АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Хәажәкыр.2024

Хәажәкырамза 23 рзы иԥсы ҭазҭгьы 85-шықәса ихыҵуан Аԥсны жәлар рартист Тото Аџьапуа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 23 рзы  Аԥсны Жәлар рартист,  Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла акомпозиторцәа Рхеилак алахәыла, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Аибашьра анысымҩа» апремиа алауреат, Леон иорден, «Ахьӡ-аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Тото Аџьапуа иԥсы ҭазҭгьы 85-шықәса ихыҵуан.  

Аԥсны Жәлар рартист дылгәалалыршәеит Аҳәынҭқарратә хортә капелла адирижиор иасистент  Мадина Чачхалиа:

«Сара Тото Ҭарашь-иԥа Аџьапуа сгәалашәараҿы даанхеит даараӡа ззанааҭдырра ҳаракыз, аусуралшара ду змаз ауаҩы аамсҭашәаны. Исгәалашәоит, сара амузыкатә ҵараиурҭа салганы Тото Ҭарашь-иԥа аус ахьиуаз ашкол аҿы усураҳәа сышнеиз. Иара иуадаҩӡаз аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы шьаҭанкыла амузыкатә ҟазара ашкол аԥиҵеит. Уажәы уи иара ихьӡ ахыуп.   Тото Ҭарашь-иԥа маҷ-маҷ, цыра-цырала ашкол азы амузыкатә инструментқәа еизигон.  Уи илшеит зеиӷьаҟам, аилибакаареи апатуқәҵареи злоу, арҿиаратә коллектив аиҿкаара. Саргьы насыԥ сымоуп ҳәа исыԥхьаӡоит уи сахәҭакны сахьыҟоу иахьа. Тото Ҭарашь-иԥа аусураҿы есымша ацхыраара аҭара дазхиан. Иахьа уи иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 85 шықәса. Ари аҩыза ауаҩы иԥсра Аԥсны акультуратә ԥсҭазаара азы харҭәаашьа змам цәыӡ дууп. Уи иҟазара згәаԥхоз игәалашәара лаша ргәы иҭыҵәаӡом». 

 

–––

Тото Аџьапуа диит хәажәкыра 23 1939 шықәсазы Очамчыра араион Отаԥ ақыҭан. Иара 22 шықәса дшырҭагылаз дҭалоит амузыкатә ҵараиурҭа.

«Сыбжьы заҳаз иаразнак срыдыркылеит, аха анотақәа захьӡыз сыздыруамызт. Авокал азы сырҵаҩы, абырзен Ианис Токмакидис уамакала Аԥсни аԥсуа жәлар рмузыкеи бзиа иибон, иара хышықәса аҵара сирҵон. Уи ашьҭахь ауп Қарҭтәи аконсерваториа сҭалоит ҳәа санцаз», - ҳәа еиҭеиҳәон Тото Аџьапуа.

Ҩы-шықәса аопертә шәаҳәаҩы, апедагог, Аовет Еидгыла Жәлар рартист Пиотр Амиранашвили иҿы аҵара иҵон, анаҩс  Тото Аџьапуа дииасит егьи арҵаҩы — раԥхьатәи аԥсуа опера «Аламыс» автор, апрофессор Дмитри Шведов иахь.

Авокал акласс ала аконсерваториа Тото Аџьапуа далгеит 1969 шықәса рзы, уи иоуит аҩбатәи аҵараиуратә диплом. 

1971-1992 шш. – Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла асолист, адирижиор.

1971 шықәсазы Тото Аџьапуа Қарҭтәи аконсерваториа акомпозитортә ҟәша дҭалеит.  Адипломтә усумҭас иҟалеит ҩ-кантатак: Д. Гәлиа иажәақәа рыла «Аԥсуа дгьыл азышәаҳәаҩ» (Певец земли абхазской»), В. Амаршьан иажәақәа рыла «Аԥсдгьыл азы ахыцрақәа» («Думы о Родине»), Б.Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» амотивқәа рыла .

1977 шықәсазы далгеит Қарттәи аконсерваториа акомпозиторра аҟәша. Уа аҵара аниҵоз аԥсуа бызшәа рҵаҩыс Қарҭтәи атеатртә институт аҟны аус иуан.

1978 шықәсазы — Асовет Еидгыла акомпозиторцәа  Реидгыла алахәыла.

Қарттәи аконсерваториа далганы Аԥсныҟа даныхынҳә, Аԥсуа аҳәынҭфилармониаҟны ахкынагӡаҩыси, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҟны рҵаҩыси аус иуан.

Сара сзааӡаз санду лоуп раԥхьатәи скомпозициа «Санду» ззыскызгьы. Борис Гәыргәлиа авторс дызмаз «Иарҳәала ачамгәыр» (Играй ачамгур) иалхын ҳәа еиҭеиҳәон Тото Аџьапуа. Акомпозитор иаԥҵамҭақәа реиҳарак агәаҟреи афырхаҵареи ирызкуп, аха имоуп абзиабаратә ԥҵамҭақәагьы, иаҳҳәап, "Мрамза".

1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Гәдоуҭа ақалақь аҿы арратә ансамбль «Аиааира».  Ансамбль  лассы-лассы аԥсуа ар аибашьцәа рҿаԥхьа иқәгылон.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахәра ӷәӷәа анаҭеит Тото Аџьапуа иҭаацәа, аибашьраҿы иҭахеит иашьеи, иԥеи. Аибашьра аамҭа иалагӡаны акомпозитор иаԥиҵаз ашәақәа иреиуоуп  «Аԥсуа уахьыҟазаалакгьы», «Мамзышьха». «Горец», «Ҳаҳәшьцәа», «Имҩасуам».

1994 шықәсазы иара ахәыҷтәы амузыкатә школ №3 анапхгаҩыс дҟалеит.

Тото Ҭарашь-иԥа 600 ԥҵамҭақәа инареиҳаны дравторын. Тото Аџьапуа иаԥҵамҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акантатақәа «Аԥсуа ҭыӡ Ду», «Абрыскьыл», «Ефрем Ешба», «Уарбану», ахореографиатә сиуита «Нарҭаа», афлеитеи афортепианои рзы асоната, афортепиано азы авариациақәа ааба, «Аԥсуа литургиатә шәаҳәара», акантатақәа «Ҷлоу», «Отаԥ», «Уарбану», «Аԥсадгьыл азхәыцра», асимфониатә

Аԥсны Жәлар рартист, СССР акомпозиторцәа Рхеилак алахәыла, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат,  «Аибашьра анысымҩа» апремиа алауреат, Леон иорден, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Тото Аџьапуа  иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәамза 2, 2023 шықәса рзы. 

 

 

 

 


Read 136 times - Асабша, 23 Хәажәкыр 2024 19:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.