АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Мшаҧы.2023

АСЛАН БЖЬАНИА ВАЛЕНТИН МАТВИЕНКО ЛИРА АМШ ЛЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Валентина Матвиенко Лира Амш лыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа!

Ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш! Шәара шәдыррақәа, шәыпрофессионализм, ауаажәларра-политикатә, анапхгаратә усураҟны ишәымоу аԥышәа ду, гәацԥыҳәарала имҩаԥыжәго шәыԥсҭазааратә позициеи ирыбзоураны Урыстәылатәи Афедерациа аҿы еиԥш уи анҭыҵгьы  шәеицырдыруа, ахьӡ-аԥшеи шәыманы шәҟалеит.

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи русеицура арҿиараҟны хаҭалатәи шәлагаламҭа.

Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа! Ари амш азы гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭакзыԥхықә маҵура аҿы аихьӡара дуқәеи ахҭыс бзиақәа шәыԥсҭазаараҟны»!».

 

 


Read 724 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.