АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь, Абазгаа рымҩа аҿы ахәыҷбаҳча ажәытә хыбра шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит. Ари ахҭыс ақалақь аҿы иазыԥшыижьҭеи акрааҵуеит. Ахәыҷбаҳча ахыбра ҿыц аҿы ирыдыркылар алшоит шә-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гагра–ТВ.

Ари ахыбраҿы иахьазы аусурақәа рӷьырак ҟаҵоуп, уажәы иаанхаз аҩычаратә усурақәа роуп. Иарбоу аиҭашьақәыргалыратә усурақәа рынагӡаразы иазоужьын 42 млн. 760 нызықь мааҭ.  Ашықәс  нҵәаанӡа иазԥхьагәаҭаз аусурақәа зегьы хыркәшахоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыратәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы STEM ашьаҭала иаԥҵоу аҵарадырратә Центр аадыртит.  Араҟа имҩаԥслоит STEM ашьаҭала зыдгалара мҩаԥгахо аҵарадырратә программа ала аҵара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис.

STEM – ари аҵара апроцесс аинтеграциатә знеишьа азԥхьагәазҭо, анаукатә, атехникатә, иара убас анџьныртә хырхарҭақәа еидызкыло иаку аҵаратә процесс ауп.  STEM-лабораториақәа ашколқәа рҿы раартра хықәкы хадас иамоуп ашколхәыҷқәа ироуз атеориатә дыррақәа рхархәаразы аԥышәатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара алыршара.  

Аҵарадырратә центр аиҭашьақәыргылареи иахәҭоу аиқәыршәагақәа рыла реиқәыршәареи Европатәи атәылақәа Реидгыла афинанстә цхыраарала Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис ала  имҩаԥган.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи ркомандақәа Аԥсны аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы аспорт абзиабаратә турнир афинал аҿы еиԥылоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Актәи афиналбжа аҿы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа ркоманда акыр аибарххара зцыз аиндаҭлара аҿы асчиот – 1:2 ҳәа аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы акоманда иаиааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Колумбииа, Барранкилиа ақалақь аҿы ихыркәшахеит адомино азы IV адунеи ачемпионат. Уи ахы аланырхәит Аԥсны акоманда.  

Атурнир мҩаԥысуан жьҭаарамза 15 – 22, 2023 шықәа рзы. Ари Колумбиа раԥхьаӡа имҩаԥысуа адунеи ачемпионат ауп, «Femundo» аверсиа аҭоурых аҿы акәзар уи аԥшьбатәи ачемпионат ауп. Адунеи зегьы аҟынтәи  400-ҩык инареиҳаны алахәылацәа аиндивидуалтәи ҩыџьа-ҩыџьалатәи аразриад аҿы еиндаҭларц азы Барранкилие ақалақь аҿы аотель El Prado еизеит.

Аԥснытәи акоманда аилазаара нагӡаны ачемпионат ахь  изымааӡеит, избан акәзар, акоманда ахәмарыҩ хада уи аамҭазы Лас-Вегас имҩаԥсуаз домино азы адунеи ачемпионат далахәын. Ус ишыҟазгьы, аԥснытәи акоманда ибзиоу алҵшәақәа аанарԥшит, уи колумбиатәи ателехәаԥшра ажурналистцәеи арепортиорцәеи рылаԥш иҵамшәакәа иаанымхеит. Аԥсны еизгоу акоманда иазкны ҷыдала арепортаж ҟарҵеит. Акоманда ақаԥдани азыҟаҵаҩи Саид Ашәба El HERALDO акорреспондент диҿцәажәо иазгәеиҭеит: «Атурнир даара иҳараку аҩаӡараҿы еиҿкаауп. Сара даара сеигәырӷьоит ҳкоманда уи ахьҽаланархәуа. «Ла Арносу» ахь схы рханы иҭабуп ҳәа сҳәар сҭахуп адкылара бзиаӡа азы, аҭак аҳасабала сыԥсадгьыл ахь ааԥхьарагьы ҟасҵоит», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аделегациа Маиҟәаԥ ақалақь, Адыгатәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иаатыз аӡӷабцәа рзы аматематикатә олимпиада  «Ассара» аҽаланархәуеит. Урыстәылатәи 15 регион, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи 50-ҩык аҟыбаҩ злоу ашколхәыҷқәа  аматематиказы ирымоу рдыррақәа  аадырԥшуеит.

Аолимпиада аҿы аиааира згаз ақәратә категориақәа ҩба рыла иалкаахоит: аиҵбыратә лига (6 – 8 -тәи аклассқәа рҵаҩцәа), иара убас аиҳабацәа рлига  (9 – 10 - тәи аклассқәа рҵаҩцәа), аӡбамҭақәа ахәшьара рырҭалоит аолимпиатә еиҿкаара инагоу ахаҭарнакцәа.

Ажиури аилазаареи аӡбамҭақәа здызкыло акомитет аилазаареи иалалеит Жәларбжьаратәи аматематикатә олимпиада, Китаитәи аҳәса рматиматикатә олимпиада, иара убас Европатәи аҭыԥҳацәа злаху аматематикатә олимпиада, уҳәа рҿы аиааирақәа згахьоу. Ажиури ахантәаҩыс дыҟоуп Жәларбжьаратәи ашколхәыҷқәа рматематикатә олимпиада аҿы Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ, Адыгатәи аҳәынҭқарратә Университет аматематикатә идеиақәа рҵара атехнологиақәа рлабораториа анапхгаҩы Кирилл Сухов.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҽыбӷаҟазаратә спорт азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысуеит жьҭаарамза 28 – 29 рзы Бзыԥтәи ампподром аҿы.  

Ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны 800, 1400, 1600, 1800, 2000, 2400, 3200, 4000, 6000 метра рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рыла аҽырыҩрақәа мҩаԥысуеит. Аҽырыҩрақәа рнаҩс аҽыбӷаҟазацәа аҽытә шьапылампыл, аҵәеигәыдҵара, аимҵакьачара, уҳәа реиԥш иҟоу аҽы-спорттә еиндаҭларақәа рҿы рҟазара аадырԥшраны иҟоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза  23 рзы амаршрут Ҭҟәаԥс – Шәача – Гагра ала ибжьоу адәыӷба  № 927/928 «Сочи» атуристтә сезон хнаркәшоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Аихамҩақәа рофициалтә саит.

Ҳазҭоу ашықәс азы ари адәыӷба ала рыиагара еиҿкаахеит 40 нызықьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа. Ари асезон аҿы иҿыцу лагамҭаны иҟалеит агьамабаратә тур «Аԥсны агьама».  Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аныҟәаҩцәа амлагәырааӡарҭатә нхамҩа аҭаара, ашәқәеи акәацырҩеи рыҟаҵара азы амастер-классқәа рылахәхара азы алшара роуит.

Атуристцәа рыманшәалара азы иара убас амшеихша рыԥсахит: урҭ ҩ-сааҭк рыла заа  авокзал ахь анеира иалагеит, шьҭахьҟа ицон уаанӡа иазԥхьагәаҭаз аамҭа аҵкьыс сааҭбжак рыла иацҵаны.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ацифратә епоха шышьақәгылахьоугьы ашәҟәқәа ауаҩы иԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа ароль нарыгӡоит. Аԥсны абиблиотекақәеи ашәҟәҭирҭақәеи есымша иҿыцу акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа – аҭыԥантәи еиԥш аҳәаанырцәтәигьы рыла ихарҭаахоит.

Ашәҟәҭирҭа «Амцабз» аиҳабы Манана Кәыҵниа лажәақәа рыла, ашәҟәқәа аиҳарак Урыстәылантәи иааргоит. «Акыр адҵаалара бзиа рымоуп араҟа Аԥсны иҭрыжьуа ашәҟәқәа. Урҭ рӷьырак Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызкуп, егьырҭ алегендақәеи алакәқәеи зну роуп. Аԥхынтәи аамҭахәҭазы аиҳарак атәылаҿацәҭҵааратә литература, ахсаалақәа, ахсаалеизгақәа (атласқәа), амҩақәҵагашәҟәқәа иазҵаауеит. Иара убас аурыс-аԥсуа бызшәала аиҿцәажәага иазҵаауеит, аха ҳара уи аҩыза ҳамаӡам», – ҳәа илҳәеит лара. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы XI Жәларбжьаратәи атурнир. Атурнир рхы аладырхәит Барнаул, Кемерово, Чечентәыла, Аԥсны аҟынтәи ԥшь-командак.  

Ахԥатәи аҭыԥ аанкыларзы аматч аҿы еиԥылеит Кемерови Барнаули ркомандақәа. Асчиот 1:0 ҳәа аиааира агеит Барнаул акоманда.

Афинал аҿы еиԥылеит Аԥсни Чечентәылеи ркомандақәа. Аматч асчиот 4:3 ҳәа Чечентәыла акоманда аиааирала ихыркәшахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир қәҿиарала ахыркәшара уи алахәылацәа ирыдырныҳәалеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аԥсны Амилаҭтә Олимпиатә комитет апрезидент Валери Аршба, Аԥсны Апаралимпиатә комитет апрезидент Леон Ҵәыџьба, атурнир аӡбаҩ хада Виачеслав Александров, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура ахаҭарнак Алхас Жьиба, Аԥсны аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба, Краснодартәи атәылаҿацәи Шәача ақалақьи рыҩныҵҟатәи аусқәеи аҩныҵҟатәи архәҭақәеи русзуҩцәа, арратә хҭысқәа рветеранцәа Рассоциациа ахаҭарнак  Алеқсандр Воротниук.

«Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит имҩаԥыжәгаз ари ахәмарра азы. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит атурнир аиҿкаара зхахьы изгаз, апаралимпиатә еиҿкаара адгылара азҭо зегьы. Зегьы ақәҿиарақәеи анаҩстәи аизҳазыӷьареи рзеиӷьасшьоит», – ҳәа иҳәеит Леон Ҵәыџьба.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара азҵаарақәа ирызкын ашәахьа, жьҭаарамза 23 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани реиԥылара.

Аиԥылара рхы аладырхәит адепутатцәа Беслан Ҳалуашь, Дауҭ Хәытаба, Инар Саӡба, Бадрик Ԥлиа, Нарсоу Салаҟаиа.

Лаша Ашәба Кристина Озган, азакәанԥҵарақәа реишьашәалара ала ишьаҭаркны Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи аҵакыра аԥҵара Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аинформациа акоординациа амҩаԥгара аганахьала иаалырԥшыз активра уахь иналаҵаны, иааизакны иналыгӡаз аусуразы иҭабуп ҳәа леиҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент аофициалтә саит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.