
pressadmin-2
ЛАША АШӘБА: АРҴАҨЦӘА ҲТӘЫЛА АҾЫ ЕИҴАГЫЛО АБИԤАРА РААӠАРА АЗЫ ДААРА АКЫР ЗҴАЗКУА АМИССИА НАРЫГӠОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 5 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Жәларбжьаратәи арҵаҩы Имш инамаданы Аԥсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Арҵаҩы имш!
Иахьа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ауаҩра ду зцу арҵаҩы изанааҭ алызхыз зегьы. Адырра агәбылра аркра, аҵаҩцәа дасу рылшарақәа раарԥшра зылшо арҵаҩы ҷыдала илоу абаҩхатәра иабзоуроуп.
АԤСНЫ АПАРЛАМЕНТ АДЕЛЕГАЦИА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА ИҞОУ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА ИАҬААИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба напхгара зиҭо апарламенттә делегациа Москва аофициалтә визитла аҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит.
Лаша Ашшба аԥснытәи адипломатцәа ирзеиҭеиҳәеит Афедерациа Ахеилаки Аҳәынҭқарратә Думеи рыҟны имҩаԥысыз аиԥыларақәа ирымоу алҵшәақәа, иалыршоу аиқәшаҳаҭрақәеи апарламенттә еимадарақәа аԥхьаҟатәи рԥеиԥши ртәы. Урыстәылатәи афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы Аамҭалатәи агәрага Мадина Аҩӡба адепутатцәа ирзеиҭалҳәеит адипмиссиа аусура атәы, иазгәаҭан аԥхьаҟатәи аусеицура аплан.
ҚЫРҬТӘЫЛА АҼАЗНЫКГЬЫ МАП АЦӘНАКИТ АМЧ АХАМЫРХӘАРАЗ АШӘҞӘЫ АНАПАҴЫҨРА АЗҴААРА АГАНАХЬ АЛА АДИАЛОГ АМҨАԤГАРА.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаара 5, 2022 шықәсазы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА рхаҭарнакцәа, ЕЕи ЕАРи, ОБСЕи рыцхантәаҩлара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба зхадараҿы дыҟаз аԥснытәи аделегациа иалахәын: Аԥсны АШәМ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Заал Хәарцкьиа, Аԥсны ААР аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Мадина Шамԥҳа.
Акраамҭа ашьҭахь имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд ҩ-усутә гәыԥк рформат ала имҩаԥысуан: ашәарҭадареи агуманитартәи зҵаарақәа рзы.
Аԥснытәи аделегация аҽазныкгьы ишьҭнахит амч ахамырхәараз ашәҟәы анапаҵаҩра азҵаара. Қырҭтәылатәи аган аҽазныкгьы мап ацәнакит ари аганахь ала адиалог амҩаԥгара.
АИДГЫЛАРАТӘ ҲӘЫНҬҚАРРА ЕСЫМША АУС ЗУА АКОМИТЕТ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ ДМИТРИ МЕЗЕНЦЕВИ ИНАЛ АРӠЫНБЕИ РЕИԤЫЛАРА.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 5 рзы Аидгыларатә ҳәынҭқарра есымша ау зца Акомитет аҿы имҩаԥысит Аидгыларатә ҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Дмитри Мезенцеви Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит асаит https://www.postkomsg.com
БЕСЛАН ЕШБЕИ АВҬАНДИЛ СУРМАНИӠЕИ ГРОЗНЫИ АҚАЛАҚЬ АМШ АЗГӘАҬАРА РХЫ АЛАДЫРХӘУЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Грозныи ақалақь ахадара иҟарҵаз ааԥхьарала Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, уи ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманидзе Чечентәыла аҳҭны-қалақь 204 шықәса ахыҵра азгәаҭара рхы аладырхәуеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь аделегациа ашәҭқәа шьҭарҵеит Чечентәыла актәи ахада, Урыстәыла Афырхаҵа Ахмат-Хаджи Кадыров ибаҟа аҿаԥхьа.
