Адиктант зыҩуаз рхыԥхьаӡараҿы иҟан ашколқәа, аҵараиурҭақәа, аҳақьымцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, Аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа, иара убас урҭ рҭаацәа.
Гәдоуҭа ақалақь аҿы адиктант рыҩуан 34-ҩык, Гагра ақалақь аҿы – 43-ҩык.
Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра ақалақьқәа рҿы имҩаԥган аурыс бызшәа азы азеиԥштә диктант, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра.
Аҟәа ақалақь аҿы адиктант мҩаԥысуан абжьаратәи ашкол №2 аҿы. Адиктант аамҭакала ирыҩуан 70-ҩык. Атекст даԥхьон акультура ԥыхьатәи аминистр, ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа.