
pressadmin-2
АПАРТИА "АИҬАИРА", ИАРА УБАС АГӘЫҲАЛАЛРАТӘ ФОНД «ИАҲГӘАЛАШӘОИТ» АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА АЗЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАРҴЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира, иара убас агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдырныҳәалеит.
«Аԥсны иреиӷьу аԥацәеи аԥҳацәеи, иара убас Нхыҵ Кавказ, Алада Урыстәылеи, егьырҭ уи арегионқәеи, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, уҳәа рҟынтәи иааз хатәгәаԥхарауаа рфырхаҵара агәалашәара, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа ҳаҭырқәҵарала рызныҟәара – хаҭала ҳареи, еиҵагыло аҿари рҿаԥхьа ҭакԥхықәраны иҳадуп. Ирзеиӷьаҳшьоит зегьы агәабзиара, ахирра, аизҳазыӷьара, ақәҿиара дуқәа. Ишәҭыкакаҷлааит ҳтәыла ссир. Шәадныҳәалаз аныҳәа ду!», – ҳәа иаҳәоит апартиа «Аиҭаира» иҟанаҵаз адныҳәалара атекст.
«Агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа инамаданы ирыдныҳәалоит. Ҷыдала адныҳәаларақәа рызкуп – Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла рашьцәа аԥсуаа ирыцхраарц хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа.
АХЬӠ-АԤША АПАРК АҾЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АҾЫ ИҬАХАЗ РМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА РЫШЬҬАҴАРА АЦЕРЕМОНИА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш 29 шықәса ахыҵуеит. Цәыббрамза 30 рзы Ареспублика аҿы Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәарҭоит.
Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥысит.
ЦӘЫББРАМЗА 30 – АԤСНЫ АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА АЗГӘАРҬОИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа. Ари амш аҽны аветеранцәа еизаны 29 - шықәса раԥхьа иҟаз ахҭысқәа ргәаладыршәоит, ирывыршьааз рҩызцәеи рашьцәеи рҳаҭгәынқәа ирҭаауеит.
Ашьыжь инаркны 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәаладыршәарц азы Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк ахь инеиуеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа.
Асааҭ 10:00 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аиааира Амш 29 - шықәса ахыҵра азгәаҭаразы Аԥсныҟа иааз аделегациақәа рхаҭарнакцәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҳаҭгәынқәа рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.
Асааҭ 11:00 рзы Ахьӡ-Аԥша апарк иаваршәны инагоу Аидгылара амҩаду ала атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыԥқәа шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥгахоит.
Асааҭ 12:10 рзы – Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан иҟоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥгахоит.
Асааҭ 13:20 рзы – Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан иҟоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥгахоит.
Асааҭ 15:00 рзы Аиааира Амш азгәаҭара иазкны амаланыҟәатә еиԥхныҩлара иалагоит. Амаршрут: Леон имҩаду №17 (Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра) инаркны А.Г.Арӡынба Имемориал (Алада Ешыра ақыҭа) аҟынӡа инеины шьҭахьҟа ихынҳәуеит.
Асааҭ 18:00 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥгахоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль аныҳәатә концерт.
Асааҭ 20:00 рзы С.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы аԥсуа естрада артистцәа злаху аныҳәатә концерт мҩаԥысуеит.
Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа еиуеиԥшым аныҳәатә гәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.
29 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсуа ар аибашьцәа аҳәаа иаԥну Егры ыӡиас аҟынӡа инаӡаны, уаҟа аԥсуа бираҟ ахадыргылеит.
413 мши-ҵхи ицоз ари ашьаарҵәыратә еибашьра Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа раиааирала ихыркәшахеит.
Ареспублика аҿы иҟамзар ҟалап ҭаацәаракгьы ари аныҳәа гәырӷьара дула иахьазгәарымҭо. Ари амш аамҭак ала агәырӷьареи алаӷырӡи зцу ныҳәа дууп. Уи 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра ахырәшара амш ҳәа Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит.
АСЛАН БЖЬАНИА: «ИАХЬА ДАҼА ААМҬАНЫК ЕИԤШЫМКӘА ИАҬАХУП АИДГЫЛАРА, АЖӘҨАХЫР ЕИБЫҬАРА АԤСНЫ АИЗҲАЗЫӶЬАРА АХЬӠАЛА ҲАЗЕГЬЫ ҲАИДГЫЛАРАЛА ХЫҚӘКЫ ХАДАС ИҲАМОУ – ҲАЖӘЛАР АԤЕИԤШ, АНАСЫԤ РЫМАНЫ ИҾИО АҞАҴАРА ҲАЛШОИТ.
Аҟәа . Цәыббрамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 29 шықәса ахыҵит. Ари амш аҽны Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ауаажәлар зегьы, раԥхьаӡа иргыланы аветеранцәа ари аныҳәамш рыдиныҳәалеит.
