АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Мшаҧы.2023

АШӘБА ЛАША АЛАН АЛБОРОВ АЛАДА УАԤСТӘЫЛА АРЕСПУБЛИКА АКОНСТИТУЦИА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Алада Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент Аиҳабы Алан Алборов Аконституциа  амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Алан Иури-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Алада Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент адепутатцәагьы Шәаргьы ишәыдысныҳәалоит Алада Уаԥстәыла Ареспублика Аконституциа амш.

Аконституциа амш – иарбанзаалак атәыла ауааԥсыра рзы ныҳәа дууп. Уи иадҳәалоуп ахьыԥшымра, ахақәиҭра, адемократиа, азинӡбара, аҭынчра, ашәарҭадара азҵаарақәа.

Жәларызегьтәи ареферендум аҟны Аконституциа адкылара ихьыԥшым Алада Уаԥстәыла Ареспублика аҭоурых аҟны акрызҵазкуа аамҭоуп, уи аҳәынҭқарра аҿиара ашьаҭа арӷәӷәеит. Ҳара агәра ҳгоит, аԥхьаҟагьы ареспублика аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рынагӡара уасхырс ишаиуа.

Иазгәаҳҭар ҳҭахуп ҳпарламентқәа рроль Аԥсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаԥстәыла Ареспубликеи итрадициатәу, аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәараҟны, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҟны ихадоу ахырхарҭақәа рыла аԥхьаҟатәи аусеицураҟны.

Ҳаҭыр зқәу Алан Иури-иԥа! Шәаргьы ишәыдгыланы аус шәыцызуа шәколлегацәагьы ишәзеиӷьаҳшьоит аихьӡарақәа азакәанрҿиаратә усураҟны, Алада Уаԥстәыла Ареспублика атәылауаа зегьы – аҭынчра, аизҳазыӷьара!».

 

 


Read 555 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.