АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Хәажәкыр.2024

Аԥсны Москва ақалақь, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт инамаданы адышшыларақәа ҟарҵоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Москва ақалақь, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» иҟалаз ишьаарҵәыроу атеракт инамаданы адышшыларақәа ҟарҵоит.

60-ҩык инареиҳаны иҭахеит, 105-ҩык ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп. Иҭахаз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп х-ҩык ахәыҷқәагьы.  

*** *** Аԥсны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи  Реидгыла Москва имҩаԥгаз атеракт иахҟьаны иҟалаз ахҭысқәа  инарымаданы гәалсра дула адышшылара ҟанаҵоит.

«Ҳара ҳагәқәеи ҳхәыцрақәеи уажәы ааха зауз, урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи ирыцуп. Ари ахлымӡаах аҿы ааха зауз зегьы ргәырҩеи рхьааи рыцеиҩаҳшоит. Атерроризм иадҳәалоу ацәырҵрақәа зегьы ӷәӷәала ҳақәыӡбоит, аҭынчреи аилибакаареи ачҳареи аидгылареи рзы ааԥхьара ҟаҳҵоит. Ари агыгшәыгра зхы иаҭәазшьаз зегьы хымԥада ирыхәҭоу ақәнага иақәыршәазароуп. Ацивилизациа зылсны иҟоу адунеи зегьы, зхаҿы зыхшыҩ ыҟоу ауаа зегьы ари аҭынч уааԥсыра рганахьала иуаҩымроу ацәгьоура хьанҭа иаҿагылоит», – ҳәа иазгәаҭоуп Аидгылара аҳәамҭа аҿы.

***Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар хәажәыра 22 , ахәылбыҽха «Крокус Сити Холл» иҟалаз ишьаарҵәыз атеракт инамаданы, Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура адиректор  Дмитри Кочнев иахь адышшыларатә шәҟәы дәықәиҵеит.

«Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Шәара, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, иара убас Урыстәыла ажәлар зегьы иҟалаз атрагедиа инамаданы ҳрыдышшылоит.  Ӷәӷәала ҳақәыӡбоит акагьы зхарамыз аҭынч уааԥсыра рганахьала имҩаԥгаз, жәаҩыла ауаа рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз атеррористтә акт. Иҟаҵаз ацәгьоура хьанҭа ацинизми агәымбылџьбарареи рыла   уаршанхоит. Ҳара Шәара шәхьааи шгәырҩеи шәыцеиҩаҳшоит.  Ахәрақәа зауз зегьы иаарласны ибзиахарц рзеиӷьаҳшьоит», - ҳәа иазгәаҭоуп ателеграмма аҿы.

*** «Аԥсны аҿар ари ахлымӡаах азы ажәабжь – Москва ақалақь аҿы иҟалаз атеррористә акт даара гәалсра дула ирыдыркылеит. Иҭахеит акгьы зхарамыз аҭынч уааԥсыра, иҭахеит ахәыҷқәа. Ҳара ӷәӷәала ҳақәыӡбуеит атерроризм. Ҳақәгәыӷуеит абарҭ асааҭқәа рзы адунеизегьтәи ауаажәларра  ауаҩҿагыларатә,  ирыцҳашьарадоу  ари ауснагӡатә ӷәӷәала ишақәыӡбо», – ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны аҿар Рфорум».

***Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалҳа  «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористә акт инамаданы, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мариа Львова-Белова длыдышшылеит.

«Ҳаҭыр зқәу Мариа Алеқсеи-иԥҳа, сара гәалсра дула исыдыскылеит иацы аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз  азы ажәабжь хлымӡаах.Ухахьы иузаагом иҟалаз ишьаарҵәыроу атеррористтә акт амҽхаки уи иамоу ахҟьаԥҟьақәеи.  Шәхьааи шәгәырҩеи шәыцеиҩысшоит, атеракт аҿы ааха зауз зегьы рыуацәеи рҭынхацәеи срыдышшылоит, ачҳареи аицамкреи рзеиӷьасшьоит. Иара убас ахәрақәа зауз зегьы иаарласны ргәы бзиахарц рзеиӷьасшьоит. Агәра ганы сыҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа аус атәы здыруа аусбарҭақәа зегьы ари ацәгьоура хьанҭа шаадыртуа, уи еиҿызкаази иназыгӡази шеилкаахо, насгьы ирықәнаго ахьырхәра ишақәыршәахо.

***Аԥсны Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба Урыстәыла Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Лидиа Михеева лыхьӡала адышшыларатә шәҟәы дәықәылҵеит.

«Ҳара даара ҳаршанхеит, ҳгәаҵанӡагьы инеит Москва амҵан, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз игыгшәыгу атеррористтә акт иахҟьаны аҭынч уааԥсыра рҭахара азы иҳауз ажәабжь хлымӡаах. Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рыхьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи шәтәылауаа рҭахара инамаданы сшәыдышшылоит. Иҭахаз рҭаацәа срыдышшылоит, ахәрақәа зауз иаарласны ргәабзиара аиҭашьақәыргылара рзеиӷьасшьоит. Ҳара ари  игәыԥжәагоу акт ӷәӷәала ҳақәыӡбоит. Аҭынч уааԥсыра рыргәаҟра, рышьра иазырхоу атерроризм риашашьеи еилкаашьеи амам.  Агәра ганы ҳаҟоуп аус атәы здыруа аусбарҭақәа ари ацәгьоура шаадыртуа, ахара зду ацәгьоуцәа зегьы ақәнага ишақәыршәахо. Шәгәырҩа шәыцеиҩаҳшоит, Урыстәыла ажәлар рхьаа ҳхьаауп!»

***Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко дидышшылеит.

«Даараӡа ҳаргачамкит хәажәкырамза 22 ахәылбыҽха хыԥхьаӡара рацәала акагьы зхарамыз ауаа рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз, Москва амҵан аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористтә акт азы ажәабжь хлымӡаах. Иҭахаз рҭаацәа срыдышшылоит. Ахәрақәа зауз иаарласны ршьапы иқәгылартә еиԥш иҟалааит.

Ари ацәгьоура аԥшьгаҩцәеи аиҿкааҩцәеи анагӡаҩцәеи ирыхәҭоу ақәнага иақәыршәазароуп.

Ахәҭакахьала, ҳара атеррористә акт аҿы ахәрақәа зауз анаҩстәи рреабилитациа аҿы ацхыраареи адгылареи рыҭара ҳазхиоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә телеграмма аҿы.

***Ҳара ӷәӷәала ари иуаҩрам акт ҳақәыӡбоит, ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аполитикатә партиа «Амцахара».

«Абџьар зкым аҭынч уааԥсыра иааргәыдҵаны рышьра – ари акала риашашьеи еилкаашьеи змам агыгшәыгра ауп. Ҳара жәаҩыла аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз ари агәымбылџьбаратә акт ӷәӷәала ҳақәыӡбоит. Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ҳрыдышшылоит.  Атеракт аан ахәрақәа зауз зегьы иаарласны ршьапы иқәгылааит. Агәра ганы ҳаҟоуп ари ацәгьоура ӷәӷәа ҟазҵаз ақәнага ишақәыршәахо», - ҳәа иаҳәоит адышшыларатә шәҟәы аҿы.

***«Москва амҵан иҟалаз ахлымӡаах азы ажәабжь акыр ҳаршанхеит, гәалсра дула иҳадаҳкылеит. Аконцерттә зал  «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз атеракт аан зыуацәеи зҭынхацәеи ҭахаз зегьы ҳрыдышшылоит, ааха зауз иаарласны ргәы бзиахарц рзеиӷьаҳшьоит. Ҳара ӷәӷәала атерроризм ҳақәыӡбоит! Аҭынч уааԥсыра рышьреи рыргәаҟреи иазку атеррористтә актқәа рыриашашьеи реилкаашьеи залыршахом!», - ҳәа аҳәамҭақәа ҟарҵеит:  

Агуманитартә Программақәа Рцентр;

Аҟәатәи Ақәыԥшцәа Рыҩны;

Аԥсны Ахәыҷтәы Фонд;

Асоциал-культуратә аԥшьгарақәа рзы Агәыҳалалратә Фонд;

Агәыҳалалратә фонд «Асарька»;

Ауаажәларратә гәыҳалалратә еиҿкаара «Панорама»;

Аԥсны Аҳәса Рассоциациа;

Агәыҳалалратә фонд «АМШРА»»

«Амилаҭтә ресурсқәа Агәыҳалалратә фонд «Ауаажәларратә  усқәа рыклуб»;

Ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны адиабеттә еилазаара»;

Ауаажәларратә еиҿкаара «АМЧ» Агәыҳалалратә Фонд «Аҿиаразы Аҳәса рфонд»;

Арҵаҩцәа рассоциациа аҵарадырраҿы аинновациақәа рзы.

***Аԥсны инхо урыстәылатәи аидгьылуаа Реиҿкаарақәа Москватәи аобласт аҿы иҟоу ахәаахәҭратә Центр «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористтә акт иахҟьаны иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи зегьы ирыдышшылоит.

«Шәзықәшәаз арыцҳара азы ҳшәыдышшылоит, ишәоуз агәырҩеи ахьааи шәыцеиҩаҳшоит. Урыстәыла ахьаа ҳхьаауп ҳаргьы. Иҭахаз зегьы џьанаҭ гыларҭас ироуааит» - ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә цҳамҭа аҿы.

*** «Хәажәкырамза 22 рзы Москватәи аобласть, «Крокус Сити Холл» ахыбраҿы иҟалаз ахлымӡаах  акырӡа ҳаршанхеит, гәалсра дула иҳадаҳкылеит, ӷәӷәала ҳгәы ҳнархьит.

Милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлар рыхьӡала атеракт аҿы иҭахаз ауаа рыуацәеи рҭынхацәеи, иара убас урыстәылауаа зегьы  ҳрыдышшылоит, рхьааи ргәырҩеи рыцеиҩаҳшоит.

Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны Жәлар Реиҿкаара»;

Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аруаа»;

Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Ҳара ҳаҳҭнықалақь»;

Ареспубликатә Политикатә Партиа «Аԥсны Жәлар Ракзаара Афорум»;

Ареспубликатә Политикатә Партиа «Аԥсны».

 

 

 

 

 


Read 93 times - Амҽыша, 24 Хәажәкыр 2024 17:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.