АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Цәыббрамза 30 рзы С.У. Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы имҩаԥысит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа иазку аконцерт.  

Аплошьад артистцәа ақәгылара иалагаанӡа акыр шыбжьаз аизара иалагахьан. Згәалаҟазаара бзиаз ауаа имыццакӡо Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа ала инеиуааиуан. Ааигәа-сигәа иҟоу акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи зегьы ауаа рыла иҭәын, ианыхәла ажәҩан ахь еилыԥхо ихалеит «ажәҩантә фанарқәа». Аиҿырцаара аҟыбаҩ злоу ацыганцәагьы ари аныҳәа рҽазыҟарҵазаап, урҭ ишырдыруа ала ирласны амаркетингтә ҭҵаара мҩаԥганы изҭаху зегьы ираадырхәон еилаарцыруа ампыл хәыҷқәа ажәҩан иалазҵо аимҿаԥақәа (арогатка) – уи збаз ахәыҷқәа ргәырӷьара ҳәаа амаӡамызт.

Амшгьы Аҟәа ақалақь ауааԥсыра ргәырӷьара арманшәаларц иашьҭоушәа икаԥха-каҷҷон: иҭышәынтәалаз аҳауа аԥхарреи амшынынтәи ихааӡа иасуаз аԥшаласи аҭаацәа џьоукы иӡҟыз рхәыҷқәагьы раагара азы алшара рынаҭон. Гәахәара дула иузгәамҭар алшомызт араҟа зцәа зтәымыз аҳәасақәеи, иара убас зықәрахь инеихьоу ауааи шырацәаз.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит. 

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа!

Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҿы ари аныҳәа иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. Ҳҳәынҭқарра аҭоурых ианылеит 1992–1993 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра 413 фырхаҵаратә мшы.

Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи хәы змам ҳажәлар ршьала икәабоуп. Зықьҩыла Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, ҳажәлар ашәарҭара ду ианҭагыла иҳацхраарц хатәгәаԥхарала иааз ҳашьцәеи Ҳаԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит. Хара наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит рыжәҩахыр еибыҭа аӷа хәымга иҿагыланы еибашьуаз, Аиааира зхы ақәызҵаз афырхацәа», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара иазкын Аҟәа ақалақь, Леон Имҩаду аҟынтәи иалагаз амаланыҟәатә еиԥхныҩлара.  

Амаланыҟәарныҟәцаҩцәа рымҩа хан Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра ахьгылоу аҟынтәи Аладатәи Ешыра иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟынӡа.  

Акциа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 29-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкуп.

«Ҳара имҩаԥааго акциа рхы аладырхәуеит 50-ҩык инарзынаԥшуа ауаа. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа – Аԥсны амаланыҟәцаҩцәа реилазаареи Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҟәа ақалақь Ахадара аусбарҭеи роуп. Ҳара ас еиԥш амаланыҟәатә еиԥхныҩларақәа уажәаԥхьагьы изныкымкәа имҩаԥаагахьеит. Ҳаԥхьаӡагьы ҳара ари есышықәсатәи атрадициа анагӡара ҳгәы иҭоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара инамаданы, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ–Аԥша апарк иаваршәны инеиуа амҩаду ала атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыԥқәа аныҳәатә шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥысит.   

Апарад идикылеит атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа. Аныҳәатә шьаҿеиқәшәала аиасра напхгара аиҭон атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба.

Аҟәа.  Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи ирымшныҳәоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб  Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы ихадоу аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит! ***   *** 

Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, ишәыдысныҳәалоит ихадоу аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рныҳәамш!

Аиааира Амшныҳәа – ари есымша аамҭакала агәырӷьареи алахьеиқәреи зцу ныҳәоуп. Уахь инагаз амҩа акыр иуадаҩын, аӡәырҩы рыԥсҭазаарагьы ахҭынҵоуп.

