АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Хәажәкыр.2024

Алхас Кәыҵниа акомплекс «Крокус Сити Холл» аҿаԥхьа ауаажәларра рхалагаларатә мемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза 30, 2024 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа аҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ  Алхас Кәыҵниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра еиҿнакааз акомплекс «Крокус Сити Холл» аҿаԥхьа ауаажәларра рхалагаларатә мемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит.

Амемориалтә акциа рхы аладырхәит  130 дипломатиатә миссиақәа  рхадацәеи русзуҩцәеи – зынӡа 250 - ҩык инареиҳаны.

Акомплекс «Крокус Сити Холл» аҿаԥхьа ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа алагаанӡа еизаз минуҭктәи аҿымҭра рылаҳәан, анаҩс адипломатиатә миссиақәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра  ахаҭарнакцәа хәажәкырамза  22, 2024 шықәса рзы  иҟалаз атеракт аҿы иҭахаз  ргәалашәара азы асимволтә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ишкәакәоу ампышҭақәа ажәҩан иаларҵеит.   Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра  адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа ас еиԥш иуадаҩу аамҭа азы аурыс жәлар ирырҭо адгылара азы иҭабуп рҳәеит. 

 

 


Read 150 times - Ашәахьа, 01 Мшаҧы 2024 14:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.