БЕСЛАН ЭШБА: «АРҴАҨЫ – АРИ БАША ЗАНААҬӠАМ, АРИ ИРЕИӶЬУ АҞАЗШЬЕИ АҞЫБАҨИ ЗНЫԤШУА АЗҞАЗАЗААРОУП».
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аҟәатәи ашколқәа рырҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа-Арҵаҩы Имш рыдиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа! Ишәыдысныҳәалоуит шәзанааҭтә ныҳәа-Жәларбжьаратәи Арҵаҩы Имш! Арҵаҩы – ари баша занааҭӡам, ари иреиӷьу аҟазшьеи аҟыбаҩи зныԥшуа азҟазазаароуп! Арҵаҩы дарбанызаалак иԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа ароль наигӡоит.
АСЛАН БЖЬАНИА АРҴАҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Арҵаҩы имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит:
«Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Арҵаҩы имш!
Ари аныҳәа ҷыдала аԥхарра аҵоуп. Дыҟамзар ҟалап раԥхьатәи зырҵаҩы дызгәаламшәо, анаҩс, дасу иԥсҭазаара ашьақәгылараҿы зышьҭамҭа нзыжьыз, анырра бзиа азҭаз.
Арҵаҩы изанааҭ – баша занааҭӡам. Ари миссиоуп, апрофессионализм ду еиԥш, иреиӷьу аҟазшьатә ҷыдарақәа зҭаху.
Ахә ашьара уадаҩуп шәара есҽнытәи шәааԥсара, шәара еиҵашәааӡо ҳҿар ирышәҭо адыррақәа рыдагьы, урҭ рхаҭара ашьақәгылара, идунеихәаԥшра аҳәаақәҵара шәацхраауеит.
АСЛАН БЖЬАНИА РАМЗАН КАДЫРОВ ИИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Чечентәылатәи Ареспублика Ахада Р.А. Кадыров Иира амш идиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу Рамзан Аҳмаҭ-иҧа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш. Шәара иналукааша политикуп, шәпатриотизмра, иқәшәыргыло ахықәкқәа рынагӡараҟны хеигӡарак ҟамҵакәа ижәбо аџьабааи ирыбзоураны, Урыстәылатәи Афедерациа аҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы аҳаҭыр ду шәаԥсахеит. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Шәара шәнапхгарала Чечентәылатәи Ареспублика иамоу аихьӡарақәа гәахәарала ирыдыркылоит.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АРЕСПУБЛИКА АРҴАҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб аҵарадырра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа – Арҵаҩы Имш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларыҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
"Акыр иаԥсоу арҵаҩцәеи арҵара-ааӡара аветеранцәеи! Гәыкала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Арҵаҩы имш!
Иалшәхыз амҩа, зегь реиҳа иаамсҭашәоу, арҿиареи аҭакԥхықәреи зцу занааҭуп. Хаҭала арҵаҩ иоуп иназыгӡо ауадаҩра зцу, ихадоу аус – еиҵагыло аҿар рааӡареи аҵара дырҵареи.
15 – ҨЫК АРҴАҨЦӘА «АРЕСПУБЛИКА АԤСНЫ ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АРҴАҨЫ» ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ РЫХҴОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, «Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп 15 –ҩык арҵаҩцәа.
Аусԥҟа инақәыршәаны, арҵаҩратә усура аҿы рлагалеи, еиҵагыло аҿар рааӡареи аҵара дырҵареи рҿы рааԥсареи рзы «Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:
АШӘБА Мадона – Аҟәа ақалақь, Н. А. Лакоба ихьӡ зху Ашьхарыуаа рышкол №10 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;
АҨӠБА Римма Владимир-иԥҳа – Аацытәи абжьаратәи ашкол адиректор ааӡара-рҵаратә усура азы ихаҭыԥуаҩ;
БАРАҬЕЛИА Заира Нурне-иԥҳа - А. П. Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 аԥсуа бызшәа арҵаҩы;
ГАБЛИА Роза Фираҭ-иԥҳа – Г. А. Алшәындба ихьӡ зху Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол №1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;
ГӘЫНБА Шьулиа Шьыгә-иԥа – Дәрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол абиологиа азы ԥыхьатәи арҵаҩы;