«Ари аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҿыц игыло абиԥарақәа рԥеиԥш лаша ахьӡала игылаз, уи зхы ақәызҵаз, фырхаҵарала иҭахаз зегьы. Урҭ рыхьӡ кашәара ақәым! Ахааназы ргәалашәара лаша ҳацзаауеит Аԥсны аизҳазыӷьаразы зхы иамеигӡаз зегьы хаҭа-хаҭала», - ҳәа иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада аԥсуа жәлар рахт иҟаиҵаз адныҳәалара атекст аҿы.
Аслан Бжьаниа иуаажәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи ахирреи рзеиӷьаишьеит.
*** АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АИААИРЕИ АХЬЫԤШЫМРЕИ РЫМШНЫҲӘА ИНАМАДАНЫ ИҞАИҴАЗ АДНЫҲӘАЛАРА
Ҳаҭыр зқәу ҳауажәлар! Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Акыр иаԥсоу аҩызцәа!
Ишәыдысныҳәалоит милаҭрацәала еилоу ҳажәлар зегьы рзы аныҳәақәа ирныҳәоу – Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш!
413 ҵхи-мши еихсыӷьрада ицон Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра. Ари аибашьра иаҳцәалаӡит иреиӷьыз ҳҵеицәа, арԥарцәа, аҭыԥҳацәа. Еиҭаҳәашьа амам Аԥсны ахьчаҩцәа иаадырԥшыз афырхаҵара.
Ҳфырхацәа, ҳаибашьцәа ирыбзоураны Аԥсны ақәӡаара иацәыхьчан, еиқәырхан.
Аԥсуа жәлар ирывагылан жәҩахыреибыҭарала егьырҭ ажәларқәа рхаҭарнакцәагьы, Аԥсадгьыл ахьчаразы игылеит ҳџьынџьуаа – амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа.
Хаз ҷыдала иалыскаар сҭахуп Нхыҵ Кавказ аҟнытә иаҳзааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа. Аԥсуаа ахаан ирхашҭраны иҟаӡам ҳашьцәа адыгақәа, ачерқьесцәа, абазақәа, ауаԥсаа, аҟабардақәа, аингәышцәа, ачеченцәа, даӷьысҭанаа, уҳәа егьырҭ ажәларқәа рхаҭарнакцәа рфырхаҵара.
Ахә ашьара уадаҩуп ақырҭуа фашизм аҿагылараҟны, аиааира аагараҿы шәара шәгәымшәара, шәыгәаӷьра.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ОЧАМЧЫРА АРАИОН МЫҚӘ АҚЫҬАН ЖӘЛАР РНЫҲӘАТӘ УСМҨАҦГАТӘ ДАҬААИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Мықә ақыҭан жәлар рныҳәатә усмҩаԥгатә даҭааит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира амшныҳәа аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жәлар рныҳәеи аҽырҩрақәеи ахьымҩаԥысуаз. Мықә ашҭа даҭааит.
Аҳәынҭқарра Ахада ицын Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы - Лаша Ашәба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.
ИРЕИҲАӠОУ АМИЛИЦИА АШКОЛ АКУРСАНТЦӘА «АФЫРХАЦӘА РЫМҨАЛА» ИАНЫСИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Иреиҳаӡоу амилициа ашкол арҵаҩцәеи акурсантцәеи, ааӡаратә усура Аусбарҭеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи ауаажәларратә еимадареи рыҟәшеи аусзуҩцәа, Каман ақыҭантәи Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра ашҭанӡа апатриоттә акциа «Афырхацәа рымҩала» ианысит.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи Еибашьра аан имҩаԥысуаз аибашьратә хҭысқәа раарԥшра, аҿар Аԥсуа ар аибашьцәа ахьеибашьуаз, иахьҭахоз аҭыԥқәа дырбара, дара анаҩс раамышьҭахь еиҵагыло абиԥара ирызнаргарц, Аиааира агара иахҭну атәы рырдырра ауп акциа ахықәкы хаданы иҟаз.
Ари акциа ала заԥхьаҟа иафицарцәаны иҟалараны иҟоу арԥарцәа хамеигӡарала зыԥсадгьыл зыхьчоз, уи ахақәиҭра зхы ақәызҵаз рахь ирымоу аҳаҭырқәҵара аадырԥшит.
Акциа алахәылацәа Иашҭхәа ақыҭаҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит. Араҟа аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра азы иҭахаз аибашьцәеи атанкистцәеи рбаҟа шьақәыргылоуп.
Амҩан Иреиҳаӡоу амилициа ашкол акурсантцәа шьапыла имҩасит, аӡы ирит.
Афырхацәа рымҩала акциа иалахәыз рыиасра хыркәшахеит Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра Ашҭаҿы. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба акурсантцәа дрыдныҳәалеит.
