Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аҿы Ашьаусмҩаԥгаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 124 (ашшыбӷьыцқәа аӡбарҭаҿы рыхәаԥшразы) инақәыршәаны, Ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны Жәлар Реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәр Арӡынба атәыла апрокурор Хада Адгәыр Агрба ари аус иҽацәхьакра аҭыԥ аман ҳәа иалеиҵаз ашшыбӷыц аганахьала аӡбареиҿкаара аанкылара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Иарбоу ашшыбӷьыц аҿы Звольҳараку Афымцамҩангага «Аҽгәара 220 кВ» шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы ихымԥадатәииз амаҭәахәқәа раахәараан иҟаз ахарџь армыцхәреи, иара убри ала иҟалар зылшоз аԥареимҵәаразы адырра агәаҭараан апрокурор Хада иахәҭоу аҩаӡараҿы аусура илимыршаӡеит, иара убас Аԥсны апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусҩаԥгаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 143-144 иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа рзы адырра агәаҭараан инаигӡаз ауснагӡатәқәа азин шьаҭа рымамызт ҳәа иазгәаҭахеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада ахаҭарнак инаишьҭыз ажәахьанҵа ала иарбоу азашшра ала аӡбареиҿкаара аанкылахеит.
«Аҵыхәтәантәи аамҭазы еиуеиԥшым а-Телеграмм-каналқәа рҿы аларҵәара зауа иалагаз хыхь иарбоу агәаҭараан апрокурор Хада аус иҽацәхьакра аҭыԥ аман ҳәа азхаҵара азы ирыдыркылаз аӡбарҭа аӡбамҭа ыҟоуп ҳәа адырра мцыркуп.
Уажәы апрокуратура Хада анапхгараҭара аганахьала ари аус амҩаԥгараан азакәанеилагара аҟазаара, мамзаргьы аус ацәхьаҵра аҭыԥ аман ҳәа адырра арҵабыргра азы иарбоу агәаҭара аганахьала изеиԥшразаалак аӡбарҭатә ӡбамҭа ыҟаӡам», -ҳәа иазгәаҭоуп хәажәкырамза 30 рзы Апрокуратура Хада иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.
Апрокуратура Хада атәылауаа зегьы рахь ааԥхьара ҟанаҵоит цқьа игәаҭам, имцырку адыррақәа амассатә информациа ахархәагақәа рыла аларҵәара мап ацәыркырц.
Звольҳараку Афымцамҩангага «Аҽгәара 220 кВ» шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы ихымԥадатәииз амаҭәахәқәа раахәараан иҟаз ахарџь армыцхәреи, иара убри ала иҟалар зылшоз аԥареимҵәаразы адырра аилкаара азы апрокурор Хада Адгәыр Агрба Идҵа ала, Апрокуратура Хада аусеилыргаратә усбарҭа ала жьҭаарамза, 2023 шықәса инаркны апроцессуалтә гәаҭара мҩаԥысуеит. Агәаҭара анхыркәшахалак ашьҭахь, уи аихшьаалақәа рыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусеиҿкааратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 143 («Ацәгьоуразы адырра ахәаԥшра аԥҟара»), ахәҭаҷ 144 («Ацәгьоуразы адырра ахәаԥшра алҵшәақәа рыла аӡбамҭа адкылара») инақәыршәаны апроцессуалтә ӡбамҭа адкылара мҩаԥысуеит.