АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Мшаҧы.2023

АСЛАН БЖЬАНИА: ЛЫХНАШҬА ИҞАЛАЗ АЦӘГЬОУРА ЗХАРОУ ХЫМԤАДА АҚӘНАГА ИАҚӘЫРШӘАЗАРОУП.

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лыхны ақыҭаҟны макьаназы ишьақәыргылам ахаҿқәа ахәымгара ахьыҟарҵаз аҭыԥ даҭааит. Мшаԥымза 5 рзы ацәгьоуцәа аҭоурыхтә ҵакы змоу аҭыԥаҟны игылоу шәышықәсеи бжаки зхыҵуа аҭәаҵла ԥырҟеит. Лыхнашҭа иаҵанакуа ари аҵла Аԥсны аҭоурых-культуратә, аԥсабаратә ҭынха иасимволны иҟоуп.

Аҳәынҭқарра Ахада ицны ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба. атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба,  Аҳәынҭқарра азинхьчаратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Апрокурор хада Адгәыр Агрба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, араионтә милициа аиҳабы Зосма Гыцба.  Азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит ари ацәгьоура ҟазҵаз ахаҿқәа рышьақәыргыларазы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа рзы. Аҳәынҭқарра Ахада ари ацәгьоура хымԥада иаарттәуп ҳәа азиҳәеит.

Аекологиазы Аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы Савели Ҷыҭанааи Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбари Ахада иарҳәеит аҵла аиқәырхаразы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ртәы.

Аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар иажәақәа рыла, аҵла аҩныҵҟа гәаҩоуп, агәы ҭацәуп.  Аҵла ацәа мацара ауп изку, уи акәын ари аҵиаа ахь аӡы назгоз, уажәы иаргьы ԥырҟеит.

Аҵла ашьапы арӷәӷәара азы уи аҩныҵҟа абетон ҭарҭәоит.

«Зегьы ирдыруеит ари аҭыԥ – Лыхнашҭа иаҵоу аҵакы атәы. Иҟалаз ацәгьоура хьанҭа атеррористтә акт иадукалар ҟалоит, ари провакациоуп. Амчратә структурақәа зегьы рхаҭарнакцәа иахьа араҟа иҟоуп, урҭ аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҟны иҟаҵоу ахәымгара аилыргареи уи зхы алазырхәыз аилкаареи рзы анапынҵақәа рыҭоуп. Ҳара ари ахҭыс бааԥс азы ажәабжь иаха ахәылбыҽха иҳаҳаит. Уажәы иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳаҿуп ари аҵла аиқәырхара азы. Ацәгьоура зуз хымԥада ақәнага иақәыршәазароуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.


Read 340 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.