асиа инақәыршәаны, еиуеиԥшым аобиектқәа рҿы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара, иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Ирезервтә фонди аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонди рҟынтәи иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа рыла  аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара шымҩаԥысуа далацәажәеит. 2023-2025 шш. Аинвестициатә программа ала 2023 шықәсазы рынагӡара азԥхьагәаҭоуп 24 усмҩаԥгатә. Урҭ рхарџь азеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд. 215 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Зфинанстәра мҩаԥгоу, зеиҭашьақәыргыларагьы ахыркәшарахь инеихьоу аобиектқәа ирықәхарџьу аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 900 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, егьырҭ иаанхаз аусурақәа рфинанстәра ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа  имҩаԥгахоит.  

Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо амҩаду авариатә хәҭақәа рҿы аҵаргәатә ҭыӡқәа шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылара хыркәшахоит, хара имгакәа аҵыхәтәантәи иаанхаз ахԥатәи атрасса ахәҭа ахархәарахь ирыҭахоит. Астанцеиҵа «Алаҳаӡы» ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ареконструкциа анхыркәшахалак ашьҭахь етап-етапла амчхара 20 инаркны 80 МВт аҟынӡа ишьҭыххоит, астанцеиҵа «Бзыԥ» амчхара – 125 инаркны 250 МВт. рҟынӡа.

Гәдоуҭа ақалақь аҿы х-мҩадук рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нагӡоуп, иарбоу аобиектқәа ахархәарахь ирыҭоуп. Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо автомҩа арлашаратә усурақәа мҩаԥысуеит, урҭ ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахароуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.