АӠБАРАТӘ ЕКСПЕРТИЗАҚӘА РЗЫ АРЕСПУБЛИКАТӘ АНАУКАҬҴААРАТӘ ИНСТИТУТ Ф-ҨЫК АУСЗУҨЦӘА ИХЬЫԤШЫМКӘА АӠБАРАТӘ ЕКСПЕРТИЗАҚӘА РЫМҨАԤГАРА АЗЫ АЗИН РОУИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа Аминистрра аҟны иҟоу аӡбаратә експертизақәа рзы Ареспубликатә наука-ҭҵааратә Институт аҿы аексперт-квалификациатә комиссиа аԥҵоуп.
Аиустициа аминистр Анри Барцыц аексперт-квалификациатә комиссиа аилатәара ихы алаирхәит. Араҟа имҩаԥысит ихьыԥшымкәа аӡбаратә експертиза амҩаԥгара азы азин аиура азы аҳәынҭқарратә ӡбаратә експертцәа раттестациа мҩаԥысит.
АԤСНЫ ЖӘЛАР РКОНГРЕСС АНАГӠАРАТӘ КОМИТЕТ АԤСНЫ АУС ЗУА АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҾКААРАҚӘЕИ АПОЛИТИКАТӘ ПАРТИАҚӘЕИ ЗЕГЬЫ РАХЬ ААԤХЬАРА ҞАНАҴЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз Аԥсны жәлар Рконгресс аилатәара аҿы Аԥсны иҟоу ауаажәларратә еиҿкаарақәеи аполитикатә партиақәеи зегьы рахь ааԥхьара рыдыркылеит. Уи атекст иаҳәоит:
«Аԥсны жәлар Рконгрес (АЖәР) ҳтәыла аҩныҵҟа имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа рзы агәҭынчымра аанарԥшуеит.
Ҳара Аԥсны ажәлар иалырхыз аҿиара амҩа, уи адемократиатә хәдуқәа иахьадгыло ҳаҭыр ақәаҳҵоит, еилаҳкаауеит уи адемократиатә мчра ашьақәгылара азы ишхымԥадатәиу ауаажәларратә еиқәшаҳаҭра.
Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аԥышәа излаҳнарбо ала, агәаанагарақәа рыхкырацәара ҳауаажәларра рыла есымша хьаҳә-хьачарада инагӡахон. Атәылауааи аполитикатә мчрақәеи ихьыԥшымкәа, ԥымкрада ахатәы гәаанагара аарԥшра азы ирымоу азин нанагӡон.
Ҳара ҳастратегиатә партниор, ҳшәарҭадара жәларбжьаратәи агарантс иҳамоу –Урыстәылатәи Афедерациа Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи иқәынхо аҭынч уааԥсыра рыхьчара иазкны жәабранмза 24, 2022 шықәса рзы иалагеит, иахьа уажәраанӡагы имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда. Цәыббрамза 21, 2022 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин Урыстәыла Арбџьармчқәа рыҟны ихарҭәаам амобилизациа рылеиҳәеит.
АԤСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АҞНЫ АТӘЫЛА АҨНЫҴҞА ИШЬАҚӘГЫЛАЗ АЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬЕИ АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АМЕДИЦИНАТӘ УСБАРҬАҚӘА РУСУРЕИ ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҟәа ақалақь амедицинатә усбарҭақәа рҳақьым хадацәа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит атәыла аҩныҵҟа ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи иара убас аҳҭнықалақь аҿы ирласу амедицинатә цхыраара аусуреи, Ареспубликатә ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи Аҟәа ақалақь аинфекциатә хәышәтәырҭеи русура иадҳхәалоу азҵаарақәа жәпакы.
Аҳақьымцәа иазгәарҭеит иааизакны акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара аиҵахара ишалагаз, COVID-19 злаҽыз ачымазаҩцәа, ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада ахь рнагара иадҳәалоу аусура шымҩаԥысуа иалацәажәеит, амедицинатә персонал разымхара шыҟоу азгәарҭеит, иара убас ахәышәтәырҭақәа инацҵаны аиқәыршәагақәеи ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәеи рыла аиқәыршәара азҵаарагьы иалацәажәеит.
АСЛАН БЖЬАНИА: «ҲАРА АРЕСПУБЛИКА БЕЛОРУС АХАДА ИААРА АГӘЫӶРА ДУҚӘА АДАҲҲӘАЛОИТ».
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ареспублика Беларус Ахадеи иареи реиԥыларазы ахҳәаа ҟаиҵеит.
Ихыркәшоуп Пицунда аҳәынҭқарратә дачаҟны имҩаԥысуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Беларус Ахада Александр Лукашенкои реиԥылара.
«Ареспублика Беларус Ахада Александр Лукашенко Ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқаррахь раԥхьатәи иаароуп. Ари авизит акыр агәыӷрақәа адаҳҳәалоит. Агәра згоит ари аиԥылара иабзоураны ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа иццакны аҿиара ишалаго. Ҳара ҳрылацәажәеит аекономикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа жәпакы. Сгәы иаанагоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Беларус Ареспубликеи иахьа ишьақәгыло реизыҟазаашьақәа аҿиара бзиа роуеит ҳәа", - иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.