Ажәлар рхақәиҭреи рхьыԥшымреи рзы иҭахеит зықьҩыла Аԥсны иреиӷьыз аԥацәеи аԥҳацәеи, иара убас Ҟабара-Балкариа, Чечентәи Ареспублика, Ҟарачы-Черкесиа, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспубликеи Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи, Адыгеиа, урыстәылатәи аказакцәа реилазаара, уҳәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала аԥсуаа ирывагыланы еибашьуаз. Ҳаԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла уи ацхырааразы иааит аҳәаанырцәтәи ҳдеаспора ахаҭарнакцәа.  Урҭ ргәалашәара наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Ахада Алан Гаглоев ҭелла Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлар зегьи Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Денис Пушилин, Лугансктәи Жәлартә Республика Ахада Леонид Пасечник, Запорожиатәи аобласт Администрациа Ахада Евгени Балицки, Херсонсктәи аобласт Администрациа Ахада Владимир Сальдо ирыдиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра аҵаҩра. 

Иахьа, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аназгәаҳҭо, ҳадгьыл аҟны аҭоурыхтә иашара аиҭашьақәыргыла амш аҽны, гәахәара дула иҳадаҳкылеит Москва иҟалаз ахҭыс – Донецктәи, Лугансктәи Жәлартә Республикақәа, Запорожиатәи, Херсонсктәи аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра аҵаҩра ахҭыс. 

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Денис Пушилин, Лугансктәи Жәлартә Республика Ахада Леонид Пасечник, Запорожиатәи аобласт Администрациа Ахада Евгени Балицки, Херсонсктәи аобласт Администрациа Ахада Владимир Сальдо ирыдиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра аҵаҩра. 

Иахьа, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аназгәаҳҭо, ҳадгьыл аҟны аҭоурыхтә иашара аиҭашьақәыргыла амш аҽны, гәахәара дула иҳадаҳкылеит Москва иҟалаз ахҭыс – Донецктәи, Лугансктәи Жәлартә Республикақәа, Запорожиатәи, Херсонсктәи аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра аҵаҩра ахҭыс. 

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгара ахьӡала Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәеи   1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиаара агара Амш  29-шықәса ахыҵреи инарымаданы адныҳәаларатә шҟәқәеи ателеграммақәеи аауеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала Никарагуа Ахада Даниель Ортега, Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам  Минниханов, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла  Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳааражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада  Казбек Коков, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩы Андреи  Кудимов, Лугансктәи Жәлартә Республика Ахада Леонид Пасечник рҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәқәеи ателеграммақәеи ааиуеит.

«Цәыббрамза 30 рзы иазгәарҭо Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымныҳәеи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 29- шықәса ахыҵреи инарымаданы, ҳара Ареспублика Никарагуа ажәлари амилаҭтә акзаареи аинаалареи рнапхгареи, хаҭала сара сыхьӡалеи гәадурала Шәара шәызхагыло ажәлари атәыла анапхгареи ари аныҳәамш ду  инамаданы адныҳәалара шәыдышәкылар ҳҭахуп.

Ари агәалашәаратә, аҭоурыхтә рыцхә азы ҳара иазгәаҳҭоит аԥсуа жәлар иуадаҩӡаз аамҭа азы амилаҭ аиқәырхара, асуверенитети ахьыԥшымреи рыхьчара иазку иԥшьоу ақәԥараҿы иаадырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи агәаӷьреи. Ҳара ҩаԥхьа иҳарҵабыргуеит ҳажәларқәеи Ҳнапхгарақәеи еидызкыло аиашьаратә еимадара, аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа, аиҩызареи хра злоу аусеицуреи аринахысгьы рырӷәӷәара ҳшадгыло», - ҳәа иазгәаҭоуп Никарагуа Ахада иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы.

«Цәыббрмза 30, 1993 шықәса рзы афырхаҵара злоу Аԥсны жәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ашьаарҵәыратә қәԥара аҿы акыр иззыԥшыз аиааира агара рылшеит. Ари амш аԥсуа жәлар рфырхаҵареи рыгәаӷьреи рхачҳареи, аԥеиԥш бзиа агәазыҳәареи иасимволны иҟалеит.   

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.